Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр амааҭ акурс ахалара ахҳәаа аиҭеит

© Алексей Сухоруков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраБанкноты номиналом 2000 рублей и монета 1 рубль с графическим обозначением символа рубля.
Банкноты номиналом 2000 рублей и монета 1 рубль с графическим обозначением символа рубля. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амчыбжь алагамҭаз европатәи авалиутеи америкатәи адоллари 2016 шықәса хәажәкырамзатәи аҩаӡара аҟынӡа ихалеит: адоллар 70 мааҭ еиҳаны ихалеит, евро —81 мааҭ еиҳахеит. Ахашаҽны Москватәи абиржаҿ авалиутақәа ркурс лбаауа иалагеит.

АҞӘА, цәыббра 12 — Sputnik. Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр Максим Орешкин РИА Новости аинтервиу аҭо иҳәеит Афинансқәа рминистрразы авалиута аамхәара аани анефҭ азы баррельк 78 доллар ианаԥсоуи 50 мааҭ иаԥсахоит долларк ҳәа.

Амааҭ аԥсыҽра аминистр иадиҳәалоит Урыстәыла акапитал иаалырҟьаны алгара. Иара игәаанагарала акапитал алҵра шаанкылахалак аҭагылазаашьа шьҭахьҟа ихынҳәуеит.

"Иацтәи амш уахәаԥшуазар, амааҭ иахьа аҽарӷәӷәо иалагеит", — иҳәеит иара.

Орешкин иазгәеиҭеит абжьаразыԥхьагәаҭареи акраамҭазыԥхьагәаҭареи рыла адоллар ахәԥса 63-64 мааҭ еиҳамхап ҳәа.

"Ҳшәаратә баланс ӷәӷәоуп, абиуџьеттә баланс — ВВП аҟынтә процентк ыҟоуп, адәныҟатәи ауал акәзаргьы ишәарҭам", — иҳәеит иара.

Убри аан Максим Орешкин иазгәеиҭеит акризис аҽшарӷәӷәазгьы, Урыстәылазы ишәарҭам ҳәа.

Аԥшьашатәи евро аофициалтә курс 74,54 капеи илаҟәны 80,6488 мааҭ артәеит, адоллар акурс 40,16 капеи еиҵахеит, иартәеит 69,5728 мааҭ.

Ажәабжьқәа зегьы
0