Ашьхараҿы аԥсшьара: аԥхынтәи Ауадҳара аԥшӡара

Анапаҵаҩра
Ауадҳара — Аԥсны ашьхараҿы илеиуа ӡиасуп, иара убас ашьхаратә бальнеологиатә курортуп, уи амшын инахыкны 1650—1700 метра иҳараку аҭыԥ аҿы иҟоуп, аӡиа Риҵаҟынтәи 18 километра аҩадахьы.

Аԥсны ашьхаратә туризм амшынтә еиԥшҵәҟьа ауаа бзиа ирбоит. Ауаа ҭынч аԥсшьареи ақалақь аӷьалпали ирцәыбналарц азы Ауадҳара рыԥсшьараамҭа рхыргарц рҽазыҟарҵоит.

Ауадҳара уаныҟоу ашьха ӡиақәа рахь шьапыла ма ҽыла уцар улшоит, агитара арҳәо амца уҽҳәатәаны ахәылԥазқәа ухугар ҟалоит, мамзаргьы акаҳуа афҩы лаҳалаҳауа шьыжьнаҵы ижәуа, ашьха цаҩцаҩқәа ургәыдыԥшыло уаамҭа ухугар улшоит.

Ауадҳараҟа уҩызцәа урыцны уцар ҟалоит, еиуеиԥшым агаджетқәа рҟынтәи ухы аԥсы аршьаны, уҭаацәеи уареи аамҭа еицухыганы, угәы ухауршҭыр улшоит, умчқәа еизганы, ахәыцрақәа рҭыԥ иқәҵаны, мамзаргьы гәацԥыҳәарак узааины умузагьы узцәырҵыр ҟалоит.

Ауадҳара атуристцәагьы бзиа ирбоит, аха уеизгьы ашьхараҿы аасҭа амшын аҿоуп дара еиҳарак иахьубо.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

© Sputnik / Томас ТхайцукАшьхақәа ургәыдыԥшыло ашьыжьтәи аҭаалым ала ашьыжь ианалаго - еиӷьу иҟоузеи!
Риҵеи Ауадҳареи аԥсшьара - Sputnik Аҧсны
1/16
Ашьхақәа ургәыдыԥшыло ашьыжьтәи аҭаалым ала ашьыжь ианалаго - еиӷьу иҟоузеи!
© Sputnik / Томас ТхайцукАуадҳара активла аԥсшьара бзиа избо рзы иреиӷьу ҭыԥуп.
Риҵеи Ауадҳареи аԥсшьара - Sputnik Аҧсны
2/16
Ауадҳара активла аԥсшьара бзиа избо рзы иреиӷьу ҭыԥуп.
© Sputnik / Томас Тхайцук Ауадҳаранӡа амашьына ҳаракқәа рыла ацара реиҳа иманшәалоуп.
Риҵеи Ауадҳареи аԥсшьара - Sputnik Аҧсны
3/16
Ауадҳаранӡа амашьына ҳаракқәа рыла ацара реиҳа иманшәалоуп.
© Sputnik / Томас ТхайцукАтуристцәеи аҭыԥантәи ауааԥсыреи ҽыла инаргааргоит.
Риҵеи Ауадҳареи аԥсшьара - Sputnik Аҧсны
4/16
Атуристцәеи аҭыԥантәи ауааԥсыреи ҽыла инаргааргоит.
© Sputnik / Томас ТхайцукШьоукгьы аҽазыҟаҵарақәа аспортзал аҟынтәи аҳауа цқьахь ииаргоит.
Риҵеи Ауадҳареи аԥсшьара - Sputnik Аҧсны
5/16
Шьоукгьы аҽазыҟаҵарақәа аспортзал аҟынтәи аҳауа цқьахь ииаргоит.
© Sputnik / Томас ТхайцукДаҽа шьоукы шьапыла аныҟәарақәа бзиа ирбоит, амҩан ашәҭ ԥшӡақәагьы ҿырхуеит.
Риҵеи Ауадҳареи аԥсшьара - Sputnik Аҧсны
6/16
Даҽа шьоукы шьапыла аныҟәарақәа бзиа ирбоит, амҩан ашәҭ ԥшӡақәагьы ҿырхуеит.
© Sputnik / Томас ТхайцукБыжь-ӡиак ркаршәра.
Риҵеи Ауадҳареи аԥсшьара - Sputnik Аҧсны
7/16
Быжь-ӡиак ркаршәра.
© Sputnik / Томас ТхайцукАшьхараҟны ухала уԥсы ушьартә, ухы аҭыԥ аҿы иааугартә азы иреиӷьу ҭыԥуп.
Риҵеи Ауадҳареи аԥсшьара - Sputnik Аҧсны
8/16
Ашьхараҟны ухала уԥсы ушьартә, ухы аҭыԥ аҿы иааугартә азы иреиӷьу ҭыԥуп.
© Sputnik / Томас ТхайцукИара убас уҭаацәеи уареи аамҭа еицышәхыжәгар ахьалшо иреиӷьу ҭыԥзар ҟалап.
Риҵеи Ауадҳареи аԥсшьара - Sputnik Аҧсны
9/16
Иара убас уҭаацәеи уареи аамҭа еицышәхыжәгар ахьалшо иреиӷьу ҭыԥзар ҟалап.
© Sputnik / Томас ТхайцукМамзаргьы укәша-мыкәша иҟоу убла хызкуа аԥшӡарақәа арыхәаԥшрадагьы уаҳа ак аҭахым.
Риҵеи Ауадҳареи аԥсшьара - Sputnik Аҧсны
10/16
Мамзаргьы укәша-мыкәша иҟоу убла хызкуа аԥшӡарақәа арыхәаԥшрадагьы уаҳа ак аҭахым.
© Sputnik / Томас ТхайцукАӡынра Ауадҳараҟа ахалара гәаӷьыуацәазаргьы, аԥхынра уаатәи аҩнхәыҷқәа рҿы иҭацәу аҭыԥ аԥшаара уадаҩуп.
Риҵеи Ауадҳареи аԥсшьара - Sputnik Аҧсны
11/16
Аӡынра Ауадҳараҟа ахалара гәаӷьыуацәазаргьы, аԥхынра уаатәи аҩнхәыҷқәа рҿы иҭацәу аҭыԥ аԥшаара уадаҩуп.
© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны атәылауаа Ауадҳараҟа еиҳара изхало ақалақьтә еилаҩеиласрақәа рҟынтәи рыԥсы ршьарц азоуп.
Риҵеи Ауадҳареи аԥсшьара - Sputnik Аҧсны
12/16
Аԥсны атәылауаа Ауадҳараҟа еиҳара изхало ақалақьтә еилаҩеиласрақәа рҟынтәи рыԥсы ршьарц азоуп.
© Sputnik / Томас ТхайцукАуадҳаратәи асахьақәа уанрыхәаԥшуа, зны-зынла иузхамҵаргьы ҟалоит, абасҵәҟьа иԥшӡароума ҳәа!
Риҵеи Ауадҳареи аԥсшьара - Sputnik Аҧсны
13/16
Ауадҳаратәи асахьақәа уанрыхәаԥшуа, зны-зынла иузхамҵаргьы ҟалоит, абасҵәҟьа иԥшӡароума ҳәа!
© Sputnik / Томас ТхайцукАшьхаҿы аҽы уақәтәаны умныҟәакәа улбаар, ашьха уҟамызт ауп иаанаго.
Риҵеи Ауадҳареи аԥсшьара - Sputnik Аҧсны
14/16
Ашьхаҿы аҽы уақәтәаны умныҟәакәа улбаар, ашьха уҟамызт ауп иаанаго.
© Sputnik / Томас ТхайцукУбасҵәҟьа амца еиқәҵаны уҽҳәамтәакәа ауам.
Риҵеи Ауадҳареи аԥсшьара - Sputnik Аҧсны
15/16
Убасҵәҟьа амца еиқәҵаны уҽҳәамтәакәа ауам.
© Sputnik / Томас ТхайцукАжәакала, Ауадҳара - ухы, угәы, уцәаҩала уԥсы ахьушьо, џьара ҿкык сыхьп ҳәа уахьацәымшәо ҭыԥуп.
Риҵеи Ауадҳареи аԥсшьара - Sputnik Аҧсны
16/16
Ажәакала, Ауадҳара - ухы, угәы, уцәаҩала уԥсы ахьушьо, џьара ҿкык сыхьп ҳәа уахьацәымшәо ҭыԥуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0