Шәача "Формула-1" Гран-при амҩаԥысраан аныҟәара ԥкхоит

© Sputnik / Михаил Мокрушин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАвтомобильная развязка в Сочи
Автомобильная развязка в Сочи - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.09.2021
Анапаҵаҩра
Автодром иаԥну аҵакыраҿ аԥкыраамҭаазы аус рулоит ахылаԥшра-аушьҭырҭатә ҭыԥқәа.
АҞӘА, цәыббра 1 - Sputnik. Атранспорт аныҟәара ԥкхоит Афедералтә ҵакыра Сириус аҿы цәыббра 23 асааҭ  7:00 инаркны цәыббра 26 асааҭ 23:00 рҟынӡа 2 "Формула-1" урыстәылатәи аетап амҩаԥысраан ҳәа аанацҳауеит Шәача ақалақь ахадара.
Рныҟәара аанкылахоит аидарамҩангагатә транспорт, рныҟәара ԥкхоит иара убас амашьыналасқәа автодром азонаҿы аккредитациа рымамзар. Атаксии амаршруттә транспорттә хархәагақәеи рныҟәара азин ыҟоуп.
Аспорттә уснагӡатәқәа рымҩаԥгараан асааҭ 16:00 - 22:00 рыҩныҵҟа автобусқәа рхыԥхьаӡара иацҵахоит.
"Формула-1" Гран-при аетап Шәача имҩаԥысуеит цәыббра 23 - 26  рзы. Атрассақәа аремон рызууп FIA азин ҷыда иақәшәаразы.
Ажәабжьқәа зегьы
0