Ахада иалхра: Аԥсны абжьыҭарақәа шымҩаԥысыз

Анапаҵаҩра
Заанаҵтәи адыррақәа рыла, асааҭ 20:00 рызтәи аамҭала рыбжьы арҭеит 56% алхыҩцәа. Зынӡа рыбжьы арҭахьан 61 нызқьи 20-ҩык алхыҩцәа. Алхыҩцәа рсиақәа рҿы иануп 125 нызқьи 875-ҩык алхыҩцәа.

Шьыжьнаҵы ауаа алхрақәа рахь ааира иалагеит, ҭыԥқәак рҿы агәаранқәагьы ыҟан.

Уажәтәи абиуллетенқәа рҟны ахадарахьы акандидатцәеи ахада ихаҭыԥуаҩрахь акандидатцәеи рбиографиақәа анӡам. Аха урҭ ирызку адыррақәа алхырҭатә ҭыԥқәа рҟны икыдуп.

Алхратә процесс аиҭакрақәа алагалан: анацәа адырганҵареи абиуллетенқәа рҟны акандидатцәа рыхьӡқәа рҵәаӷәара аметоди аԥыхын, уажәшьҭа рыбжьы зырҭар ирҭаху акандидат ихьӡ авараҟны адырга ықәдыргылар акәын. Абиуллетенқәа рҟны иарбан акандидатцәа жәҩык рыжәлақәа, иара убасгьы иарбан аграфа "зегьы сырҿагылоуп". Атәылауаҩшәҟәы аҟны абжьыҭаразы аштамп ықәдыргылон.

алхырҭатә ҭыԥқәа раркра - Sputnik Аҧсны
Аԥсны ахада иалхрақәа раан алхырҭатә ҭыԥқәа аркуп

Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа рҟны абжьыҭаразы алхырҭатә ҭыԥқәа аартын аҭыԥантәи аамҭа асааҭ 8:00 рзы атәыла араионқәа зегьы рҟны. Алхырҭатә ҭыԥқәа аартын асааҭ 20:00 рҟынӡа. Алхырҭатә ҭыԥқәа 152 аартын Аԥсны иахьаҵанакуа, алхырҭатә ҭыԥқәа ҩба аартын Москвеи Черкесски. Сҭампыл алхырҭатә ҭыԥ аадмыртӡеит.

Абжьыҭаразы азин рымоуп зықәра наӡахьоу, аҩнуҵҟатәи атәылауаҩшәҟәы жәытәқәа зыԥсаххьоу Аԥсны атәылауаа зегьы. Иҟоу адыррақәа рыла, алхыҩцәа рхыԥхьаӡара 125 нызқь иреиҳауп.

 

 

Ртәылауаҩратә уалԥшьа нарыгӡеит ахадарахьы акандидатцәагьы. Урҭ зегьы алхырҭатә ҭыԥқәа рҿы иааины, рыбжьы арҭеит. Урҭ ргәалаҟара шыбзиаз, ажәлар алхра иаша шыҟарҵо азы агәыӷра шрымоу рҳәеит.

Аԥсны ахада иалхрақәа ирхылаԥшуеит 60-ҩык инареиҳаны жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа Урыстәыла, Аахыҵ Уаԥстәыла, Лугансктәи жәлар рреспублика, Германиа, Австриа, уб.егь.

© Sputnik / Томас ТхайцукАхада иалхрақәа мҩаԥысуеит 152 алхырҭатә ҭыԥқәа рҟны, иара убас Москвеи Черкесски, Сҭампыл алхырҭатә ҭыԥ официалла иаартымызт.
Аԥсны ахада иалхрақәа - Sputnik Аҧсны
1/20
Ахада иалхрақәа мҩаԥысуеит 152 алхырҭатә ҭыԥқәа рҟны, иара убас Москвеи Черкесски, Сҭампыл алхырҭатә ҭыԥ официалла иаартымызт.
© Sputnik / Кирилл Каллиников / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАлхырҭатә ҭыԥқәа рҟны икыдҵан ахадарахьи ахада ихаҭыԥуаҩрахьи акандидатцәа равтобиографиақәеи, рфотосахьақәеи.
Москва ицо Аԥсны ахада иалхрақәа - Sputnik Аҧсны
2/20
Алхырҭатә ҭыԥқәа рҟны икыдҵан ахадарахьи ахада ихаҭыԥуаҩрахьи акандидатцәа равтобиографиақәеи, рфотосахьақәеи.
© Sputnik / Томас ТхайцукАлхыҩцәа рсиақәагьы кыдын.
Аԥсны ахада иалхрақәа - Sputnik Аҧсны
3/20
Алхыҩцәа рсиақәагьы кыдын.
© Sputnik / Томас ТхайцукАлхырҭатә ҭыԥқәа рҟны кандидатцыԥхьаӡа анаԥшыҩцәа ыҟоуп, урҭ абжьыҭара ацашьа иахылаԥшуеит, алхыҩцәа рхыԥхьаӡара анырҵоит.
Аԥсны ахада иалхрақәа - Sputnik Аҧсны
4/20
Алхырҭатә ҭыԥқәа рҟны кандидатцыԥхьаӡа анаԥшыҩцәа ыҟоуп, урҭ абжьыҭара ацашьа иахылаԥшуеит, алхыҩцәа рхыԥхьаӡара анырҵоит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАлхратә процесс аиҭакрақәа алагалан: анацәа адырганҵареи абиуллетенқәа рҟны акандидатцәа рыхьӡқәа рҵәаӷәара аметоди аԥыхын, уажәшьҭа рыбжьы зырҭар ирҭаху акандидат ихьӡ авараҟны адырга ықәдыргылар акәын. Абиуллетенқәа рҟны иарбан акандидатцәа жәҩык рыжәлақәа, иара убасгьы иарбан аграфа "зегьы сырҿагылоуп".
Аԥсны ахада иалхрақәа - Sputnik Аҧсны
5/20
Алхратә процесс аиҭакрақәа алагалан: анацәа адырганҵареи абиуллетенқәа рҟны акандидатцәа рыхьӡқәа рҵәаӷәара аметоди аԥыхын, уажәшьҭа рыбжьы зырҭар ирҭаху акандидат ихьӡ авараҟны адырга ықәдыргылар акәын. Абиуллетенқәа рҟны иарбан акандидатцәа жәҩык рыжәлақәа, иара убасгьы иарбан аграфа "зегьы сырҿагылоуп".
© Sputnik / Томас ТхайцукАлхҩы ибжьы маӡала иаиҭоит. Уи иҷыдоу ауадаҿы ибиуллетен хаирҭәаауеит, уи ашьҭах аурна иҭеиҵоит.
Аԥсны ахада иалхрақәа - Sputnik Аҧсны
6/20
Алхҩы ибжьы маӡала иаиҭоит. Уи иҷыдоу ауадаҿы ибиуллетен хаирҭәаауеит, уи ашьҭах аурна иҭеиҵоит.
© Sputnik / Томас ТхайцукШьыжьнаҵы ауаа алхрақәа рахь ирацәаҩны иааит.
Аԥсны ахада иалхрақәа - Sputnik Аҧсны
7/20
Шьыжьнаҵы ауаа алхрақәа рахь ирацәаҩны иааит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАбжьыҭаразы азин рымоуп зықәра наӡахьоу, аҩнуҵҟатәи атәылауаҩшәҟәы жәытәқәа зыԥсаххьоу Аԥсны атәылауаа зегьы. Иҟоу адыррақәа рыла, алхыҩцәа рхыԥхьаӡара 125 нызқь иреиҳауп.
Аԥсны ахада иалхрақәа - Sputnik Аҧсны
8/20
Абжьыҭаразы азин рымоуп зықәра наӡахьоу, аҩнуҵҟатәи атәылауаҩшәҟәы жәытәқәа зыԥсаххьоу Аԥсны атәылауаа зегьы. Иҟоу адыррақәа рыла, алхыҩцәа рхыԥхьаӡара 125 нызқь иреиҳауп.
© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны ахада иалхрақәа ирхылаԥшуеит 60-ҩык инареиҳаны жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа.
Аԥсны ахада иалхрақәа - Sputnik Аҧсны
9/20
Аԥсны ахада иалхрақәа ирхылаԥшуеит 60-ҩык инареиҳаны жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа.
© Sputnik / Томас ТхайцукАкандидатцәа рганахьала анаԥшыҩцәа алхыҩцәа рхыԥхьаӡара гәарҭоит иҷыдоу аԥхьаӡагақәа рыла.
Аԥсны ахада иалхрақәа - Sputnik Аҧсны
10/20
Акандидатцәа рганахьала анаԥшыҩцәа алхыҩцәа рхыԥхьаӡара гәарҭоит иҷыдоу аԥхьаӡагақәа рыла.
© Sputnik / Томас ТхайцукРҭаацәа ирыцны иаауан ахәыҷқәагьы.
Аԥсны ахада иалхрақәа - Sputnik Аҧсны
11/20
Рҭаацәа ирыцны иаауан ахәыҷқәагьы.
© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАҟәатәи алхырҭатә ҭыԥ №2 аҟны агәаран ыҟан.
Аԥсны ахада иалхрақәа - Sputnik Аҧсны
12/20
Аҟәатәи алхырҭатә ҭыԥ №2 аҟны агәаран ыҟан.
© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАҟәа атәылауаҩ инапаҿы ирҭоит абжьыҭаразы абиуллетен.
Аԥсны ахада иалхрақәа - Sputnik Аҧсны
13/20
Аҟәа атәылауаҩ инапаҿы ирҭоит абжьыҭаразы абиуллетен.
© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАхадарахьы акандидат ажурналистцәа аинтервиу риҭоит.
Аԥсны ахада иалхрақәа - Sputnik Аҧсны
14/20
Ахадарахьы акандидат ажурналистцәа аинтервиу риҭоит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАқалақь атәылауаа рыбжьы арҭоит.
Аԥсны ахада иалхрақәа - Sputnik Аҧсны
15/20
Ақалақь атәылауаа рыбжьы арҭоит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны аус ауеит анҭыҵтәи алхратә комиссиа агәыԥ.
Аԥсны ахада иалхрақәа раан анҭыҵтәи аурна. - Sputnik Аҧсны
16/20
Аԥсны аус ауеит анҭыҵтәи алхратә комиссиа агәыԥ.
© Sputnik / Томас ТхайцукАнҭыҵтәи аурнақәа рхархәарала зықәрахь инеихьоу, ахымхәацәа, аиарҭа иамоу ачымазцәа рыбжьы арҭар рылшоит.
Аԥсны ахада иалхрақәа раан анҭыҵтәи аурна. - Sputnik Аҧсны
17/20
Анҭыҵтәи аурнақәа рхархәарала зықәрахь инеихьоу, ахымхәацәа, аиарҭа иамоу ачымазцәа рыбжьы арҭар рылшоит.
© Sputnik / Кирилл Каллиников / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМосква иҟоу алхырҭатә ҭыԥ аҟны алхратә комиссиа ахаҭарнак алхҩы итәылауаҩшәҟәы амҳәыр ааирхоит.
Москва ахада иалхрақәа раан. - Sputnik Аҧсны
18/20
Москва иҟоу алхырҭатә ҭыԥ аҟны алхратә комиссиа ахаҭарнак алхҩы итәылауаҩшәҟәы амҳәыр ааирхоит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАиааира игеит ҳәа дыԥхьаӡоуп 50%-и даҽа бжьыки зауз акандидат.
Аԥсны ахада иалхрақәа - Sputnik Аҧсны
19/20
Аиааира игеит ҳәа дыԥхьаӡоуп 50%-и даҽа бжьыки зауз акандидат.
© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАлхыҩцәа шьыжьнаҵы активла алхырҭатә ҭыԥқәа рахь иаауан. Зхәыҷқәа зманы иаазгьы рацәаҩын.
Аԥсны ахада иалхрақәа - Sputnik Аҧсны
20/20
Алхыҩцәа шьыжьнаҵы активла алхырҭатә ҭыԥқәа рахь иаауан. Зхәыҷқәа зманы иаазгьы рацәаҩын.
Ажәабжьқәа зегьы
0