Трамп алхрақәа рыҽрылагаларазы асанкциа ҿыцқәа инапы рыҵаиҩит

© Sputnik / Алексей Никольский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент США Дональд Трамп
Президент США Дональд Трамп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Асанкциақәа ирыҵаркуа атәылақәа рыхьӡ азгәаҭам.

АҞӘА, цәыббра 13 — Sputnik. Ахашаҽны ЕАШ ахада Дональд Трамп алхрақәа рыҽрылагаларазы асанкциақәа рзы ақәҵара инапы аҵаиҩит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, амилаҭтә шәарҭадаразы Америка ахада иабжьагаҩ Џьон Болтон иажәақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Болтон иажәақәа рыла, аусԥҟа кьыԥхьхьоит хара имгакәа. Адокумент иазыԥхьагәанаҭоит алхрақәа "акибержәыларақәа рыла ма аҽакала" зхы рылазгалаз ҳәа ишьо аҳәаанырцәтәи ахаҿқәеи аиҿкаарақәеи рганахь ала асанкциақәа рылагалара. Асанкциақәа ирыҵаркуа атәылақәа рыхьӡқәа ҭкааны иҳәаӡам.

Здание Европейского парламента в Страсбурге. - Sputnik Аҧсны
Евроеидгыла атәылақәа асанкциақәа ирыцырҵарц рыӡбеит

Болтон ишиҳәо ала, адокумент иалнаршоит асанкциақәа акыр рырҭбаара: аилаӡарақәа, ахатәтәрақәа рыԥкра, аекспорти аимпорти рыԥкра, активқәа раанкылара, америкатәи афинанстә институтқәа рахь анеира аанкылара у.у.е.

Асанкциақәа рсиа аҳәаақәҵара амеханизм азы ажәалагала руроуп афинансқәа рминистри аҳәынҭмаӡаныҟәгаҩи.

Уаанӡа ЕАШ амаҵзура ҷыдақәа, Урыстәыла 2016 шықәса рзы алхрақәа ахы рыланагалеит ҳәа изшьо аҳәамҭа ҟарҵеит аконгресс ахь алхрақәа раангьы асеиԥш ҟалоит ҳәа ашәара шрымоу. Аконгресс ахь алхрақәа ҟалоит сынтәа, абҵара 6 рзы. Трамп иакәзар иҳәеит илшо зегь шыҟаиҵо усеиԥш аҽалагалара алмыршахарц.

Урыстәыла мап ацәнакуеит ЕАШ аҟны алхрақәа рылахәра. Атәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков "уи шьаҭадоуп" ҳәа ахиҳәааит.

Ажәабжьқәа зегьы
0