Аҵыхәтәантәи жәашықәса рыҩныҵҟа Урыстәыла адәныҟатәи ауал еиҵахеит

CC0 / / Деньги
Деньги - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2014 шықәса рзы Урыстәыла адәныҟатә уал аҩаӡара уаанӡатәи ашықәсқәа зегьы раан аасҭа еиҳахеит ҳәа иԥхьаӡан. Иара иартәеит 733 миллиард доллар.

АҞӘА, ажьырныҳәа 22 — Sputnik. Аҵыхәтәантәи жәашықәса рыҩныҵҟа Урыстәыла адәныҟатә уал еиҵахеит, 2019 шықәса ажьырныҳәа 1 инақәыршәаны, иагьартәоит 453,7 миллиард доллар. 2018 шықәса иадкыланы уахәаԥшуазар абри аамҭала 12 процент илаҟәит (64,4 миллиард доллар) ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла Абанк хада аофициалтә саит.

Атәыла адәныҟатә уал аиҵара алнаршеит аинституционалтә секторқәеи егьырҭ асекторқәеи рхыдҵақәа рыркьаҿрала (32 миллиард доллар).

56 миллиард доллар рҟынӡа азеиԥш хышәа-ҵышәаҟынтә аиҳабыреи абанк хадеи ируалын, 398 миллиард аилахәырақәеи егьырҭ абанкқәеи ируалын. Убри аан ахатә сектор ауалқәа урҭ ирыбжакын.

Абанк хада адыррақәа рыла, 2009 шықәса раахыс сынтәа раԥхьаӡа акәны ауалтә рбага алаҟәра алшеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0