"Амцахара" аизара мҩаԥнагеит

Апартиа "Амцахара" аизара
Апартиа Амцахара аизара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амитинг амҩаԥгара азкын Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара Аиқәшаҳаҭра ҿыц аҵаҩҩра ақәыӡбра.

АҞӘА, абҵ 24 – Sputnik. Аполитикатә партиа "Амцахара" имҩаԥнагаз амитинг иалҵшәахеит ирыдыркылаз арезолиуциа. Аизара иалахәын 400 инарзынаԥшуа ауаа.

Амитинг амҩаԥгара азкын Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара Аиқәшаҳаҭра ҿыц аҵаҩҩра. Уи аҵаҩҩра азгәаҭоуп иахьа Владимир Путини Рауль Ҳаџьымбеи реиқәшәара аан.

Арезолиуциа ааԥхьара ҟанаҵоит Аԥсны ахадара рықәыӡбра Аиқәшаҳаҭра ҿыц аҵыхәала.

Апртиа алахәылацәа агәынамӡара аадырԥшит Рауль Ҳаџьымбеи Аминистрцәа Реилазаареи рганахь ала. Урҭ ргәаанагарала, Аиқәшаҳаҭра Аԥсны ахьыԥшымра иаԥырхагоуп.

"Амцахара" ажәалагала ҟанаҵеит Аиқәшаҳаҭра ахәҭаҷқәа аус рыдулараҿы аоппазициа  алахәхарц азы. Мап анакәха, "Амцахара" азин ахахьы иагоит ажәлар рахь ааԥхьара аҟаҵара Аҳәынҭқарра ахадара рыгәрахаҵаразы.

Ажәабжьқәа зегьы
0