Лавров ООН Ашәарҭадаратә хеилак аилатәара далахәхоит

© Sputnik / Екатерина Чеснокова / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМинистр иностранных дел РФ Сергей Лавров
Министр иностранных дел РФ Сергей Лавров - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Еиду аштатқәа цәыббрамзазы ООН ашәарҭадаратә Хеилак аҿы хантәаҩра ауеит. Уаанӡа Дональд Трамп аҳәамҭа ҟаиҵахьан хаҭала иара аилатәара ахантәаҩра шымҩаԥиго азы. Аилатәара азкхоит Иран иҟоу аҭагылазаашьа.

АҞӘА, цәыббра 12 — Sputnik. Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров ООН ашәарҭадаратә Хеилак аилатәара далахәхоит ҳәа ООН иааиԥмырҟьаӡакәа аус зуа Урыстәыла ахаҭарнак Васили Небензиа иажәақәа аанагоит РИА Новости.

"Ааи, аминистр Лавров аилатәара далахәхоит", — иҳәеит Небензиа.

ООН иааиԥмырҟьаӡакәа аус зуа Урыстәыла ахаҭарнак Васили Небензиа аҩашаҽнытәи аилатәараан иазгәеиҭеит мраҭашәаратәи акоалициа шьамтәылатәи рыпланқәа Урыстәыла гәыӷра дук шарымҭо.

Российская боевая авиация на авиабазе Хмеймим в Сирии - Sputnik Аҧсны
Идлиб аурыс ар 30-ҩык атеррористцәа ҭадырхеит

"Ҳара ҳапланқәа аартны ҳрылацәажәеит. Иаҳҭахуп мраҭашәаратәи акоалициагьы Шьамтәылаз рыгәҭакқәа иара убасеиԥш иаартны ирҳәарц. Макьаназ иҳаҳауа иҽеиу гәыӷрак ҳарҭо иҟам. Иҳаҳауа ақәымчреи ақәмақарреи роуп", — иҳәеит Небензиа.

Иара иазгәеиҭеит Урыстәыла мап зыцәкра алымшо ашаҳаҭрақәа шамоу Шьамтәыла апровокациа амҩаԥгаразы мраҭашәара агәҭакқәа рганахь ала.

"Башар Асад ахлор ахархәараз адҵа ҟаиҵазшәа иҳәоу мцуп. Шьамтәыла ахимиатә бџьар амаӡам", — иҳәеит Небензиа.

Шьамтәыла еиӷацәоу аганқәа реиныршәаразы иаԥҵоу Урыстәылатәи Ацентр адыррақәа рыла Идлиб ауааԥсыра агәҭынчымра рызцәырнагоит ахимиатә бџьар ахархәара ыҟазшәа ақәыргыларатә сцена ахьымҩаԥысуа.

Еиду аштатқәа цәыббрамзазы ООН ашәарҭадаратә Хеилак аҿы хантәаҩра ауеит. Уаанӡа Дональд Трамп аҳәамҭа ҟаиҵахьан хаҭала иара аилатәара ахантәаҩра шымҩаԥиго азы. Сергеи Лавров ООН ашәарҭадаратә хеилак аилатәара далахәхоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0