Дмитри Рагозин Молодова персона нон грата ҳәа ахьӡ ирҭеит

© Sputnik / Мирослав РотарьВице-премьер РФ Д. Рогозин
Вице-премьер РФ Д. Рогозин - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Молдова анапхгара аӡбра рыдыркылеит Дмитри Рогозин персона нон-гранта ҳәа рылаҳәазарц.

АҞӘА, нанҳәа 3 — Sputnik. Молдова Аминистрцәа Реилазаара ахаша имҩаԥысуаз аилатәараҟны аӡбра рыдыркылеит Дмитри Рогозин персона нон-грата ҳәа иҟаҵараз. Абри атәы аанацҳауеит Sputnik Молдова.

"Дмитри Рогозин ҳтәыла ацәа ԥызҽуа ақәгыларақәеи аинтервиуқәеи мҩаԥигеит. Ҿырԥштәны иааугар алшоит аканал "Россия-24" иаиҭаз аинтервиу", — иҳәеит Молдова Адәныҟатәи аусқәеи европаҟа аинтеграциеи рзы аминистр Андреи Галбур.

Иара иажәақәа рыла аҳәамҭақәа Молдоватәи Ареспубликеи Урыстәылатәи Афедерациеи ишьақәдыргыларц ирҭаху аизыҟазаашьақәа ирҿагылоит.

"Абарҭ зегьы азыԥхьагәаҭаны Дмитри Рогозин персона нон-гранта иаҳасабала Молдова аҵакыра алалара азин имхуп 2016 шықәсазтәи азакәан №25 инақәыршәаны", — иҳәоит Галбур.

Молдова Аԥыза-министр Павел Филип иара убасгьы иазгәеиҭеит Рогозин иҳәамҭақәа атәылақәа рыҩбагь реизыҟазаашьақәа рыҿиара иаԥырхагоуп ҳәа.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0