Ашықәс ҿыц азтәи аԥсшьараз иалырхуа ахырхарҭақәа ираԥхьагылоуп Гәыбаадәы

© Sputnik / Артур Лебедев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОткрытие скоростного троллея в Красной Поляне
Открытие скоростного троллея в Красной Поляне - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.09.2021
Анапаҵаҩра
Атуроператорцәа Шәачатәи ашьхатә кластер ахәԥсақәа шьақәдыргылахьеит. Заанаҵы атур аҿаҵара алшоит 30% ахә ларҟәны.
АҞӘА, цәыббра 13 - Sputnik. Урыстәылатәи атуристцәа макьана Ашықәс ҿыц атурқәа активла иаархәом, аха иаархәо рҟынтәи еиҳа аԥыжәара рымоуп Гәыбаа адәы, Ахьтәы мацәаз атур, Санкт-Петербург ҳәа аанацҳауеит  РИА Новости.
41% атуристцәа  урыстәылатәи акурортқәа рҿы  аныҳәа ахыгара ргәазыҳәоит ҳәа рҳәоит Level.Travel адыррақәа.
"Убри аан аныҳәатә турқәа рчек бжьаратәла 28 000 мааҭ иҟоуп» ҳәа рҳәоит апутиовкақәа заанаҵы рҿаҵаразы  амаҵзура Level.Travel.
Атуроператор "Дельфин" адиректор хада Сергеи Ромашкин иажәақәа рыла  Гәыбаа адәы аҭаххара коронавирустә ԥкырақәа ирыдҳәалахоит.
"Уахь анеира алаҵаҟаҵара иадҳәалоуп. Иахьазы атәылаҿы алаҵа ҟарҵахьеит 140 миллионҩык рҟынтәи 40 миллионҩык. Аԥкрақәа ахырымхыр, Ҟәбанҟа иаауа рхыԥхьаӡара рацәахом",- ҳәа иҳәеит иара.
Атуроператор "Интурист" апресс-маҵзураҿы ирҳәеит  аныҟәаҩцәа заанаҵтәи аҿаҵарақәа ишрылагаз. Атуроператорцәа Шәачатәи ашьхатә кластер ахәԥсақәа шьақәдыргылахьеит. Заанаҵы атур аҿаҵара алшоит 30% ахә ларҟәны.
Ажәабжьқәа зегьы
0