Афон Ҿыц "акадифаамҭазы" зыхә мариоу аԥсшьараҭа ҭыԥқәа ирхыԥхьаӡалоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукПрогноз
Прогноз - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.09.2021
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи амаҵзура TVIL.RU иалнакааит "акадифаамҭазы" еиҳа имарианы ԥсшьара ацара ахьауа аҭыԥқәа.
АҞӘА, цәыббра 13 - Sputnik. Афон Ҿыц "акадифаамҭазы" хәмариала ауаҩы иԥсы ишьарц ахьилшо аҭыԥқәа иреиуоуп ҳәа азгәанаҭоит TVIL.RU.
Атурмаҵзура адыррақәа рыла цәыббреи жьҭаареи амзақәа рзы аиҳараҩык мышкы инаркны жәымшнӡа рыԥсы ршьоит, уахыки-ҽнаки рыла инырхуеит 1,2 - 6 нызқь мааҭ рҟынӡа.
Аԥсшьараз еиҳа ахәԥсақәа лаҟәуп Афон Ҿыц, еиҳа иҳаракуп – Лахденпохиа.
Афон Ҿыц 1 379мааҭ 10 у
Пиатигорск 1 622мааҭ 5 у
Еиск 1 692мааҭ 8,5 у
Калининград 1 905мааҭ 6 у
Ростов-на-Дону 2 287мааҭ 1 у
Казан 2 314,5мааҭ 4 у
Саки 2 332мааҭ 9 у
Санкт-Петербург 2 655мааҭ 5 у
Москва 3 004мааҭ 3 у
Лахденпохиа 6 109мааҭ 6 у
 
Асиа шьақәыргылоуп 2021 шықәса цәыббра 1 инаркны жьҭаара 31 рҟынӡа зыхә шәоу азыҳәақәа рыла.
Ажәабжьқәа зегьы
0