Абҵара 11 рзы Донецки Лугански иазыԥхьагәаҭоу алхрақәа Америка ақәшаҳаҭым

© Sputnik / Евгений Биятов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВиды городов. Донецк
Виды городов. Донецк - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уаанӡа ареспублика апарламент абжьыҭира мҩаԥнагахьан ДЖәР ахада Александр Захарченко иҭахара инадҳәаланы инапынҵақәа заа ихыхразы.

АҞӘА, цәыббра 13– Sputnik. ЕАШ абҵара 11 рзы Донецки Лугански рҟны иазыԥхьагәаҭоу алхрақәа дкылашьа рымам ҳәа азырыԥхьаӡоит ҳәа аҳәамҭа ҟалҵеит ЕАШ аҳәынҭдепартамент ахаҭарнак Хезер Науерт. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

ДЖәР апарламент аамҭала ареспублика анапхгаҩы инапынҵақәа неигӡаралц ихьӡ рҳәеит Денис Пушилин, алхрақәагьы рымҩаԥгара аҿҳәарас ҳәа ишьақәдыргылеит абҵара 11. ЛЖәР аҿгьы аӡбра рыдыркылеит иара абри амш аҽны имҩаԥгахарц ареспублика ахадеи апарламент адепутатцәеи ралхра.

На месте взрыва в кафе Сепар в Донецке - Sputnik Аҧсны
Захарченко ишьра аганахь ала ашьаус хацыркуп

"Еиду аштатқәа "Донецктәи Жәлар рреспубликеи Лугансктәи Жәлар рреспубликеи" ҳәа изышьҭоу рҟны алхрақәа рымҩаԥгара иақәыӡбоит. Арҭ аҵакырадгьылқәа уажәазы Урыстәылатәи афедерациа анапаҵаҟа иахьыҟоу инамаданы арҭ алхрақәа рымҩаԥгара ҟалашьа амам ҳәа иаԥхьаӡоит, Минсктәи аиқәшаҳаҭрақәа рҳәаа иҭагӡаны Урыстәыла ахыдҵақәа ирҿагылоит" ҳәа лҳәеит Хезер Науерт.

ДЖәР ахада Александр Захарченко дҭахеит нанҳәа 31 рзы акаҳуажәырҭа "Сепар" аҿы иҟалаз аԥжәара иахҟьаны. Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә хаҭарнак Мариа Захарова лажәақәа рыла иара ишьра Киев шалахәу азы гәыҩбара ыҟам. Уаанӡа ареспублика апарламент абжьыҭира мҩаԥнагахьан ДЖәР ахада Александр Захарченко иҭахара инадҳәаланы инапынҵақәа заа ихыхразы. ДЖәР апарламент аамҭала ареспублика анапхгаҩы инапынҵақәа неигӡаралц ихьӡ рҳәеит Денис Пушилин.

2014 шықәсазы Украина арратә операциа иалагеит Лугансктәи Жәлар рреспубликеи Донецктәи Жәлар рреспубликеи рганахь ала. Арҭ ареспубликақәа ахьыԥшымра рыларҳәеит Украина 2014 шықәса жәабранмзазы аҳәынҭқарратә мчра анеиҭарк ашьҭах.

ООН адыррақәа рыла аимак иахҟьаны иҭахахьеит 10 000-ҩык рҟынӡа ауааԥсыра.

Ажәабжьқәа зегьы
0