Иҿыцу абыжьқәа раҳаит Аҟәа

Анапаҵаҩра
Аестрадатә шәа анагӡаҩцәа XVI рреспубликатә конкурс "Аҿар рыбжьы" мҩаԥысит Аҟәа. Аконкурс раԥхьатәи амш хыркәшахеит гала-концерт ала.

Аконцерт аалыртит хәышықәса зхыҵуа Викториа Ҵулукиаԥҳа. Лара иналыгӡеит Анатоли Алҭеиба иашәа "Аӡынтәи абаҳча". Викториа Ҵулукиаԥҳа лоуп иреиҵбу агәыԥ аҟны аиааира згазгьы. Аконкурс рхы аладырхәит Аԥсны ахы-аҵыхәа аҟынтәи 50-ҩык рҟынӡа аҿар. Аконкурс аҟны ихымԥаданы иҟан аԥсуа ашәак аҳәара. Аконкурс аиҿкааҩ Нури Кәарҷиа иазгәеиҭеит, асценахь инеиз ахәыҷқәа зегьы раԥхьаӡа акәны шакәу асеиԥш иҟоу асцена ду аҿы ишықәгылаз.

Арахь иааит Аԥсны ахы-аҵыхәа зегь аҟынтәи аҟазара злоу ахәыҷқәа. 7-9 шықәса ирыҵаркуа рыбжьара – Сара Абрамиан. Иара убасгьы аконкурс иалахәын 15-17 шықәса зхыҵуаз ашәаҳәаҩцәа. Уи агәыԥ рыбжьара аиааира игеит Ромео Чаава (Гал). Адуетқәа рыбжьара актәи аҭыԥ аӡәгьы иаҭәашьамызт. Аҩбатәи аҭыԥ ааныркылеит аиҳәшьцәа Гадлиаа, ахԥатәи – аиҳәшьцәа Ҵышәаа.

Инарҭбаау ажәабжь шәаԥхьар ҟалоит абра

Сара Абрамиан "Аԥсны 67" арепертуар аҟынтәи иналыгӡаз ашәа "Сыԥсадгьыл Аԥсны" ажиури даара гәаԥхарыла ирыдыркылеит. Аҩбатәи Сара лашәа Наргиз Закирова лрепертуар аҟынтәин. Азал зегьы напеинҟьарыла ирыдыркылеит Сара лықәгылара. Лықәра зықәраз рыбжьарагьы актәи аҭыԥ аанылкылеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАконкурс аиҿкааҩ Нури Кәарҷиа иазгәеиҭеит асценахь инеиз ахәыҷқәа зегьы раԥхьаӡа акәны шакәу асеиԥш иҟоу асцена ду аҿы ишықәгылаз.
Аестрадатә шәа анагӡаҩцәа XVI рреспубликатә конкурс Аҿар рыбжьы - Sputnik Аҧсны
1/9
Аконкурс аиҿкааҩ Нури Кәарҷиа иазгәеиҭеит асценахь инеиз ахәыҷқәа зегьы раԥхьаӡа акәны шакәу асеиԥш иҟоу асцена ду аҿы ишықәгылаз.
© Sputnik / Томас ТхайцукАконкурс асасцәа– акәашаратә гәыԥ "Ахәыҷра адунеи". Асахьаркыратә напхгаҩы Ольга Денисова.
Аестрадатә шәа анагӡаҩцәа XVI рреспубликатә конкурс Аҿар рыбжьы - Sputnik Аҧсны
2/9
Аконкурс асасцәа– акәашаратә гәыԥ "Ахәыҷра адунеи". Асахьаркыратә напхгаҩы Ольга Денисова.
© Sputnik / Томас ТхайцукАконцерт аалыртит хәышықәса зхыҵуа Викториа Ҵулукиаԥҳа. Лара иналыгӡеит Анатоли Алҭеиба иашәа "Аӡынтәи абаҳча". Викториа Ҵулукиаԥҳа лоуп иреиҵбу агәыԥ аҟны аиааира згазгьы.
Аестрадатә шәа анагӡаҩцәа XVI рреспубликатә конкурс Аҿар рыбжьы - Sputnik Аҧсны
3/9
Аконцерт аалыртит хәышықәса зхыҵуа Викториа Ҵулукиаԥҳа. Лара иналыгӡеит Анатоли Алҭеиба иашәа "Аӡынтәи абаҳча". Викториа Ҵулукиаԥҳа лоуп иреиҵбу агәыԥ аҟны аиааира згазгьы.
© Sputnik / Томас ТхайцукҴыԥх имҩаԥысыз ХV аконкурс аҟны аиааира згаз Алина Џьарсалиаԥҳаи Алан Тарнаи ааԥхьара рыманы аконцерт рхы аладырхәит
Аестрадатә шәа анагӡаҩцәа XVI рреспубликатә конкурс Аҿар рыбжьы - Sputnik Аҧсны
4/9
Ҵыԥх имҩаԥысыз ХV аконкурс аҟны аиааира згаз Алина Џьарсалиаԥҳаи Алан Тарнаи ааԥхьара рыманы аконцерт рхы аладырхәит
© Sputnik / Томас ТхайцукДиана Џьынџьалԥҳа лықәгылара дырԥшӡеит Вероника Полуектова напхгара зылҭо акәашаратә гәыԥ.
Аестрадатә шәа анагӡаҩцәа XVI рреспубликатә конкурс Аҿар рыбжьы - Sputnik Аҧсны
5/9
Диана Џьынџьалԥҳа лықәгылара дырԥшӡеит Вероника Полуектова напхгара зылҭо акәашаратә гәыԥ.
© Sputnik / Томас ТхайцукАконкурс аҟны ихымԥаданы иҟан аԥсуа ашәак аҳәара. Аҩбатәи ашәа дасу иалихуаз акәын.
Аестрадатә шәа анагӡаҩцәа XVI рреспубликатә конкурс Аҿар рыбжьы - Sputnik Аҧсны
6/9
Аконкурс аҟны ихымԥаданы иҟан аԥсуа ашәак аҳәара. Аҩбатәи ашәа дасу иалихуаз акәын.
© Sputnik / Томас ТхайцукАконкурс рхы аладырхәырц Аҟәаҟа иааиит Аԥсны ахы-аҵыхәа аҟынтәи 50-ҩык рҟынӡа аҿар.
Аестрадатә шәа анагӡаҩцәа XVI рреспубликатә конкурс Аҿар рыбжьы - Sputnik Аҧсны
7/9
Аконкурс рхы аладырхәырц Аҟәаҟа иааиит Аԥсны ахы-аҵыхәа аҟынтәи 50-ҩык рҟынӡа аҿар.
© Sputnik / Томас ТхайцукАвокал азы арҵаҩцәа рџьабаа ахә шьаны, иранашьан аҳаҭыртә шәҟәқәа
Аестрадатә шәа анагӡаҩцәа XVI рреспубликатә конкурс Аҿар рыбжьы - Sputnik Аҧсны
8/9
Авокал азы арҵаҩцәа рџьабаа ахә шьаны, иранашьан аҳаҭыртә шәҟәқәа
© Sputnik / Томас Тхайцук15-17 шықәса зхыҵуаз ашәаҳәаҩцәа рыбжьара аиааира игеит Ромео Чаава (Гал). Сара Абрамиан "Аԥсны 67" арепертуар аҟынтәи иналыгӡаз ашәа "Сыԥсадгьыл Аԥсны" ажиури даара гәаԥхарыла ирыдыркылеит.
Вокальный конкурс Молодые голоса. Первый день - Sputnik Аҧсны
9/9
15-17 шықәса зхыҵуаз ашәаҳәаҩцәа рыбжьара аиааира игеит Ромео Чаава (Гал). Сара Абрамиан "Аԥсны 67" арепертуар аҟынтәи иналыгӡаз ашәа "Сыԥсадгьыл Аԥсны" ажиури даара гәаԥхарыла ирыдыркылеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0