Аԥсны аказакцәа Реидгыла ДЖӘРи ЛЖӘРи рыцхраара иацнаҵоит

© Sputnik / Максим Блинов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАԥсны аказакцәа Реидгыла ДЖӘРи ЛЖӘРи рыцхыраара иацнаҵоит
Аԥсны аказакцәа Реидгыла ДЖӘРи ЛЖӘРи рыцхыраара иацнаҵоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аказакцәа Реидгыла Донецки Лугански Жәлар республикақәа рыцхраара иацнаҵоит.

АҞӘА, абҵ 29 – Sputnik. Аԥсны аказакҵәа Реидгыла  Донецки Лугански Жәлар республикақәа агуманитартә цхыраара рыҭара иацырҵоит. Абри атәы ааицҳаит аказакцәа Реидгыла атаман Вадим Мироненко.

"Донецки Лугански Жәлар республикақәа рыцхраара иалаган рашәарамзазы. Ауаа ирылшо ала ацхыраара ааргоит. Аиҳарак иааргоит афатә, амаҭәа", — иҳәеит Мироненко.

Атаман иазгәеиҭеит, агуманитартә цхыраара ҟазҵо рхыԥхьаӡара шырацәоу, иагьиҳәеит русура шаанырымкыло Донецки Лугански аҭагылазаашьа еиӷьхаанӡа.

Вадим Мироненко иҳәеит, агуманитартә цхыраара аҵакы шеиҳахаз Донецки Лугански азы Киев иҟанаҵаз аекономикатә блокада  ашьҭахь.

Аԥсны аказакҵәа Реидгыла  ааигәатәи агәҭакқәа ируакуп ԥхынҷкәын аказы Донецктәи ареспубликаҟа ахәыҷқәа рзы ацитрустә шәырқәа ргара.

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0