Аслан Нанба иџьашьахәу ирҿиамҭақәа

Анапаҵаҩра
Асахьаҭыхыҩ Аслан Нанба Sputnik акорреспондент Бадри Есиава изеиҭеиҳәеит аҟазараҿы дызнысыз имҩа атәы.

Аслан Нанба шьҭрала Бармышьтәуп. Аҟәаҟа дааит 20 шықәса раԥхьа, аибашьра ашьҭахь. Ҭаацәала дахьынхо аҩн дуа актәи аихагылаҟны ихатә ҟазарҭа ааиртит. Иара ишиҳәо ала Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәахьы уаанӡа арҿиаразы унеиуазар, уажәы маҷк ихәаахәҭырҭаҭыԥхеит.

Аслан Нанба ирҿиаратә мҩа иазкәу аҭоурых шәаԥхьар ҟалоит абра

"Уаанӡа саргьы уа сырҿиамҭақәа срызхәыцуан, уажәы аамҭақәа цәгьоуп. Ҩыџьа ахәыҷқәа сымоуп, руаӡәк дыстудентуп. Аҭаацәара ныҟәгалатәуп", — иҳәеит Аслан.

Нанба иазгәеиҭоит уаанӡеиԥш инапкымҭақәа рыҭира шымариам, избанзар арахь хыԥхьаӡара рацәала иааргоит китаинтәи зхаҭабзиара лаҟәу, аха зыхәԥсагьы рацәак иҳаракым анапкымҭақәа. Иара иазгәеиҭеит ирҿиамҭақәа Аԥсны асувениртә ҭирҭақәа жәпакы рҿы ишыҟоу. Урҭ даарак ирацәам избанзар ихы иаирхәо атехнологиа ирласны аҟаҵара алнаршом. 

© Sputnik / Томас ТхайцукАслан Нанба иҟазарҭа дахьынхо аҩны актәи аихагылаҿы еиҿикааит
Асахьаҭыхыҩ Аслан Нанба - Sputnik Аҧсны
1/13
Аслан Нанба иҟазарҭа дахьынхо аҩны актәи аихагылаҿы еиҿикааит
© Sputnik / Томас ТхайцукАсувенирқәа хкы-хкыла ирзырхиоуп доусы ирықәшшәо, ҩ-хәҭак змоу аформа
Асахьаҭыхыҩ Аслан Нанба - Sputnik Аҧсны
2/13
Асувенирқәа хкы-хкыла ирзырхиоуп доусы ирықәшшәо, ҩ-хәҭак змоу аформа
© Sputnik / Томас ТхайцукАслан анышәаԥшь Оҭҳарантәи иааигоит
Асахьаҭыхыҩ Аслан Нанба - Sputnik Аҧсны
3/13
Аслан анышәаԥшь Оҭҳарантәи иааигоит
© Sputnik / Томас ТхайцукАршьышьы аформақәа ирҭауҭәаанӡа – ираӡатәуп
Асахьаҭыхыҩ Аслан Нанба - Sputnik Аҧсны
4/13
Аршьышьы аформақәа ирҭауҭәаанӡа – ираӡатәуп
© Sputnik / Томас ТхайцукАнышәаԥшь-ршьышьы акылҵәара ҷыдала аформақәа ирҭарҭәоит
Асахьаҭыхыҩ Аслан Нанба - Sputnik Аҧсны
5/13
Анышәаԥшь-ршьышьы акылҵәара ҷыдала аформақәа ирҭарҭәоит
© Sputnik / Томас ТхайцукАршьышьы аформа иҭымыкәкәарц разинала ирххатәуп
Асахьаҭыхыҩ Аслан Нанба - Sputnik Аҧсны
6/13
Аршьышьы аформа иҭымыкәкәарц разинала ирххатәуп
© Sputnik / Томас ТхайцукСааҭқәак рышьҭахь алых аформа иҭугар алшоит
Асахьаҭыхыҩ Аслан Нанба - Sputnik Аҧсны
7/13
Сааҭқәак рышьҭахь алых аформа иҭугар алшоит
© Sputnik / Томас ТхайцукАалых иамыршәшәатәу ҳәызбала иахуцәаауеит
Асахьаҭыхыҩ Аслан Нанба - Sputnik Аҧсны
8/13
Аалых иамыршәшәатәу ҳәызбала иахуцәаауеит
© Sputnik / Томас ТхайцукАслан Нанба мыруганы имоу инапқәа роуп
Асахьаҭыхыҩ Аслан Нанба - Sputnik Аҧсны
9/13
Аслан Нанба мыруганы имоу инапқәа роуп
© Sputnik / Томас ТхайцукАсувенирқәа зқьы рҟынӡа аҳауашоура ахьыҟоу апечқь иҭарҵоит арԥшшаразы
Асахьаҭыхыҩ Аслан Нанба - Sputnik Аҧсны
10/13
Асувенирқәа зқьы рҟынӡа аҳауашоура ахьыҟоу апечқь иҭарҵоит арԥшшаразы
© Sputnik / Томас ТхайцукАалых анӡлак ацәымза амцала сахьала ихиркуеит аҟаза
Асахьаҭыхыҩ Аслан Нанба - Sputnik Аҧсны
11/13
Аалых анӡлак ацәымза амцала сахьала ихиркуеит аҟаза
© Sputnik / Томас ТхайцукАцәымза амца аԥшшәахәы еиҳа иалкаан иҟанаҵоит ҳәа ишьоит Нанба
Асахьаҭыхыҩ Аслан Нанба - Sputnik Аҧсны
12/13
Ацәымза амца аԥшшәахәы еиҳа иалкаан иҟанаҵоит ҳәа ишьоит Нанба
© Sputnik / Томас ТхайцукАслан Нанба иаԥиҵоит: аграфинқәа, аирыӡқәа, авазақәа, асабардақәа, аҵәцақәа, аҭҭыныжәгақәа, ацәашьҭаргыларҭақәа, астатуеткақәа атәыла аҭыԥ ԥшӡаррақәа зныԥшуа аемблемақәа рынҵаны.
Асахьаҭыхыҩ Аслан Нанба - Sputnik Аҧсны
13/13
Аслан Нанба иаԥиҵоит: аграфинқәа, аирыӡқәа, авазақәа, асабардақәа, аҵәцақәа, аҭҭыныжәгақәа, ацәашьҭаргыларҭақәа, астатуеткақәа атәыла аҭыԥ ԥшӡаррақәа зныԥшуа аемблемақәа рынҵаны.
Ажәабжьқәа зегьы
0