Қырҭтәыла агәы иҭоуп Аԥсни Урыстәылеи реиқәшаҳаҭра Женева алацәажәара

CC0 / / Амилаҭқәа рхан. Женева.
Амилаҭқәа рхан. Женева. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Қырҭтәыла аган ргәы иҭоуп Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҿы Аԥсни Урыстәылеи реиқәшаҳаҭра азҵаара ашьҭхра.

АҞӘА, абҵ 25 —  Sputnik. Қырҭтәыла ахадара агәы иҭоуп ԥхынҷкәын 9-10 рзы имҩаԥгахо Женеватәи аиҿцәажәрақәа раан Урыстәылеи Аԥсни реиқәшаҳаҭра ҿыц азҵаара ашьҭыхра. Абри атәы ааицҳауеит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Гарибашвили.

Аԥсни Урыстәылеи рхадацәа ашәахьа рнапы аҵарыҩҩит Аиқәшаҳаҭра ҿыц. Ари адокумент иазԥхьагәанаҭоит ашәарҭадараз иаку армчқәа ргәыԥ аԥҵара.

Иара убас, Аиқәшаҳаҭра алшара ҟанаҵоит Аԥсны асоциалтә ҭагылазаашьа акыр аиӷьтәра, аусуаҩцәа руалафахәы ацҵара.

"Қырҭтәыла иалшо зегь ҟанаҵоит Урыстәыла иҟанаҵаз ашьаҿа адунеи ауаажәларра рызнагаразы", — иҳәеит Гарибашвили.

Уи ишьақәирӷәӷәеит Қырҭтәыла агәҭакқәа ишрыцәхьамҵуа Европа алаҵәареи НАТО алалареи рзы.

Женеватәи аиҿцәажәарақәа мҩаԥысуеит Жьҭаара 2008 шықәса инаркны, нанҳәамзатәи аибашьра алҵшәақәа рышьҭахь иҟаҵаз аиқәшаҳаҭрақәа инарықәыршәаны.

Женеватәи аиҿцәажәарақәа ирылахәуп Аԥсны, Урыстәыла, Аахыҵ-Уаԥстәыла, Қырҭтәыла, Еиду Америка аштатқәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0