Аҧсны Афырԥҳәыс Ҭамара Шьаҟрыл дҭахеижьҭеи жәашықәса ҵит

© Foto / предоставила семья Шакрыл Ҭамара Платон-иԥҳа Шьаҟрыл.
Ҭамара Платон-иԥҳа Шьаҟрыл. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҧсны Афырԥҳәыс Ҭамара Шьаҟрыл дҭахеижьҭеи жәа-шықәса аҵра иазкны Аҧсуаҭҵааратә институт аҟны аизара мҩаҧысит.

АҞӘА, абҵ 13 – Sputnik.  Аҧсны Афырԥҳәыс, Ахьӡ-аҧша аорден аҩбатәи аҩаӡара занашьоу, амилаҭтә-хақәиҭратә қәҧара зыҧсҭазаара азызкыз Ҭамара Шьаҟрыл дҭахеижьҭеи жәа-шықәса аҵра иазкны Аҧсуаҭҵааратә институт аҟны аизара мҩаҧысит.

"Ҭамара Платон-иҧҳа Шьаҟрыл дызнысыз афырхаҵаратә мҩа ҳажәлар ахақәиҭразы шәышықәсала рықәҧареи иахьатәи ҳусқәеи уаҵәтәи ҳҧеиҧши акырӡа еизааигәазтәуаз мҩоуп", — иҳәеит Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба.

Аҵарауаа гәыҧҩык ажәалагалақәа ҟарҵеит Ҭамара Шьаҟрыл лыхьӡ амырӡразы. Убас, ажәалагалақәа ҟаҵан, уи лыхьӡала аконференциа аҧшьгареи апремиа аҧҵареи, насгьы, Ҭамара Шьаҟрыл лҭахара амш "Жәлар ракзаара" иамшны аҟаҵареи рзы.

Ҭамара Платон-иҧҳа Шьаҟрыл дҭахеит абҵара 12, 2004 шықәсазы, Аҧсны Ахада иалхра иахылҿиааз аилаҩеиласра аамҭазы.

Ҭамара Шьаҟрыл лыҧсҭазаара зегьы лыҧсадгьыл аизҳазыӷьара, аҧсуа жәлар ринтересқәа рыхьчара иазкын. Далахәын Аҧсны амилаҭтә-хақәиҭратә қәҧара, Аҧсны аҳәынҭқарра ашьақәыргылара.

Ажәабжьқәа зегьы
0