СССР аҵыхәтәантәи апрезидент Аԥснытәи идача

Анапаҵаҩра
Миуссера иҟоу аҳәынҭқарратә дача "Чаика-М" - ари иахьазы Аԥсны Ахада аус зуа ирезиденциоуп. Иара аҵакырадгьыл шьҭоуп Гәдоуҭа инахыкны 18 километри Пицунда аладаҟа 8 километраки иахьрыбжьаркуа Пицунда-Миуссератәи аҳәырԥсарраҟны.

СССР аҵыхәтәантәи апрезидент Аԥснытәи идача хә-етажкны иҟоуп, аха амшын аганахьала иубарҭоу ҩ-етажк роуп.

1988 шықәса рзы СССР Адәныҟатәи аусқәа рминистр Едуард Шеварнаӡе иаԥшьгаралеи ЦК КПСС Амаӡаныҟәгаҩ хада Михаил Горбачов иақәшаҳаҭралеи аҳәынҭқарратә дача №27 аҵакырадгьыл аҟны аргылара иалагеит "Чаика-М".

1991 шықәсазы Асовет Еидгыла еилаҳаит, шықәсык ашьҭахь – Аԥсны иалагеит аибашьра. Михаил Горбачов иҟалаз аполитикатә хҭысқәа ирыхҟьаны, адача шыргылазгьы зныкгьы иԥсы ишьартә аҭагылазаашьа имоуит.

Аибашьра ашьҭахьтәи аамҭақәа рзы анхаразы адача аркын. Адача асхемақәеи ахсаалақәеи иахьанӡагьы ирмаӡоуп. Ирҳәоит адачахь амшынаҵатәи аӷбақәа рҭаларҭа атунельгьы ыҟоуп ҳәа.

Иахьазы Миуссера иҟоу аҳәынҭқарратә дача "Чаика-М" — ари Аԥсны Ахада аус зуа ирезиденциоуп. Иара аҵакырадгьыл шьҭоуп Гәдоуҭа инахыкны 18 километри Пицунда аладаҟа 8 километраки иахьрыбжьаркуа Пицунда-Миуссератәи аҳәырԥсарраҟны.

Уаҩԥсы шамахамзар дызԥырхагамхац аԥсабара, ашьхеи амшыни рҳауа, Миуссера аҽакы иаламҩашьо ԥсшьарҭа ҭыԥны иҟарҵоит. Убри азакәхап ара изыҟоу Сталини Горбачови рдачақәа, ианраамҭаз ара аԥсшьара бзиа изырбоз СССР аиҳабыреи анапхгареи.


© Sputnik Томас ТхайцукГорбачев инхарҭа хә-еихагылак амоуп, аха амшын аҟнытә иубарҭоу ҩ-еихагылак роуп.
Госдача - Sputnik Аҧсны
1/13
Горбачев инхарҭа хә-еихагылак амоуп, аха амшын аҟнытә иубарҭоу ҩ-еихагылак роуп.
© Sputnik Томас ТхайцукАекспертцәа ргәаанагарала, Горбачев Мысратәи инхарҭа - асовет аамҭа иаҵанакуа аҳәынҭқарратә нхарҭақәа зегь раҵыс иахьатәи аамҭа иақәшәоит.
Аҳәынҭқарратә нхарҭа - Sputnik Аҧсны
2/13
Аекспертцәа ргәаанагарала, Горбачев Мысратәи инхарҭа - асовет аамҭа иаҵанакуа аҳәынҭқарратә нхарҭақәа зегь раҵыс иахьатәи аамҭа иақәшәоит.
© Sputnik Томас ТхайцукАскульптор Зураб Ҵереҭели абжьгара ирҭеит: "Михаил Сергеи-иԥа изы иулшо ҟауҵроуп" ҳәа. Иазгәаҭатәуп, уи иус шиқәҿиаз.

Афото аҟны: Ҵереҭели иусумҭа - ашьхатә хрусталь иалху авитраж.

Аҳәынҭқарратә нхарҭа - Sputnik Аҧсны
3/13
Аскульптор Зураб Ҵереҭели абжьгара ирҭеит: "Михаил Сергеи-иԥа изы иулшо ҟауҵроуп" ҳәа. Иазгәаҭатәуп, уи иус шиқәҿиаз.

Афото аҟны: Ҵереҭели иусумҭа - ашьхатә хрусталь иалху авитраж.

© Sputnik Томас ТхайцукИрҳәоит, анхарҭа аргылара напхгара азылуан ҳәа СССР ахада иԥшәмаԥҳәыс Раиса Горбачева. Уи аинтериер ҷыдала дахылаԥшуан.

Афото аҟны: анхарҭа ацәаҩа ҷыда азҭо афарфортә лиустра

Аҳәынҭқарратә нхарҭа - Sputnik Аҧсны
4/13
Ирҳәоит, анхарҭа аргылара напхгара азылуан ҳәа СССР ахада иԥшәмаԥҳәыс Раиса Горбачева. Уи аинтериер ҷыдала дахылаԥшуан.

Афото аҟны: анхарҭа ацәаҩа ҷыда азҭо афарфортә лиустра

© Sputnik Томас ТхайцукИахьа агәаҳәара змоу зегьы алшара рымоуп аҭоурых азааигәахара, Горбачев инхарҭа аҟны мышқәак аԥсшьара.

Афото аҟны: асасааирҭа

Аҳәынҭқарратә нхарҭа - Sputnik Аҧсны
5/13
Иахьа агәаҳәара змоу зегьы алшара рымоуп аҭоурых азааигәахара, Горбачев инхарҭа аҟны мышқәак аԥсшьара.

Афото аҟны: асасааирҭа

© Sputnik Томас ТхайцукСССР аҵыхәтәантәи ахада иԥшәмаԥҳәыс лҽыкәабарҭа. Раԥхьа уанахәаԥшлак ари аҽыкәабарҭа асовет аамҭа иаҵанакуеит узҳәом.
Аҳәынҭқарратә нхарҭа - Sputnik Аҧсны
6/13
СССР аҵыхәтәантәи ахада иԥшәмаԥҳәыс лҽыкәабарҭа. Раԥхьа уанахәаԥшлак ари аҽыкәабарҭа асовет аамҭа иаҵанакуеит узҳәом.
© Sputnik Томас ТхайцукАибашьра шыҟазгьы, аҩнымаҭәа рацәаны еиқәырхан.

Афото аҟны: Михаил Горбачев иусуратә кабинет аҟны астол. Уи дадтәаланы аусура дахьымӡеит.

Аҳәынҭқарратә нхарҭа - Sputnik Аҧсны
7/13
Аибашьра шыҟазгьы, аҩнымаҭәа рацәаны еиқәырхан.

Афото аҟны: Михаил Горбачев иусуратә кабинет аҟны астол. Уи дадтәаланы аусура дахьымӡеит.

© Sputnik Томас ТхайцукЗураб Ҵереҭели еицырдыруа аӡахәа аформа змоу иџьазтә лиустра, уи 23 метра инаӡоит.
Аҳәынҭқарратә нхарҭа - Sputnik Аҧсны
8/13
Зураб Ҵереҭели еицырдыруа аӡахәа аформа змоу иџьазтә лиустра, уи 23 метра инаӡоит.
© Sputnik Томас ТхайцукУамашәа иубаратәы иҟоуп асовет аамҭазы иргылаз акиноаппаратура ахьеиқәхаз. Уи иахьагьы ибзианы аус ауеит.

Афото аҟны: акино ауада.

Аҳәынҭқарратә нхарҭа - Sputnik Аҧсны
9/13
Уамашәа иубаратәы иҟоуп асовет аамҭазы иргылаз акиноаппаратура ахьеиқәхаз. Уи иахьагьы ибзианы аус ауеит.

Афото аҟны: акино ауада.

© Sputnik Томас ТхайцукАнхарҭа аҟны иазгәаҭан Асовет мчра ахадара аҟнытә егьырҭ аусуаҩцәагьы рнеира. Аԥсшьара аиҿкааразы анхарҭа аҟны абилиардтә стол ргылан.
Аҳәынҭқарратә нхарҭа - Sputnik Аҧсны
10/13
Анхарҭа аҟны иазгәаҭан Асовет мчра ахадара аҟнытә егьырҭ аусуаҩцәагьы рнеира. Аԥсшьара аиҿкааразы анхарҭа аҟны абилиардтә стол ргылан.
© Sputnik Томас ТхайцукАнхарҭа ашәҟәыԥхьарҭа. Абраҟа акәын СССР аҵыхәтәантәи ахада аамҭа аниоуаз ашәҟәқәа дрыԥхьараны дахьыҟаз.
Аҳәынҭқарратә нхарҭа - Sputnik Аҧсны
11/13
Анхарҭа ашәҟәыԥхьарҭа. Абраҟа акәын СССР аҵыхәтәантәи ахада аамҭа аниоуаз ашәҟәқәа дрыԥхьараны дахьыҟаз.
© Томас ТхайцукАри аҭыԥ уникалтәуп, избанзар Аԥсны аԥшаҳәа иахьаҵанакуа араҟа мацароуп иахьыҟоу аиод-бромтә ҵиаақәа, урҭ иуникалтәу амикроклимат аԥырҵоит.
Аҳәынҭқарратә нхарҭа - Sputnik Аҧсны
12/13
Ари аҭыԥ уникалтәуп, избанзар Аԥсны аԥшаҳәа иахьаҵанакуа араҟа мацароуп иахьыҟоу аиод-бромтә ҵиаақәа, урҭ иуникалтәу амикроклимат аԥырҵоит.
© Sputnik Томас ТхайцукАҳәынҭқарратә нхарҭа аҟны аиаҵәара рацәоуп, урҭ 50 десҭын иҟоу абаҳчаҿы иазҳауеит. Анхарҭа егьи аганахь ала иблахкыгоу Амшын Еиқәа ухыԥшылоит.
Аҳәынҭқарратә нхарҭа - Sputnik Аҧсны
13/13
Аҳәынҭқарратә нхарҭа аҟны аиаҵәара рацәоуп, урҭ 50 десҭын иҟоу абаҳчаҿы иазҳауеит. Анхарҭа егьи аганахь ала иблахкыгоу Амшын Еиқәа ухыԥшылоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0