Ҳара ҳҟынӡа еиқәхаз Амбаратәи абааш

Анапаҵаҩра
Амбаратәи абааши уи аҩнуҵҟа иҟоу ауахәамеи инҭкааны аҭоурыхҭҵааҩцәа иҭырымҵааӡацт, аха иҟоуп ари аус зыстудентә ԥсҭазаара инаркны акурстә усумҭақәа азызкхьоу, ауахәама архитектура ҭыӡҵаауа.

Аҟазараҭҵааҩы Сурам Сақаниа иҭыиҵаауеит ауахәамақәа рархитектура, избан акәзар иара аҟазара иахәҭакуп.

Амбаратәи абааш иазку ажәабжь инарҭбааны шәаԥхьар ҟалоит абра>>

Авиденоҵамҭа шәахәаԥшыр ҟалоит абра>>

Сурам Сақаниа ари ауахәама иуникалтәу аныхабаақәа иреиуоуп ҳәа иазыиԥхьаӡоит.

"Ари аныхабаа иара ахқәа рыбжьара иуникалтәу акакәны иҟоуп, избан акәзар Аԥсны ирацәоуп ибазиликалтәу аргыламҭақәа. Ари аныхабаа шжәытәӡатәиу зырҵабыргуа акоуп иара аҿышәҭа апирамида асахьа ахьамоу. Аныхабаа иамоуп ҩ-еихагылак, ахыбгьы хаҳәла еиқәҵан, аха иахьа уажәраанӡа изымааит", ҳәа иҳәеит Сақаниа.

Аҟазаҭҵааҩы Сурам Сақаниа, иажәақәа рыла аныхабаа еиқәҵоуп аҭыԥантәи аус зыдуланы ицәу ахаҳәқәеи, аус зыдулам ахаҳәқәеи рыла.

"Ауахәама аура ҩажәа метра ыҟоуп, аҭбаара жәохә метра. Иамоуп жәаҩа ԥенџьыри ԥшь-шәыки, аҩнуҵҟа аимоуп згәаҭара уадаҩу ашә хәыҷқәа ҩба,дара ухаргалоит ауахәама аусзуҩцәа рыԥсы ахьыршьоз ауадақәа рахь. Амбаратәи аныхабаа баагәарала икәаршан, иахьа иара ҭыԥқәак рыҟноуп иахьеиқәхаз ", — ҳәа ациҵеит иара.

Аҵарауаа еицҿакны гәаанагарак рымам ари ауахәама иарбан шәышықәсоу изҵазкәа ҳәа.

 

© Sputnik / Томас ТхайцукМгәыӡырхәа ақыҭан, акәарҷҷара Амбара ахықәан, адәҳәыԥш ԥшӡа аҟны игылоуп Амбаратәи абааши уи аҩнуҵҟа иҟоу ауахәамеи.
Амбаратәи абааши уи аҩнуҵҟа иҟоу ауахәамеи. - Sputnik Аҧсны
1/7
Мгәыӡырхәа ақыҭан, акәарҷҷара Амбара ахықәан, адәҳәыԥш ԥшӡа аҟны игылоуп Амбаратәи абааши уи аҩнуҵҟа иҟоу ауахәамеи.
© Sputnik / Томас ТхайцукАри аныхабаа шжәытәӡатәиу зырҵабыргуа акоуп - иара аҿышәҭа апирамида асахьа ахьамоу
Амбаратәи абааши уи аҩнуҵҟа иҟоу ауахәамеи. - Sputnik Аҧсны
2/7
Ари аныхабаа шжәытәӡатәиу зырҵабыргуа акоуп - иара аҿышәҭа апирамида асахьа ахьамоу
© Sputnik / Томас ТхайцукАныхабаа еиқәҵоуп аҭыԥантәи аус зыдуланы ицәу ахаҳәқәеи, аус зыдулам ахаҳәқәеи рыла.
Амбаратәи абааши уи аҩнуҵҟа иҟоу ауахәамеи. - Sputnik Аҧсны
3/7
Аныхабаа еиқәҵоуп аҭыԥантәи аус зыдуланы ицәу ахаҳәқәеи, аус зыдулам ахаҳәқәеи рыла.
© Sputnik / Томас ТхайцукАуахәама аура ҩажәа метра ыҟоуп аҭбаара жәохә метра.
Амбаратәи абааши уи аҩнуҵҟа иҟоу ауахәамеи. - Sputnik Аҧсны
4/7
Ауахәама аура ҩажәа метра ыҟоуп аҭбаара жәохә метра.
© Sputnik / Томас ТхайцукАмбаратәи аныхабаа баагәарала икәаршан, иахьа иара ҭыԥқәак рыҟноуп иахьеиқәхаз
Амбаратәи абааши уи аҩнуҵҟа иҟоу ауахәамеи. - Sputnik Аҧсны
5/7
Амбаратәи аныхабаа баагәарала икәаршан, иахьа иара ҭыԥқәак рыҟноуп иахьеиқәхаз
© Sputnik / Томас ТхайцукИамоуп жәаҩа ԥенџьыри ԥшь-шәыки аҩнуҵҟа, иара убас иамоуп згәаҭара уадаҩу ашә хәыҷқәа ҩба, дара ухаргалоит ауахәама аусзуҩцәа рыԥсы ахьыршьоз ауадақәа рахь.
Амбаратәи абааши уи аҩнуҵҟа иҟоу ауахәамеи. - Sputnik Аҧсны
6/7
Иамоуп жәаҩа ԥенџьыри ԥшь-шәыки аҩнуҵҟа, иара убас иамоуп згәаҭара уадаҩу ашә хәыҷқәа ҩба, дара ухаргалоит ауахәама аусзуҩцәа рыԥсы ахьыршьоз ауадақәа рахь.
© Sputnik / Томас ТхайцукАныхабаа иамоуп ҩ-еихагылак, ахыбгьы хаҳәла еиқәҵан, аха иахьа уажәраанӡа изымааит
Амбаратәи абааши уи аҩнуҵҟа иҟоу ауахәамеи. - Sputnik Аҧсны
7/7
Аныхабаа иамоуп ҩ-еихагылак, ахыбгьы хаҳәла еиқәҵан, аха иахьа уажәраанӡа изымааит
Ажәабжьқәа зегьы
0