Уфатәи аԥсшьаҩы лҭахара иазку аҭҵааратә усқәа хыркәшоуп

© Sputnik / Виталий Белоусов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУфатәи аԥсшьаҩы лҭахара иазку аҭҵааратә усқәа хыркәшоуп
Уфатәи аԥсшьаҩы лҭахара иазку аҭҵааратә усқәа хыркәшоуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уфатәи аԥсшьаҩы Лилиа Исламова лҭахара иазку аҭҵааратә усқәа хыркәшоуп.

АҞӘА, ԥхҷ 8 – Sputnik. Уфатәи аԥсшьаҩы Лилиа Исламова лҭахара иазку аҭҵааратә усқәа хыркәшоуп. Исламова машәырла лҭархаразы ашьауӷатә ус дақәыршәоуп Адгур Аҩӡба. Абри атәы аанацҳауеит апрокуратура хада апресс-маҵзура.

Аусҭҵаара ишьақәнаргылеит, ԥхынгәымза 28, 2014 шықәсазы Аҩӡбеи Исламовеи агидроцикл иақәтәаны амшын ишхылаз. Агидроцикл ииашамкәа арныҟәцара иахҟьаны уи ааҳәит. Исламова аӡсышьа лыздыруамызт, аиқәырхагатә маҭәахәқәагьы лымамызт аҟынтә аӡы дагеит – аҳәоит апрокуратура хада иҟанаҵаз алаҳәара.

Ари аус ала апрокуратура хада ашьауӷатә ус Гагратәи аусӡбарҭахь инанашьҭит. Адгур Аҩӡба дҭаркуеит.

Адгур Аҩӡба раԥхьа хықәкыла ауаҩшьразы ахара идҵан.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0