"Аруаа" Аслан Бжьаниа ихала имаҵура аанижьырц идыргалеит

© Sputnik / Томас ТхайцукСъезд общественной организации "Аруаа"
Съезд общественной организации Аруаа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.03.2021
Анапаҵаҩра
Аԥшьаша, хәажәкыра 11 рзы Аҟәа ауаажәларратә ветерантә еиҿкаара "Аруаа" аизара ду мҩаԥысуеит атәылаҿ иҟоу ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа алацәажәаразы.

АҞӘА, хәажәкыра 11 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аветерантә еиҿкаара "Аруаа" Аслан Бжьаниа ихала имаҵура аанижьырц, Апарламентгьы алхра ҿыцқәа ррыцхә азгәарҭарц рыдыргалеит.

Аиҿкаара ахантәаҩы иажәақәа рыла, уажәы-уажә имҩаԥысуа аҳәынҭқарра аиҳабыра ахҳәарақәа аанкылатәуп, уи азы Бжьаниа ихала, хатәгәаԥхарала имаҵура аанижьроуп ҳәа иҳәеит Ҭемыр Гәлиа.

Съезд общественной организации Аруаа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.03.2021
Ауаажәларратә ветерантә еиҿкаара "Аруаа" ажәбатәи аизара ду аатит Аҟәа

Аветерантә еиҿкаара "Аруаа" ахантәаҩы Ҭемыр Гәлиа аҳәамҭа ҟаиҵеит Қырҭтәылеи Аԥсни рекономикатә еизыҟазаашьақәа ҟалар шыҟамло, ус анакәымха Аԥсны аофициалтә Қарҭ аполитика шаларҵәахо.

Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит атәыла анапхгара ҿыц рааира ашьҭахь аепидемиологиатә ҭагылазаашьа шеицәахаз.

Уи адагьы иара иҳәеит атәыла анапхгара акриптовалиута амаининг азин ахьыҟарҵаз азы ауаа амыругақәа анаархәа, ахарџь аныҟарҵа, ари аусура ахьааныркылаз шыгха дуу, атәыла ауааԥсыра реиҳараҩык ацәыӡ ду шроуз.

Акритика азиуит иара убасгьы Қырҭтәылеи Аԥсни ҩаӡарарацәалатәи реизыҟазаашьазы аиҿцәажәарақәа ҟалар ахьалшо. "Аруаа" ргәаанагарала, иахьазы Қырҭтәылеи Аԥсни еизыҟазаашьа рымамзароуп.

Гәлиа Аслан Бжьаниа ашҳам изыҟарҵеит ҳәа ирҳәоз азҵаарагьы далацәажәеит.

"Ари аус аҭҵаара иҭахымзар, иҭуҵаауа ҳәа акгьы ыҟам ауп иаанаго", - ҳәа иҳәеит иара.

"Аруаа" рхантәаҩы игәалаиршәеит Қырҭтәылантәи аныхачаԥа аагарагьы.

Ауаажәларратә ветерантә еиҿкаара "Аруаа" ажәбатәи аизара ду аатит Аҟәа. Аизара иалахәуп быжьшәҩык рҟынӡа.

Аизара амшхәаԥштә аҿы иҟоуп атәылаҿ ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа алацәажәара азҵаара.

Ажәабжьқәа зегьы
0