Рауль Лолуа: амҩатә ԥҟарақәа еилазго рзы аҭакԥхықәра рӷәӷәатәуп

© Sputnik Томас ТхайцукРауль Лолуа: амҩатә ԥҟарақәа еилазго рзы аҭакԥхықәра рӷәӷәатәуп
Рауль Лолуа: амҩатә ԥҟарақәа еилазго рзы аҭакԥхықәра рӷәӷәатәуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Рауль Лолуа игәаанагарала амҩатә ԥҟарақәа еилазго рахьырхәразы аҭакԥхықәра рӷәӷәатәуп.

АҞӘА, ԥхҷ 9 – Sputnik. Амҩатә ԥҟарақәа еилазго рахьырхәра алҵшәа бзиақәа аанарԥшырц азы иаҭахуп иҟоу азакәан арӷәӷәара. Абри ажәалагала аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Рауль Лолуа иҟаиҵеит Жәлар Реизара адепутатцәа рҿаԥхьа дықәгыло.

Рауль Лолуеи Жәлар Реизара адепутатцәеи реиқәшәара зыхҟьаз иацтәи амҩатә машәыр  ауп, уаҟа ԥшьҩык ауааԥсыра ҭахеит.

"Аибашьра салахәын, арыцҳарақәа збахьеит, аха иаха избаз амҩатә машәыр даара анырра хьанҭа снаҭеит", — иҳәеит Рауль Лолуа. 

Ажәабжьқәа зегьы
0