Алаҭаҷаҷа, алгажә: "амхурсҭа аҳкәажә" аҭагалара

Анапаҵаҩра
Аџьықәреи акультура Аԥсны иаланагалеит XVIII ашәышықәса анҵәамҭазы. Уи иаԥсахит уи аԥхьа ирааӡоз аши (ашырӡи) ахәыӡи. Аԥсны иаадрыхуа аџьықәреи ҩ-хкыкны иҟоуп: алаҭаҷаҷа, алгажә.

Аџьықәреи акультура Аԥсны иаланагалеит XVIII ашәышықәса анҵәамҭазы. Аџьықәреи алаҵара иалагоит лаҵарамзазы, анаҩсан идрашәоит, аҿыхра иалагоит ҭагалан, ибзианы инҩалак.

Аԥсны ақыҭанхамҩатә культураҿы аџьықәреи актәи аҭыԥ ааннакылоит. Уи иалҵуа ашылала ируа абысҭа аԥсуа ичыс хада - агәыхә - ауп. Уи анаҩсгьы аԥш аҵәы иахаҵаны иӡны, ма ижәны ирфоит. Ашыла мгьал агьама акәзар, акы иаламҩашьо иҟоуп. Иара убас ашыла ахархәара арҭоит егьырҭ афатә хкқәа рҟынгьы. Аџьықәреи анҭаргалалак ашьҭахь аԥҳә арахә рзы аӡын хәы ҳәа ирҵәахуеит.  Аџьықәреи ахаҭа цәырҳәны аца иҭарыԥсоит.

2020 шықәса жьҭаара анҵәамҭазы Аԥсны иҭаргалахьеит 17,7 нызқь тонна аџьықәреи.

Аҟәа араион аҿы аурақәа рзеиԥш хышәаҵышәа – 110 гектар, Гәылрыԥшь араион – 600 гектар,  Очамчыра араион – 3,5 нызқь гектар,  Тҟәарчал араион– 950 гектар,  Гал араион – 2,5 нызқь гектар.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны ақыҭанхамҩатә культураҿы аџьықәреи актәи аҭыԥ ааннакылоит.
Аԥсны ақыҭанхамҩатә культураҿы аџьықәреи актәи аҭыԥ ааннакылоит. - Sputnik Аҧсны
1/12
Аԥсны ақыҭанхамҩатә культураҿы аџьықәреи актәи аҭыԥ ааннакылоит.
© Sputnik / Томас ТхайцукУи иалҵуа ашылала ируа абысҭа аԥсуа ичыс хада - агәыхә - ауп. Уи анаҩсгьы аԥш аҵәы иахаҵаны иӡны, ма ижәны ирфоит.
Уи иалҵуа ашылала ируа абысҭа аԥсуа ичыс хада - агәыхә - ауп. Уи анаҩсгьы аԥш аҵәы иахаҵаны иӡны, ма ижәны ирфоит. - Sputnik Аҧсны
2/12
Уи иалҵуа ашылала ируа абысҭа аԥсуа ичыс хада - агәыхә - ауп. Уи анаҩсгьы аԥш аҵәы иахаҵаны иӡны, ма ижәны ирфоит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАџьықәреи алаҵара иалагоит лаҵарамзазы, анаҩсан идрашәоит, аҿыхра иалагоит ҭагалан, ибзианы инҩалак.
Аџьықәреи алаҵара иалагоит лаҵарамзазы, анаҩсан идрашәоит, аҿыхра иалагоит ҭагалан, ибзианы инҩалак. - Sputnik Аҧсны
3/12
Аџьықәреи алаҵара иалагоит лаҵарамзазы, анаҩсан идрашәоит, аҿыхра иалагоит ҭагалан, ибзианы инҩалак.
© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны абысҭа аџьыкхыш амҭакәа ируеит. Аиҳарак ашыла шкәакәа иалырхуеит (иҟоуп ашыла ҩежь ала ианыруагьы). Аишәаҟны реиҳа ихадоу гәыхәуп.
Аԥсны абысҭа аџьыкхыш амҭакәа ируеит. Аиҳарак ашыла шкәакәа иалырхуеит (иҟоуп ашыла ҩежь ала ианыруагьы). Аишәаҟны реиҳа ихадоу гәыхәуп. - Sputnik Аҧсны
4/12
Аԥсны абысҭа аџьыкхыш амҭакәа ируеит. Аиҳарак ашыла шкәакәа иалырхуеит (иҟоуп ашыла ҩежь ала ианыруагьы). Аишәаҟны реиҳа ихадоу гәыхәуп.
© Sputnik Аџьықәреи иалху ашыла, ишдыру еиԥш, ашьақар, акрахмал, авитамин В1 алоуп. Иара ирласны иухаҳауа акакәны ишьоуп.
Аџьықәреи иалху ашыла, ишдыру еиԥш, ашьақар, акрахмал, авитамин В1 алоуп. Иара ирласны иухаҳауа акакәны ишьоуп. - Sputnik Аҧсны
5/12
Аџьықәреи иалху ашыла, ишдыру еиԥш, ашьақар, акрахмал, авитамин В1 алоуп. Иара ирласны иухаҳауа акакәны ишьоуп.
© Sputnik / Томас ТхайцукАџьықәреи ахаҭа цәырҳәны аца иҭарыԥсоит.
Аџьықәреи ахаҭа цәырҳәны аца иҭарыԥсоит. - Sputnik Аҧсны
6/12
Аџьықәреи ахаҭа цәырҳәны аца иҭарыԥсоит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАџьықәреи ахаҭа цәырҳәны аца иҭарыԥсоит.
Аџьықәреи ахаҭа цәырҳәны аца иҭарыԥсоит. - Sputnik Аҧсны
7/12
Аџьықәреи ахаҭа цәырҳәны аца иҭарыԥсоит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАџьықәреиҿыхра ианаамҭоу аҭаацәа зегьы еицхыраауеит.
Аџьықәреиҿыхра ианаамҭоу аҭаацәа зегьы еицхыраауеит. - Sputnik Аҧсны
8/12
Аџьықәреиҿыхра ианаамҭоу аҭаацәа зегьы еицхыраауеит.
© SputnikАџьықәреи анҭаргалалак ашьҭахь аԥҳә арахә рзы аӡын хәы ҳәа ирҵәахуеит.
Аџьықәреи анҭаргалалак ашьҭахь аԥҳә арахә рзы аӡын хәы ҳәа ирҵәахуеит.
 - Sputnik Аҧсны
9/12
Аџьықәреи анҭаргалалак ашьҭахь аԥҳә арахә рзы аӡын хәы ҳәа ирҵәахуеит.
© Sputnik / Томас Тхайцук"Амхурсҭа аҳкәажә" ҳәа ззырҳәо аџьықәреи аарыхны ацаҟынӡа анагаразы, шаҟа цьабаа аҭахыузеи? Адгьыл ацәаӷәара, алаҵара, арашәара, аҭагалара уҳәа.
Амхурсҭа аҳкәажә ҳәа ззырҳәо аџьықәреи аарыхны ацаҟынӡа анагаразы, шаҟа цьабаа аҭахыузеи? Адгьыл ацәаӷәара, алаҵара, арашәара, аҭагалара уҳәа. - Sputnik Аҧсны
10/12
"Амхурсҭа аҳкәажә" ҳәа ззырҳәо аџьықәреи аарыхны ацаҟынӡа анагаразы, шаҟа цьабаа аҭахыузеи? Адгьыл ацәаӷәара, алаҵара, арашәара, аҭагалара уҳәа.
© Sputnik / Томас ТхайцукАџьықәреи Аԥсны аарыхра иалагеижьҭеи рацәак ҵуам. Уаанӡа иаадрыхуаз ашыи, ахәыӡи — аџьықәреи иаԥсахит.
Аџьықәреи Аԥсны аарыхра иалагеижьҭеи рацәак ҵуам. Уаанӡа иаадрыхуаз ашыи, ахәыӡи — аџьықәреи иаԥсахит. - Sputnik Аҧсны
11/12
Аџьықәреи Аԥсны аарыхра иалагеижьҭеи рацәак ҵуам. Уаанӡа иаадрыхуаз ашыи, ахәыӡи — аџьықәреи иаԥсахит.
© Sputnik / Томас ТхайцукСынтәа аџьықәреи аҭагаларазы Аԥсны араионқәа арекордқәа шыҟарҵаз азгәарҭоит.
Сынтәа аџьықәреи аҭагаларазы Аԥсны араионқәа арекордқәа шыҟарҵаз азгәарҭоит. - Sputnik Аҧсны
12/12
Сынтәа аџьықәреи аҭагаларазы Аԥсны араионқәа арекордқәа шыҟарҵаз азгәарҭоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0