Аусҭҵааратә комитет еиҿкаахоит Аҧсны

© Sputnik Томас ТхайцукАусҭҵааратә комитет еиҿкаахоит Аҧсны
Аусҭҵааратә комитет еиҿкаахоит Аҧсны - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аусҭҵааратә комитет еиҿкаахоит Аҧсны Апрокуратура хадаҿы.

АҞӘА, ԥхҷ 6 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аусҭҵааратә комитет аиҿкааразы азакәан апроект хара имгакәа атәыла апарламент ахь инашьҭхоит, иҳәеит Аҧсны апрокурор хада Алексеи Ломиа.

Апрокурор хада иазгәеиҭеит, иҟало аиҭакрақәа шырныҧшуа аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистаррагьы: аминистрра ахы иақәиҭтәхоит аусҭҵааратә усмҩаҧгатәқәа рынагӡара аҟынтәи, хырҩа рынаҭалоит ацәгьоурақәа раарҧшреи урҭ зуа раанкылареи.

"Ихадоу принципс иҟоу, аусҭҵааратә комитет аиҿкаара иалнаршалаӡом аусҭҵааратә усмҩаҧгатәқәа рымҩаҧгараан даҽа ганкахьала анырра аҟалара", — иҳәеит Ломиа.

Алексеи Ломиа иажәақәа рыла, аструктура ҿыц иалалоит атәыла амчратә усҭбарҭақәа зегь рҟынтәи аусуаҩцәа. Урҭ ралхра мҩаҧгахоит еиҿкаахо аконкурс инақәыршәаны.

Апрокурор хада иҳәеит, еиҿкаахо аусбарҭа раҧхьатәи алҵшәақәа шубарҭахо 2015-тәи ашықәс иҭагӡаны

Ажәабжьқәа зегьы
0