Аиааира Ду амш азгәарҭеит Аҟәа

Анапаҵаҩра
Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа Аиааира амшныҳәа иазкны Аҟәа имҩаԥысит еиуеиԥшым ауснагӡатәқәа.

Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа Аиааира амшныҳәа иазкны Аҟәа, Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҟны, Идырым Асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа имҩаԥысит Аиааира Апарад.

Идырым Асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа рықәҵарала ихацыркхеит имҩаԥысуаз аныҳәатә уснагӡатәқәа. Ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ашьҭахь аныҳәатә митинг мҩаԥган.Идырым Асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа аиааира амшныҳәа иазкны имҩаԥгаз амитинг аҟны иқәгылаз атәыла Ахада ихаҭыԥуаҩ Витали Габниа иҳәеит, аамҭа цацыԥхьаӡа аныҳәа аҵакы еиҳа-еиҳа ишазҳауа.

"Иеизаз зегьы ишәыдысныҳәалоит иахьатәи амшныҳәа ду. Ашықәсқәа цоит, аха ҳара ҳзы ари амш аҵакы иацымлозар иагхом. Лаҵарамза 9 асовет солдаҭ ифырхаҵареи игәымшәареи ирымшуп. Иахьа, адунеи ахьынӡанаӡааӡо миллионҩыла ауаа рабацәеи рабдуцәеи рфотосахьақәа рыманы идәылҵуеит", — иҳәеит иара.

Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәахьы инеиит зықьҩыла аҳҭнықалақь ауааԥсыреи асасцәеи.

55 нызқьҩык Аԥсны ауааԥсыра аибашьра иалахәын, урҭ рҟынтәи 17 нызқьҩык аиааира амш изахьымӡеит. Амш аҩбатәи ахәҭаан амшын аԥшаҳәаҿы имҩаԥган аныҳәатә концерти асахьаҭыхыҩцәа рцәыргақәҵеи.

© Sputnik / Томас ТхайцукИтрадицианы иҟалеит Аиааира амш Аҟәа, Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа амҩаԥгара
Аиааира Ду амш азгәарҭеит Аҟәа - Sputnik Аҧсны
1/16
Итрадицианы иҟалеит Аиааира амш Аҟәа, Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа амҩаԥгара
© Sputnik / Томас ТхайцукАибашьра аветеранцәа – Афырхацәа. Есышықәса урҭ рхыԥхьаӡара еиҳа-еиҳа еиҵахоит
Аиааира Ду амш азгәарҭеит Аҟәа - Sputnik Аҧсны
2/16
Аибашьра аветеранцәа – Афырхацәа. Есышықәса урҭ рхыԥхьаӡара еиҳа-еиҳа еиҵахоит
© Sputnik / Томас ТхайцукАџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аветеран – Валентина Шульгина. Шульгина иланашьоуп "Агәымшәараз" амедали Аеҵәа Ҟаԥшь аордени
Аиааира Ду амш азгәарҭеит Аҟәа - Sputnik Аҧсны
3/16
Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аветеран – Валентина Шульгина. Шульгина иланашьоуп "Агәымшәараз" амедали Аеҵәа Ҟаԥшь аордени
© Sputnik / Томас ТхайцукАиааира амшныҳәа аҽны арахь иааиуеит аветеранцәа рыхшара, рмоҭацәа
Аиааира Ду амш азгәарҭеит Аҟәа - Sputnik Аҧсны
4/16
Аиааира амшныҳәа аҽны арахь иааиуеит аветеранцәа рыхшара, рмоҭацәа
© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны Атәылахьчара аминистрра арратә оркестр
Аиааира Ду амш азгәарҭеит Аҟәа - Sputnik Аҧсны
5/16
Аԥсны Атәылахьчара аминистрра арратә оркестр
© Sputnik / Томас ТхайцукАџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵоит
Аиааира Ду амш азгәарҭеит Аҟәа - Sputnik Аҧсны
6/16
Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵоит
© Sputnik / Томас Тхайцук1941-1945шш. Аџьынџьтәылатә еибашьра Аиааира амш аҽны апарад иалахәын 300-ҩык рҟынӡа аррамаҵзурауаа
Аиааира Ду амш азгәарҭеит Аҟәа - Sputnik Аҧсны
7/16
1941-1945шш. Аџьынџьтәылатә еибашьра Аиааира амш аҽны апарад иалахәын 300-ҩык рҟынӡа аррамаҵзурауаа
© Sputnik / Томас ТхайцукАпарад иалахәын Аԥсны Атәылахьчара аминистрреи, Урыстәылатәи Афедерациа Атәылахьчара аминистрреи, Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ашәарҭадаратә маҵзуреи рыруааи
Аиааира Ду амш азгәарҭеит Аҟәа - Sputnik Аҧсны
8/16
Апарад иалахәын Аԥсны Атәылахьчара аминистрреи, Урыстәылатәи Афедерациа Атәылахьчара аминистрреи, Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ашәарҭадаратә маҵзуреи рыруааи
© Sputnik / Томас ТхайцукАибашьра аветеран Ваграм Калаидџьиан ашкол даналга Кавказ ахьчара иԥхьеит
Аиааира Ду амш азгәарҭеит Аҟәа - Sputnik Аҧсны
9/16
Аибашьра аветеран Ваграм Калаидџьиан ашкол даналга Кавказ ахьчара иԥхьеит
© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны адинмаҵзуҩцәа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа
Аиааира Ду амш азгәарҭеит Аҟәа - Sputnik Аҧсны
10/16
Аԥсны адинмаҵзуҩцәа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа
© Sputnik / Томас ТхайцукАибашьра аветеран Леуарса Ашәба Новороссииск ахьчараан ӷәӷәала дхәын
Аиааира Ду амш азгәарҭеит Аҟәа - Sputnik Аҧсны
11/16
Аибашьра аветеран Леуарса Ашәба Новороссииск ахьчараан ӷәӷәала дхәын
© Sputnik / Томас ТхайцукАкциа "Ԥсра зқәым аполк". Есышықәса иара алахәылацәа рхыԥхьаӡара еиҳахоит
Празднование Дня Победы в Сухуме - Sputnik Аҧсны
12/16
Акциа "Ԥсра зқәым аполк". Есышықәса иара алахәылацәа рхыԥхьаӡара еиҳахоит
© Sputnik / Томас ТхайцукАфырхацәа рхылҵшьҭрақәа рабдуцәа рфотосахьақәа ирзыгәдуны инаргоит
Аиааира Ду амш азгәарҭеит Аҟәа - Sputnik Аҧсны
13/16
Афырхацәа рхылҵшьҭрақәа рабдуцәа рфотосахьақәа ирзыгәдуны инаргоит
© Sputnik / Томас ТхайцукИтрадицианы иҟалаз аветеранцәа рзы акрыфарачара мҩаԥган изҭахаз зегьы рзы
Аиааира Ду амш азгәарҭеит Аҟәа - Sputnik Аҧсны
14/16
Итрадицианы иҟалаз аветеранцәа рзы акрыфарачара мҩаԥган изҭахаз зегьы рзы
© Sputnik / Томас ТхайцукАиааира амш иазкыз акциа "Иҭабуп аиааиразы" мҩаԥысит
Аиааира Ду амш азгәарҭеит Аҟәа - Sputnik Аҧсны
15/16
Аиааира амш иазкыз акциа "Иҭабуп аиааиразы" мҩаԥысит
© Sputnik / Томас ТхайцукАекспозициаҿ ицәыргаз атехника аинтерес рыман ахәыҷқәа
Аиааира Ду амш азгәарҭеит Аҟәа - Sputnik Аҧсны
16/16
Аекспозициаҿ ицәыргаз атехника аинтерес рыман ахәыҷқәа
Ажәабжьқәа зегьы
0