Аԥснытәи акоманда дадгылоит Камерунтәи Асан Бен

© Sputnik, Алхас Манаргия Аԥснытәи акоманда дадгылоит Камерунтәи Асан Бен
Аԥснытәи акоманда дадгылоит Камерунтәи Асан Бен - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
ConIFA Европатәи ачемпионат аҟны Аԥсны акоманда злахәу ахәмарра мҩаԥысраны иҟоуп рашәарамза 9 рзы.

АҞӘА, рашәарамза 8 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Камерунтәи ашьапылампыл абзиабаҩ Асан Бен Sputnik иазеиҭеиҳәеит Европа ачемпионат аҟны Аԥснытәи акоманда дшадгыло.

"Иахьа ауаа реиҳараҩык атәыла дуқәа бзиа ирбоит. Сара сакәзар, исҭахуп Аԥсны адгылара асҭар, еиуеиԥшым аҳәынҭқаррақәа иара азхаҵара иазхьасырԥшырц", — иҳәеит иара.

Иара иажәақәа рыла Аԥсны аӡбахә маҷымкәа иаҳахьеит, ареспублика иазкны имаҷымкәа акинофильмқәа дрыхәаԥшхьеит.

"Сара ирацәаны Аԥсны иазкны афильмқәа срыхәаԥшхьеит. Шәтәыла асеиԥш иҟоу ауснагӡатәқәа ԥхьаҟагьы ирылахәхалар, шәазхаҵарагьы еиҳа имариахоит. Аԥсны аӡӷабцәа акыр иԥшӡоуп рҳәоит. Сгәаҳәарақәа иреиуоуп уахь анеира", — иҳәоит иара.

Ашьапылампыл азы ConIFA аверсиала ачемпионат иалагеит рашәарамза 4 рзы, ихыркәшахоит рашәарамза 10 рзы финалтә хәмаррала. Аԥсны еизгоу акоманда аҵәҭаԥсарала агәыԥ "А" аҟны ихәмаруеит. Аԥснытәи акоманда ачемпионат аԥшәмацәа, Аҩадатәи Кипр ахәмарцәа ирыцықәгылоит.

Абри агәыԥ ахь иақәшәеит Аахыҵ Уаԥстәылеи Карпаталиеи ркомандақәагьы. Атурнир иалахәуп аа-командак. Агәыԥ "В" ахь иаҵанакит: Паданиа, Секеитәи атәылаҿацә, Ницца, адгьылбжьахақәа Мен ркомандақәа. Ашьапылампыл азы ConIFA аверсиала ачемпионат иалагеит рашәарамза 4 рзы, ихыркәшахоит рашәарамза 10 рзы финалтә хәмаррала.

Ажәабжьқәа зегьы
0