Аиааира иасимволу абираҟ амш

Анапаҵаҩра
Аԥсуа аестрадатә шәаҳәаҩцәеи акәашаратә коллективқәеи рылархәны имҩаԥган абираҟ амш иазкыз аныҳәатә концерт.

Аԥсны Аҳәынҭқарра абираҟ амш хыркәшахеит акәашаратә коллективқәеи аԥсуа естрада ашәаҳәаҩцәеи злахәыз аконцерт ала. Сынтәатәи аныҳәа аиҿкаара рнапы ианын Аԥсны аҿартә политиказы аҳәынҭқарратә еилакы.

Аҳәынҭқарратә акәашаратә ансамбль "Кавказ", ахәыҷтәы хореографиатә коллектив "Абаза" инарыгӡеит аԥсуа жәлар рыкәашарақәа реиԥш Нхыҵ Кавказ ажәларқәа рыкәашарақәа. Илегендартәу агәыԥ "Аԥсны-67", аԥсуа естрадатә шәаҳәаҩцәеи инарыгӡеит бзиа еицырбо ашәақәа.

Ҳаамҭазтәи Аԥсны абираҟ рыдыркылеит 1992 шықәса ԥхынгәы 23 рзы. Иара аԥсуа жәлар рҳәынҭқарра аҿиара иасимволуп. Иаарту амаҿа шкәакәа 12 шәышықәса инарзынаԥшуа ақәра змоу аԥсуа ҳәынҭқарра иасимволуп. Ацәаҳәа иаҵәақәеи ашкәакәақәеи аҿареи адоуҳареи ирсимволуп. Хә-кәакьҭак змоу аеҵәақәа быжьба – Аԥсны аҭоурыхтә раионқәа: Саӡ, Бзыԥ, Гәма, Абжьыуаа, Самырзаҟан, Дал-Ҵабал, Ԥсҳәы, Аибга ирсимволны иҟоуп.

Аҳәынҭқарратә символикақәа дравторуп, асахьаҭыхҩы — Валери Гамгиа.


© Sputnik / Томас ТхайцукТрадициала абираҟ амш аҽны згәы иаҭахә амилаҭ маҭәа ршәырҵоит
Абираҟ амш - Sputnik Аҧсны
1/11
Традициала абираҟ амш аҽны згәы иаҭахә амилаҭ маҭәа ршәырҵоит
© Sputnik / Томас ТхайцукАҳәынҭқарра абираҟ амш иазку аныхәа еиднакылоит хәыҷыи дуи
Абираҟ амш - Sputnik Аҧсны
2/11
Аҳәынҭқарра абираҟ амш иазку аныхәа еиднакылоит хәыҷыи дуи
© Sputnik / Томас ТхайцукАкәашаратә ансамбль "Кавказ" инаныгӡеит аԥсуа кәашара
Абираҟ амш - Sputnik Аҧсны
3/11
Акәашаратә ансамбль "Кавказ" инаныгӡеит аԥсуа кәашара
© Sputnik / Томас ТхайцукАлегендартә гәыԥ "Аԥсны - 67" инаныгӡеит зегьы бзие еицырбо ашәа "Сыԥсы злаҭоу Аԥсынра"
Абираҟ амш - Sputnik Аҧсны
4/11
Алегендартә гәыԥ "Аԥсны - 67" инаныгӡеит зегьы бзие еицырбо ашәа "Сыԥсы злаҭоу Аԥсынра"
© Sputnik / Томас ТхайцукАбираҟ амш азгәаҭара иазԥхьагәаҭан х-шықәса раԥхьа, гәыԥҩык аҿар раԥшьгарала
Абираҟ амш - Sputnik Аҧсны
5/11
Абираҟ амш азгәаҭара иазԥхьагәаҭан х-шықәса раԥхьа, гәыԥҩык аҿар раԥшьгарала
© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсуа естрадатә шәаҳәаҩцәа инарыгӡеит аҿар ргимн
Абираҟ амш - Sputnik Аҧсны
6/11
Аԥсуа естрадатә шәаҳәаҩцәа инарыгӡеит аҿар ргимн
© Sputnik / Томас Тхайцук"Абаза" акәашацәа инарыгӡеит Нхыҵ Кавказ жәлар рыкәашарақәа
Абираҟ амш - Sputnik Аҧсны
7/11
"Абаза" акәашацәа инарыгӡеит Нхыҵ Кавказ жәлар рыкәашарақәа
© Sputnik / Томас ТхайцукԤхынгәы 23 аҽны иазгәарҭоит Аԥсны Аҳәынҭқарра абираҟ амш
Абираҟ амш - Sputnik Аҧсны
8/11
Ԥхынгәы 23 аҽны иазгәарҭоит Аԥсны Аҳәынҭқарра абираҟ амш
© Sputnik / Томас ТхайцукҲаамҭазтәи Аԥсны абираҟ рыдыркылеит 1992 шықәса ԥхынгәы 23 рзы
Абираҟ амш - Sputnik Аҧсны
9/11
Ҳаамҭазтәи Аԥсны абираҟ рыдыркылеит 1992 шықәса ԥхынгәы 23 рзы
© Sputnik / Томас ТхайцукАестрадатә шәаҳәаҩцәа злахәыз аконцерт ахәаԥ шцәа ргәалаҟазаара шьҭнахит
Абираҟ амш - Sputnik Аҧсны
10/11
Аестрадатә шәаҳәаҩцәа злахәыз аконцерт ахәаԥ шцәа ргәалаҟазаара шьҭнахит
© Sputnik / Томас ТхайцукАҳәынҭқарратә символикақәа дравторуп асахьаҭыхыҩ - Валери Гамгиа
Абираҟ амш - Sputnik Аҧсны
11/11
Аҳәынҭқарратә символикақәа дравторуп асахьаҭыхыҩ - Валери Гамгиа
Ажәабжьқәа зегьы
0