Аҷандараа ацуныҳәа мҩаԥыргеит

Анапаҵаҩра
Аԥсуаа рыҟны ацуныҳәа мҩаԥыргоит ажәытәӡа аахыс. Ақыҭа ауааԥсыра Зегь зымчу еизаны имҵаныҳәоит, имҵахырхәоит. Иҳәоит дырхылаԥшырц, аура бзиа риҭарц.

Есыԥхынра аԥсуа қыҭақәа рыҟны имҩаԥыргоит ажәытәра иалыхәхәа иаауа аныҳәа – Ацуныҳәа. Ишаԥу еиԥш аныҳәа ахьымҩаԥырго аҭыԥ ахь инеиуеит ҭаацәала.

Ажәытә ҵас ала, ишаԥу еиԥш, ақыҭаҟны қәрала иреиҳабу иоуп Анцәа имҵаныҳәо. Амрагыларахь ихы нарханы, иарманапала агәи агәаҵәеи зхоу арасамахә кны, иарӷьанапала аҵәца аанкыланы Чодиа Гәынба Анцәа димҵаныҳәоит.

Иныҳәара даналга, иикыз аҵәца иҭаз аҩы ыжәны агәи агәаҵәеи ргьама ибоит. Убри ашьҭахь ауп еизаз зегьы  азин анрымоу ус аура. Узыхныҳәаз агәи агәаҵәеи ргьама убар иуҳәо ҟалоит ҳәа иазыԥхьаӡоуп.

Аныҳәатә еишәаҟны  амилаҭтә чыс ауп иқәырҵо – абысҭа, акәац, ачашә, ахарҵәы у.у.е. Ари амш аҽны  аицәҳара, акы аимакра ҟалаӡом. Анцәа дургәаауеит ҳәа ишьоуп.

Аԥсуаа рыҟны ацуныҳәара мҩаԥыргоит ажәытәӡа аахыс. Ақыҭа ауааԥсыра Зегь зымчу еизаны имҵаныҳәоит, иҳәоит дырхылаԥшырц, аура бзиа роурц.

 

 

© Sputnik / Томас ТхайцукАцуныҳәара аԥсуаа имҩаԥыргоит ажәытәӡаахыс. Ақыҭауаа Анцәа ду имҵаныҳәоит аманшәалареи аура бзиеи риҭарц.
Ацуныхуа в с.Ачандара. - Sputnik Аҧсны
1/18
Ацуныҳәара аԥсуаа имҩаԥыргоит ажәытәӡаахыс. Ақыҭауаа Анцәа ду имҵаныҳәоит аманшәалареи аура бзиеи риҭарц.
© Sputnik / Томас ТхайцукАқыҭауаа акәырбаншьтәа акәац еиҿырхуеит.
Праздник Ацуныҳәа провели в селе Ачандара - Sputnik Аҧсны
2/18
Ақыҭауаа акәырбаншьтәа акәац еиҿырхуеит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАкәырбаншьтәа акәац амца иахакнаҳаны иржәуеит.
Праздник Ацуныҳәа провели в селе Ачандара - Sputnik Аҧсны
3/18
Акәырбаншьтәа акәац амца иахакнаҳаны иржәуеит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАцуныҳәа ахьымҩаԥырго аҭыԥ аҟны ақыҭауаа зегь зхатәо аишәа дыргылоит.
Праздник Ацуныҳәа провели в селе Ачандара - Sputnik Аҧсны
4/18
Ацуныҳәа ахьымҩаԥырго аҭыԥ аҟны ақыҭауаа зегь зхатәо аишәа дыргылоит.
© Sputnik / Томас Тхайцук Арасамахә иахарҵоит ашьтәа агәи агәаҵәеи.
Праздник Ацуныҳәа провели в селе Ачандара - Sputnik Аҧсны
5/18
Арасамахә иахарҵоит ашьтәа агәи агәаҵәеи.
© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсуаа реиҳа ихадароу рмилаҭтә чыс - абысҭа аура апроцесс.
Праздник Ацуныҳәа провели в селе Ачандара - Sputnik Аҧсны
6/18
Аԥсуаа реиҳа ихадароу рмилаҭтә чыс - абысҭа аура апроцесс.
© Sputnik / Томас ТхайцукАбысҭа ууп, анҵарахьы аиасра ҟалоит уажәшьҭа.
Праздник Ацуныҳәа провели в селе Ачандара - Sputnik Аҧсны
7/18
Абысҭа ууп, анҵарахьы аиасра ҟалоит уажәшьҭа.
© Sputnik / Томас ТхайцукАқыҭаҳәсақәа аныҳәатә еишәазы ачысмаҭәа дырхиоит.
Праздник Ацуныҳәа провели в селе Ачандара - Sputnik Аҧсны
8/18
Ақыҭаҳәсақәа аныҳәатә еишәазы ачысмаҭәа дырхиоит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАқыҭаҳәсақәа аишәа архиара иаҿуп. Аишәа хымԥада иқәырҵоит ачаҳаржә.
Праздник Ацуныҳәа провели в селе Ачандара - Sputnik Аҧсны
9/18
Ақыҭаҳәсақәа аишәа архиара иаҿуп. Аишәа хымԥада иқәырҵоит ачаҳаржә.
© Sputnik / Томас ТхайцукАишәахь инаргоит аԥсуа чысқәа ирхадоу – абысҭа.
Праздник Ацуныҳәа провели в селе Ачандара - Sputnik Аҧсны
10/18
Аишәахь инаргоит аԥсуа чысқәа ирхадоу – абысҭа.
© Sputnik / Томас ТхайцукАкәац ачуан иҭыргоит. Ари аус знапы алаку ахацәа мацара роуп.
Праздник Ацуныҳәа провели в селе Ачандара - Sputnik Аҧсны
11/18
Акәац ачуан иҭыргоит. Ари аус знапы алаку ахацәа мацара роуп.
© Sputnik / Томас ТхайцукАкәац ачуан иҭыргоит уи азы ҷыдала иазырхио аҵәқәа рыла.
Праздник Ацуныҳәа провели в селе Ачандара - Sputnik Аҧсны
12/18
Акәац ачуан иҭыргоит уи азы ҷыдала иазырхио аҵәқәа рыла.
© Sputnik / Томас ТхайцукАцуныҳәаратә қьабз ахәыҷӡақәагьы ирныҳәоуп.
Праздник Ацуныҳәа провели в селе Ачандара - Sputnik Аҧсны
13/18
Ацуныҳәаратә қьабз ахәыҷӡақәагьы ирныҳәоуп.
© Sputnik / Томас ТхайцукАныҳәатә еишәа аԥсуа ҩы агымзароуп.
Праздник Ацуныҳәа провели в селе Ачандара - Sputnik Аҧсны
14/18
Аныҳәатә еишәа аԥсуа ҩы агымзароуп.
© Sputnik / Томас ТхайцукАқыҭауаа реиҳабы Чодиа Гәынба Анцәа димҵаныҳәоит ақыҭа ауааԥсыра зегьы ргәы бзианы, насыԥ рыманы иҟазарц. Иарма напаҟны икуп ашьтәа агәи агәаҵәеи зхоу арасамахә, арӷьарахьтәи инапы иакуп аҩы зҭаҭәоу аҵәца.
Праздник Ацуныҳәа провели в селе Ачандара - Sputnik Аҧсны
15/18
Ақыҭауаа реиҳабы Чодиа Гәынба Анцәа димҵаныҳәоит ақыҭа ауааԥсыра зегьы ргәы бзианы, насыԥ рыманы иҟазарц. Иарма напаҟны икуп ашьтәа агәи агәаҵәеи зхоу арасамахә, арӷьарахьтәи инапы иакуп аҩы зҭаҭәоу аҵәца.
© Sputnik / Томас ТхайцукАныҳәара ашьҭахь аныҳәа иалахәу зегьы акәырбаншьтәа агәи агәаҵәеи ргьама рбоит, ирҳәаз Анцәа иҟынӡа инаӡарц азы.
Праздник Ацуныҳәа провели в селе Ачандара - Sputnik Аҧсны
16/18
Аныҳәара ашьҭахь аныҳәа иалахәу зегьы акәырбаншьтәа агәи агәаҵәеи ргьама рбоит, ирҳәаз Анцәа иҟынӡа инаӡарц азы.
© Sputnik / Томас ТхайцукАҷандара ақыҭауаҩ иқыҭауаа аманшәалара рыгымзарц азы Анцәа диҳәоит.
Праздник Ацуныҳәа провели в селе Ачандара - Sputnik Аҧсны
17/18
Аҷандара ақыҭауаҩ иқыҭауаа аманшәалара рыгымзарц азы Анцәа диҳәоит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАцуныҳәа хдыркәшоит ақыҭауаа зегьы злахәу аишәа-чара ала.
Праздник Ацуныҳәа провели в селе Ачандара - Sputnik Аҧсны
18/18
Ацуныҳәа хдыркәшоит ақыҭауаа зегьы злахәу аишәа-чара ала.
Ажәабжьқәа зегьы
0