Аԥснытәи анцәахаҵаҩцәа Вифлиемҟа инеиит

© Sputnik Роберт джопуаАԥснытәи анцәахаҵаҩцәа Вифлиемҟа инеиит
Аԥснытәи анцәахаҵаҩцәа Вифлиемҟа инеиит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснынтәи Анцәа дхазҵо ргәыԥ Амшаԥ аламҭалазы Иерусалимҟа ицеит.

ИЕРУСАЛИМ, мшаԥымза 13 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Ахаша, мшаԥымза 12 рзы Аԥснытәи анцәахаҵаҩцәа Вифлием иҟоу Иаса Қьырса иира Ауахәама иаҭааит.

Аб Свиатослав иажәақәа рыла ауахәамаҟны дара рхы аладырхәит Ахаша ду аан имҩаԥгаз Анцәа иашьапкра.

"Ҳара Иаҳхылаԥшу дахьиз аҭыԥ ҳаҭааит. Уантәи ҳцеит Ахьчацәа рдәахьы. Уаҟоуп амаалықьцәа Анцәа иԥа дышиз ахьчацәа иахьрарҳәаз", — иҳәоит аб Свиатослав.

Амш аҩбатәи ахәҭаҟны дара неиит Ирԥшьаз Савва иуахәамахь. Иара Иԥшьоу адгьыл аҟны асакаратә берра дахыҵхырҭоуп ҳәа дыԥхьаӡоуп.

Ахәылԥаз Аԥснытәи аԥшьаныҟәаҩцәа Хеврон, Мамвариитәи аџь ахьгылоу иҟан. Мшаԥымза 11 рзы зықьҩыла анцәахаҵаҩцәа ирыцны аԥснытәи агәыԥ алахәылацәа аӡиас Иордан рыҽӡааршьит. Ашәахьа, мшаԥымза 10 рзы аԥснытәи аԥшьаныҟәаҩцәа идикылеит Иерусалим апатриарх Феофилом III. Дара Апатриарх ҳамҭас ирҭеит Афон Ҿыц иҟоу ахацәа рберҭыԥ асахьа.

Иерусалимтәи апатриарх Феофил III ҳамҭан ирҭеит Афон ҿыц иҟоу ахацәа рберҭыԥ асахьа - Sputnik Аҧсны
Иерусалимтәи апатриарх: Аԥсныи ауаажәлари рзы Анцәа сиашьапкуеит

Иара иҳәеит Аԥсни, ажәлари, анапхгареи рзы Анцәа иашьапкра шымҩаԥиго. Аԥснытәи аныҟәаҩцәа иара убасгьы иаҭан аиланхарҭа ҭыԥ Кфар-Кама (Израиль аҩадатәи аокруг). Уа дара неиит иахьатәи аамҭазы Израиль инхо ачерқьесцәа рабацәа рҟәыхқәа ахьыҵәаху амузеи ахь. Амҽыша, мшаԥымза 9 рзы Симон Кананит иԥсадгьыл Галилеитәи Канн иҟан. Аброуп раԥхьаӡа акәны, Симон Каннанит ичараҟны иаҳхылаԥшхәу анашана ахьыҟаиҵаз – аӡы аҩы ахьалихыз.

Аԥснытәи аԥшьаныҟәаҩцәа ражәақәа рыла ари адгьыл аҟны аҟазаара насыԥуп.

Асабша, мшаԥымза 8 рзы, Иаса Қьырса Лазар иԥсы анҭеиҵаз амш аҽны аԥснытәи аныҟәаҩцәа рхы рыладырхәит аџьар ныҟәарақәа ҩба: Вифаниҟаи, Виффаги инаркны Иерусалимынӡеи имҩаԥгаз. Лазар исабша "Амшаԥ маҷ" ҳәагьы иашьҭоуп.

Мшаԥымза 7 рзы, Ажәабжь бзиа амш аҽны, аԥснытәи аԥшьаныҟәаҩцәа аҭааит иаҳхылаԥшу иншьан Ауахәама.

Дара Аԥснынтәи Иерусалимҟа амҩа ианықәлоз Аҟәатәи акафедралтә уахәамаҟны Анцәа иашьапкра, имҵаныҳәара мҩаԥыргеит. Дара ирыгәҭакуп Амшаԥ аламҭалаз Аԥсныҟа Амца ԥшьа аҟәырҷаха аагара.

Иерусалимҟа аныҟәара мҩаԥысуеит Аԥшьа Симон Кананити Аԥшьа Евстафи Аԥсилтәии рыхьӡ зху афонд аԥшьгарала. Аныҟәара афинанстә дгылара арҭеит Беслан Ешба, Иури Аланиа, Михаил Чалмаз, Аҟәа ақалақь Ахадара.

Ажәабжьқәа зегьы
0