Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Аҳәынҭқарратә думахь абжьыҭара ихы алаирхәит

© Sputnik / Natalia Airiyan Траурное мероприятие в музее сожженных душ
Траурное мероприятие в музее сожженных душ - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.09.2021
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума аабатәи ааԥхьара адепутатцәеи, арегионқәа жәба рхадацәеи, 39 регион рҿы аҳәынҭқарратә мчра азакәанԥҵаратә усбарҭақәа рдепутатцәеи алырхуеит.
АҞӘА, цәыббра 17 - Sputnik. Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Анатоли Бибилов Аҳәынҭқарратә думахь абжьыҭара ихы алаирхәит, ҳәа аанацҳауеит Sputnik Аахыҵ Уаԥстәыла.
Бибилов ибжьы аиҭеит Цхинвал иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҿы иаарту алхырҭатә ҭыԥ аҿы. "Иӷәӷәоу Урыстәылазы сыбжьы сҭиит", - иҳәеит иара абиуллетень ҭаршәуа.
Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думахь адепутатцәа ралхразы абжьыҭара ареспублика ауааԥсыра рзы иуалԥшьоуп ҳәа азиԥхьаӡоит ахада.
"Ари Урыстәылеи уа имҩаԥысуа аполитикатә процессқәеи ҳаҭыр рықәҵароуп иаанаго. Аԥхьа иргыланы ари иаанаго ҳара Урыстәыла иаҳнаҭо ацхыраареи адгылареи ҭабуп ҳәа рыхҳәаароуп. Убри азы ааԥхьара ҟасҵоит ҳауаажәлар рахь рыграждантә уалԥшьа нарыгӡарц. Уи азы аамҭа ҳамоуп", - ҳәа иҳәеит Бибилов.
Аахыҵ Уаԥстәыла алхырҭатә ҭыԥқәа жәаба аартуп асааҭ 8:00 - 20:00 рыҩнуҵҟа.
Цәыббра 17 - 19 рзы раԥхьаӡа акәны Урыстәыла имҩаԥыргоит хымштәи алхрақәа. Абжьыҭара алшоит Аԥсынгьы. Цәыббра 19 азы ара иаадыртуеит алхырҭатә ҭыԥқәа жәба.
Ажәабжьқәа зегьы
0