Ачемпионцәа рҭыԥ: Алада Ешыра иҟаз СССР Аолимпиатә база

Анапаҵаҩра
Алада Ешыра иҟаз Асовет Еидгыла Аолимпиатә базаҟны ашьапылампыл, анапылампыл, амҵәышәмпыл, аԥқьаҭасра, агимнастика уҳәа аспортхкқәа рыла аидгыла акомандақәа рҽазыҟарҵон.

Аолимпиада-80 иалахәын иналукааша асовет спортсменцәа. Урҭ реиҳараҩык аҽазыҟаҵара иахысуан Аԥсны – Алада Ешыра иҟаз СССР Аолимпиатә база хадаҿы.

Алада Ешыра иҟаз Асовет Еидгыла Аолимпиатә база хада аргылара рыӡбеит хынҩажәатәи ашықәсқәа рзы. Усҟан ари аҭыԥ аҿы аеродром ыҟан. Уи нас Бабышьараҟа ииаргеит, ара - 64 гектар иахьрыҵаркуаз аолимпиатә ргылара нап алакын.

Ешыратәи абазаҿ зҽазыҟазҵоз аспортсменцәа иреиуан аԥснытәиқәагьы - Саида Гәынԥҳа, Москватәи Аолимпиадаҟны аҵәы аршәразы араӡны медал занашьахаз, Владимир Дорохов, Олимпиада-80 аҿы СССР анапылампыласыҩцәа ркоманда иалахәны ахьтәы медал згаз, Виктор Санеев – хынтәтәи аолимпиатә чемпион Олимпиада-80 аҿы араӡны медал занашьахаз.

Ешыратәи Аолимпиатә спорттә база аҟазаара ҿахҵәеит 1992-1993 шықәсқәа рзтәи ақырҭуа-аԥсуа еибашьраан.

Иахьазы аспортбаза еилаԥыхха игылоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ачемпион изы "араӡны": Аԥснытәи аспортсмен Аолимпиада-80 аҿы аҩбатәи аҭыԥ шигаз

© Sputnik / Акоп Кущян Алада Ешыра иҟаз СССР Аолимпиатә база хада.
Спорт - бара Эшера  - Sputnik Аҧсны
1/10
Алада Ешыра иҟаз СССР Аолимпиатә база хада.
© Sputnik / Томас ТхайцукАолимпиада-80 иалахәын иналукааша асовет спортсменцәа. Урҭ реиҳараҩык аҽазыҟаҵара иахысуан Аԥсны – Алада Ешыра иҟаз СССР Аолимпиатә база хадаҿы.
Спортбаза в Эшере - Sputnik Аҧсны
2/10
Аолимпиада-80 иалахәын иналукааша асовет спортсменцәа. Урҭ реиҳараҩык аҽазыҟаҵара иахысуан Аԥсны – Алада Ешыра иҟаз СССР Аолимпиатә база хадаҿы.
© Sputnik / Томас ТхайцукАлада Ешыра иҟаз СССР Аолимпиатә база хада аргыларазы аӡбра рыдыркылеит хынҩажәатәи ашықәсқәа рзы. Усҟан ари аҭыԥ аҿы аеродром ыҟан.
Спортбаза в Эшере  - Sputnik Аҧсны
3/10
Алада Ешыра иҟаз СССР Аолимпиатә база хада аргыларазы аӡбра рыдыркылеит хынҩажәатәи ашықәсқәа рзы. Усҟан ари аҭыԥ аҿы аеродром ыҟан.
© Sputnik / Томас ТхайцукАолмпиатә база аҭӡаҿы иану амозаикатә панно.
Спортбаза в Эшере - Sputnik Аҧсны
4/10
Аолмпиатә база аҭӡаҿы иану амозаикатә панно.
© Sputnik / Томас ТхайцукАолимпиатә база иахьа еилаҳаны иҟоуп.
Спортбаза в Эшере - Sputnik Аҧсны
5/10
Аолимпиатә база иахьа еилаҳаны иҟоуп.
© Sputnik / Томас ТхайцукАолимпиатә база ихадараз аихагылаҿы иҟан акрыфарҭа, асасааирҭатә уадақәа, акинотеатр.
Спортбаза в Эшере - Sputnik Аҧсны
6/10
Аолимпиатә база ихадараз аихагылаҿы иҟан акрыфарҭа, асасааирҭатә уадақәа, акинотеатр.
© Sputnik / Томас ТхайцукАбри аӡҭарчаҿы рҽазыҟарҵон асовет спортсменцәа.
Спортбаза в Эшере - Sputnik Аҧсны
7/10
Абри аӡҭарчаҿы рҽазыҟарҵон асовет спортсменцәа.
© Sputnik / Томас ТхайцукЕшыратәи Аолимпиатә спорттә база аҟазаара ҿахҵәеит 1992-1993 шықәсқәа рызтәи аибашьраан, аиҳарак шьаҭанкыла еилаԥыххаан. Ешера афронт цәаҳәа мҩасуан.

Спортбаза в Эшере - Sputnik Аҧсны
8/10
Ешыратәи Аолимпиатә спорттә база аҟазаара ҿахҵәеит 1992-1993 шықәсқәа рызтәи аибашьраан, аиҳарак шьаҭанкыла еилаԥыххаан. Ешера афронт цәаҳәа мҩасуан.

© Sputnik / Томас ТхайцукАолимпиатә база аиҭашьақәыргылара алшар ҟалоит ҳәа агәыӷрақәа ыҟан 2000-тәи ашықәсқәа раан.
Спортбаза в Эшере - Sputnik Аҧсны
9/10
Аолимпиатә база аиҭашьақәыргылара алшар ҟалоит ҳәа агәыӷрақәа ыҟан 2000-тәи ашықәсқәа раан.
© Sputnik / Томас Тхайцук СССР аамҭақәа рзы аспорттә инвентарь ԥхасҭа амамкәа иааиуан, аха 1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьраан зегь блит.
Спортбаза в Эшере - Sputnik Аҧсны
10/10
СССР аамҭақәа рзы аспорттә инвентарь ԥхасҭа амамкәа иааиуан, аха 1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьраан зегь блит.
Ажәабжьқәа зегьы
0