Аԥсни акоронавируси: COVID-19 ҳалалеижьҭеи шықәсык шаҳхаагаз

Анапаҵаҩра
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 13576-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 13070-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 216-ҩык.

Мшаԥымза 7, 2020 шықәса рзы Аԥсны иаарԥшын раԥхьатәи акоронавирустә хҭыс, аха аҿкы аҽацәыхьчаратә ԥҟарақәа уи аԥхьагьы иалагалан. Хәажәкырамзазы иаԥҵан аоперативтә штаб, иалагалан раԥхьатәи аԥкрақәа. Ауаа рацәа реизарақәа ԥкын, ачарақәа рымҩаԥгара аанкылан, ашколқәеи, атеатрқәеи, акрыфарҭақәеи аркын.

Иахьазы аҿкычымазара аиқәтәара иаҿуп, атәылаҟны иалагалоу аԥкрақәа реиҳарак рԥсыҽуп. Иаартуп ашколқәа, ахәыҷбаҳчақәа, атеатрқәа, акаҳуажәырҭақәа, аус ауеит ауаажәларратә транспорт.

Макьаназы ачарақәеи амассатә уснагӡатәқәеи рымҩаԥгаразы аԥкрақәа амч рымоуп.

© Sputnik / Акоп Кущян Акоронавирус Гал инхо ауаҩы ианидырбала, ақалақь уахьналало акоронавирус аламырҵәараз идыргылеит амилициа апост.
Акоронавирус Гал инхо ауаҩы ианидырбала, ақалақь уахьналало акоронавирус аламырҵәараз идыргылеит амилициа апост. - Sputnik Аҧсны
1/34
Акоронавирус Гал инхо ауаҩы ианидырбала, ақалақь уахьналало акоронавирус аламырҵәараз идыргылеит амилициа апост.
© Sputnik / Томас ТхайцукАмилициа аусзуҩцәа ииасуа амашьынақәа зегьы аанкыланы игәарҭон.
Амилициа аусзуҩцәа ииасуа амашьынақәа зегьы аанкыланы игәарҭон. - Sputnik Аҧсны
2/34
Амилициа аусзуҩцәа ииасуа амашьынақәа зегьы аанкыланы игәарҭон.
© Sputnik / Томас ТхайцукАмилициаа аус рыцыруан амедусзуҩцәа - урҭ амашьынарныҟәцаҩцәеи апассаџьырцәеи ршоура ршәон, рҭагылазаашьа гәарҭон.
Амилициаа аус рыцыруан амедусзуҩцәа - урҭ амашьынарныҟәцаҩцәеи апассаџьырцәеи ршоура ршәон, рҭагылазаашьа гәарҭон. - Sputnik Аҧсны
3/34
Амилициаа аус рыцыруан амедусзуҩцәа - урҭ амашьынарныҟәцаҩцәеи апассаџьырцәеи ршоура ршәон, рҭагылазаашьа гәарҭон.
© Sputnik / Томас ТхайцукАкоронавирустә ԥкрақәа рыламҭалаз Аԥсны имҩаԥысуан атәыла ахадарахьы алхрақәа.
Акоронавирустә ԥкрақәа рыламҭалаз Аԥсны имҩаԥысуан атәыла ахадарахьы алхрақәа. - Sputnik Аҧсны
4/34
Акоронавирустә ԥкрақәа рыламҭалаз Аԥсны имҩаԥысуан атәыла ахадарахьы алхрақәа.
© Sputnik / Томас ТхайцукАри афото аҿы - акоронавирус иахҟьаны акарантин аналагалаз раԥхьатәи амш ауп.
Ари афото аҿы - акоронавирус иахҟьаны акарантин аналагалаз раԥхьатәи амш ауп. - Sputnik Аҧсны
5/34
Ари афото аҿы - акоронавирус иахҟьаны акарантин аналагалаз раԥхьатәи амш ауп.
© Sputnik / Томас ТхайцукАуаа аҭагылазаашьа иацәшәаны, адәахьы идәылҵуамызт, излалшоз ала рҽыԥхьаркуан.
Ауаа аҭагылазаашьа иацәшәаны, адәахьы идәылҵуамызт, излалшоз ала рҽыԥхьаркуан. - Sputnik Аҧсны
6/34
Ауаа аҭагылазаашьа иацәшәаны, адәахьы идәылҵуамызт, излалшоз ала рҽыԥхьаркуан.
© Sputnik / Томас ТхайцукАԥкрақәа рыԥҟарақәа инарықәыршәаны, ауаажәларратә ҭыԥқәа рҟны хымԥада асабрада рҿарҵалар акәын.
Аԥкрақәа рыԥҟарақәа инарықәыршәаны, ауаажәларратә ҭыԥқәа рҟны хымԥада асабрада рҿарҵалар ауп. - Sputnik Аҧсны
7/34
Аԥкрақәа рыԥҟарақәа инарықәыршәаны, ауаажәларратә ҭыԥқәа рҟны хымԥада асабрада рҿарҵалар акәын.
© Sputnik / Томас ТхайцукАуаа ирабжьыргон уаҳа ԥсыхәа ахьыҟам ада џьаргьы имцаларц.
Ауаа ирабжьыргон уаҳа ԥсыхәа ахьыҟам ада џьаргьы имцаларц. - Sputnik Аҧсны
8/34
Ауаа ирабжьыргон уаҳа ԥсыхәа ахьыҟам ада џьаргьы имцаларц.
© Sputnik / Томас ТхайцукАҳәаа аркра иахҟьаны афатә-ажәтә азы аиҵахарақәа ҟалар ҳәа ишәаны, ауаа изларылшоз ала ирацәаны аахәатәқәа ҟарҵон.
Аҳәаа аркра иахҟьаны афатә-ажәтә азы аиҵахарақәа ҟалар ҳәа ишәаны, ауаа изларылшоз ала ирацәаны аахәатәқәа ҟарҵон. - Sputnik Аҧсны
9/34
Аҳәаа аркра иахҟьаны афатә-ажәтә азы аиҵахарақәа ҟалар ҳәа ишәаны, ауаа изларылшоз ала ирацәаны аахәатәқәа ҟарҵон.
© Sputnik / Томас ТхайцукАџьармыкьақәа анадыркызгьы аамҭа ыҟан, аха урҭ рыкәша-мыкәша ахәаахәҭра мҩаԥысуан.
Аџьармыкьа анадыркызгьы аамҭа ыҟан, аха ауаа уи акәша-мыкәша ахәаахәҭра мҩаԥысуан. - Sputnik Аҧсны
10/34
Аџьармыкьақәа анадыркызгьы аамҭа ыҟан, аха урҭ рыкәша-мыкәша ахәаахәҭра мҩаԥысуан.
© Sputnik Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хада акоронавирус алаҵәара ианалага, аковид-хәышәтәырҭа аҳасабала аусура иаладыргеит.
Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хада акоронавирус алаҵәара ианалага, аковид-хәышәтәырҭа аҳасабала аусура иаладыргеит. - Sputnik Аҧсны
11/34
Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хада акоронавирус алаҵәара ианалага, аковид-хәышәтәырҭа аҳасабала аусура иаладыргеит.
© Sputnik / Томас ТхайцукУи аусура шымҩаԥысуа агәаҭаразы даҭааны игәеиҭахьан Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа.
Уи аусура шымҩаԥысуа агәаҭаразы даҭааны игәеиҭахьан Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа. - Sputnik Аҧсны
12/34
Уи аусура шымҩаԥысуа агәаҭаразы даҭааны игәеиҭахьан Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа.
© Sputnik / Томас ТхайцукГәдоуҭатәи аковидхәышәтәырҭа аусзуҩцәа хамеигӡарала шықәсынаҟьак аусура иаҿуп аҿкычымазара бааԥс иаҿагыланы.
Гәдоуҭатәи аковидхәышәтәырҭа аусзуҩцәа хамеигӡарала шықәсынаҟьак аусура иаҿуп аҿкычымазара бааԥс иаҿагыланы. - Sputnik Аҧсны
13/34
Гәдоуҭатәи аковидхәышәтәырҭа аусзуҩцәа хамеигӡарала шықәсынаҟьак аусура иаҿуп аҿкычымазара бааԥс иаҿагыланы.
© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны ауаажәларратә ҭыԥқәа рырзҩыдаразы мшаԥымзазы, анаҩс еиҭа жьҭаарамзазы арахь цхыраара иааит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра ахимиатә хьчара аҟәша аусзуҩцәа.
Аԥсны ауаажәларратә ҭыԥқәа рырзҩыдаразы мшаԥымзазы, анаҩс еиҭа жьҭаарамзазы арахь цхыраара иааит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра ахимиатә хьчара аҟәша аусзуҩцәа. - Sputnik Аҧсны
14/34
Аԥсны ауаажәларратә ҭыԥқәа рырзҩыдаразы мшаԥымзазы, анаҩс еиҭа жьҭаарамзазы арахь цхыраара иааит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра ахимиатә хьчара аҟәша аусзуҩцәа.
© Sputnik / Томас ТхайцукДара Аԥсны араионқәа рҟны азеиԥшхархәаратә мҩақәа, аџьармыкьақәа, ахәышәтәырҭақәа, аполиклиникақәа, аҵараиурҭақәа, аусбарҭақәа рҟны арзҩыдаратә усурақәа мҩаԥыргеит.
Дара Аԥсны араионқәа рҟны азеиԥшхархәаратә мҩақәа, аџьармыкьақәа, ахәышәтәырҭақәа, аполиклиникақәа, аҵараиурҭақәа, аусбарҭақәа рҟны арзҩыдаратә усурақәа мҩаԥыргеит. - Sputnik Аҧсны
15/34
Дара Аԥсны араионқәа рҟны азеиԥшхархәаратә мҩақәа, аџьармыкьақәа, ахәышәтәырҭақәа, аполиклиникақәа, аҵараиурҭақәа, аусбарҭақәа рҟны арзҩыдаратә усурақәа мҩаԥыргеит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАхимиатә хьчаразы урыстәылатәи аруаа ареспублика аинфраструктура асоциалтә обиектқәа қәҿиарала рырзҩыдара ахьымҩаԥыргаз азы Аԥсны атәылахьчара аминистрра амедалқәа "Аԥсны аҭынчра аҟазаара адгылара" ази "Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылахьчара аминистрра 25 шықәса ахыҵра" ази рырҭеит.
Ахимиатә хьчаразы урыстәылатәи аруаа ареспублика аинфраструктура асоциалтә обиектқәа қәҿиарала рырзҩыдара ахьымҩаԥыргаз азы Аԥсны атәылахьчара аминистрра амедалқәа Аԥсны аҭынчра аҟазаара адгылара ази Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылахьчара аминистрра 25 шықәса ахыҵра ази рырҭеит. - Sputnik Аҧсны
16/34
Ахимиатә хьчаразы урыстәылатәи аруаа ареспублика аинфраструктура асоциалтә обиектқәа қәҿиарала рырзҩыдара ахьымҩаԥыргаз азы Аԥсны атәылахьчара аминистрра амедалқәа "Аԥсны аҭынчра аҟазаара адгылара" ази "Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылахьчара аминистрра 25 шықәса ахыҵра" ази рырҭеит.
© Sputnik / Томас ТхайцукНанҳәамза алагамҭазы аԥкрақәа дырԥсыҽит, аха уеизгьы, ауаажәларратә ҭыԥқәа рҟны ауаа асабрадақәа уаанӡеиԥш ирҿарҵалар акәын.
Нанҳәамза алагамҭазы аԥкрақәа дырԥсыҽит, аха уеизгьы, ауаажәларратә ҭыԥқәа рҟны ауаа асабрадақәа уаанӡеиԥш ирҿарҵалар акәын. - Sputnik Аҧсны
17/34
Нанҳәамза алагамҭазы аԥкрақәа дырԥсыҽит, аха уеизгьы, ауаажәларратә ҭыԥқәа рҟны ауаа асабрадақәа уаанӡеиԥш ирҿарҵалар акәын.
© Sputnik / Томас ТхайцукИреиҳау аҵараиурҭақәа рҟны аҵаратә процесс иалагеит, аха асанитартә ишьақәыргылаз асанитартә нормақәа ирықәныҟәаны.
Иреиҳау аҵараиурҭақәа рҟны аҵаратә процесс иалагеит, аха асанитартә ишьақәыргылаз асанитартә нормақәа ирықәныҟәаны. - Sputnik Аҧсны
18/34
Иреиҳау аҵараиурҭақәа рҟны аҵаратә процесс иалагеит, аха асанитартә ишьақәыргылаз асанитартә нормақәа ирықәныҟәаны.
© Sputnik / Томас ТхайцукАуаажәлар рыбжьара иҟан асанитартә ԥҟарақәа ирықәныҟәозгьы, урҭ хырҩа рызҭозгьы.
Ауаажәлар рыбжьара иҟан асанитартә ԥҟарақәа ирықәныҟәозгьы, урҭ хырҩа рызҭозгьы. - Sputnik Аҧсны
19/34
Ауаажәлар рыбжьара иҟан асанитартә ԥҟарақәа ирықәныҟәозгьы, урҭ хырҩа рызҭозгьы.
© Sputnik / Томас ТхайцукЕиҳа амода иацныҟәо аҭыԥҳацәа рсабрадақәа рылагьы егьырҭ иаарылукаартә рҽыҟарҵон.
Еиҳа амода иацныҟәо аҭыԥҳацәа рсабрадақәа рылагьы егьырҭ иаарылукаартә рҽыҟарҵон. - Sputnik Аҧсны
20/34
Еиҳа амода иацныҟәо аҭыԥҳацәа рсабрадақәа рылагьы егьырҭ иаарылукаартә рҽыҟарҵон.
© Sputnik / Томас ТхайцукАҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра ауаажәларратә транспорт аҟны акоронавирус аламырҵәаразы иалагалаз аԥҟарақәа ишрықәныҟәоз гәарҭон.
Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра ауаажәларратә транспорт аҟны акоронавирус аламырҵәаразы иалагалаз аԥҟарақәа ишрықәныҟәоз гәарҭон. - Sputnik Аҧсны
21/34
Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра ауаажәларратә транспорт аҟны акоронавирус аламырҵәаразы иалагалаз аԥҟарақәа ишрықәныҟәоз гәарҭон.
© Sputnik / Томас ТхайцукЦәыббрамза аказы Аԥсны ашколқәа ҩба рыда егьырҭ зегьы рышәқәа аадыртит. Есышьыжь ахәыҷқәеи арҵаҩцәеи ршоура ршәон, рҭагылазаашьа гәарҭон.
Цәыббрамза аказы Аԥсны ашколқәа ҩба рыда егьырҭ зегьы рышәқәа аадыртит. Есышьыжь ахәыҷқәеи арҵаҩцәеи ршоура ршәон, рҭагылазаашьа гәарҭон. - Sputnik Аҧсны
22/34
Цәыббрамза аказы Аԥсны ашколқәа ҩба рыда егьырҭ зегьы рышәқәа аадыртит. Есышьыжь ахәыҷқәеи арҵаҩцәеи ршоура ршәон, рҭагылазаашьа гәарҭон.
© Sputnik / Марианна Кубрава Аха акоронавирустә хҭысқәа рхыԥхьаӡара иацло ианалага, арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи ирацәаҩны ианрыдырбала, жьҭаарамзазы ҩаԥхьа ашколқәа аркын, русура излауаз ала аонлаин-режим ахь ииаган.
Аха акоронавирустә хҭысқәа рхыԥхьаӡара иацло ианалага, арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи ирацәаҩны ианрыдырбала, жьҭаарамзазы ҩаԥхьа ашколқәа аркын, русура излауаз ала аонлаин-режим ахь ииаган. - Sputnik Аҧсны
23/34
Аха акоронавирустә хҭысқәа рхыԥхьаӡара иацло ианалага, арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи ирацәаҩны ианрыдырбала, жьҭаарамзазы ҩаԥхьа ашколқәа аркын, русура излауаз ала аонлаин-режим ахь ииаган.
© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны ахәышәтәырҭақәа еихьымӡо ианалага, арахь иааит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра иатәу хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь.
Аԥсны ахәышәтәырҭақәа еихьымӡо ианалага, арахь иааит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра иатәу хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь. - Sputnik Аҧсны
24/34
Аԥсны ахәышәтәырҭақәа еихьымӡо ианалага, арахь иааит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра иатәу хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь.
© Sputnik / Томас ТхайцукИара Аҟәа асасааирҭа "Аиҭар" ашҭаҿи уи аҩнуҵҟеи аусура еиҿыркааит.
Иара Аҟәа асасааирҭа Аиҭар ашҭаҿи уи аҩнуҵҟеи аусура еиҿыркааит. - Sputnik Аҧсны
25/34
Иара Аҟәа асасааирҭа "Аиҭар" ашҭаҿи уи аҩнуҵҟеи аусура еиҿыркааит.
© Sputnik / Томас ТхайцукУрыстәылатәи амобилтә госпиталь Аԥсны иахьынӡаҟаз аамҭа иалагӡаны амбулатор-консультациатә цхыраара рыҭан хнызқьи быжьшәҩык инареиҳаны Аԥсны ауааԥсыра, амбулатортә дкылара рыҭан 3,3 нызқьҩык, астационартә – 450-ҩык рҟынӡа, алабораториаҿ имҩаԥган 5195 ПЦР тест.
Урыстәылатәи амобилтә госпиталь Аԥсны иахьынӡаҟаз аамҭа иалагӡаны амбулатор-консультациатә цхыраара рыҭан хнызқьи быжьшәҩык инареиҳаны Аԥсны ауааԥсыра, амбулатортә дкылара рыҭан 3,3 нызқьҩык, астационартә – 450-ҩык рҟынӡа, алабораториаҿ имҩаԥган 5195 ПЦР тест. - Sputnik Аҧсны
26/34
Урыстәылатәи амобилтә госпиталь Аԥсны иахьынӡаҟаз аамҭа иалагӡаны амбулатор-консультациатә цхыраара рыҭан хнызқьи быжьшәҩык инареиҳаны Аԥсны ауааԥсыра, амбулатортә дкылара рыҭан 3,3 нызқьҩык, астационартә – 450-ҩык рҟынӡа, алабораториаҿ имҩаԥган 5195 ПЦР тест.
© Sputnik / Томас ТхайцукАкоронавирустә ԥкрақәа иаҳа ианыӷәӷәаз аамҭазы ауаажәларратә транспорт аҟынгьы арзҩыдарақәа мҩаԥыргон. Уажәазы ауаа ирабжьгоуп асабрадақәа рхамкәа атранспорт иҭамларц.
Акоронавирустә ԥкрақәа иаҳа ианыӷәӷәаз аамҭазы ауаажәларратә транспорт аҟынгьы арзҩыдарақәа мҩаԥыргон. Уажәазы ауаа ирабжьгоуп асабрадақәа рхамкәа атранспорт иҭамларц. - Sputnik Аҧсны
27/34
Акоронавирустә ԥкрақәа иаҳа ианыӷәӷәаз аамҭазы ауаажәларратә транспорт аҟынгьы арзҩыдарақәа мҩаԥыргон. Уажәазы ауаа ирабжьгоуп асабрадақәа рхамкәа атранспорт иҭамларц.
© Sputnik / Леон Адлейба 2020 шықәса жьҭаарамза инаркны 4-5 мзы аус зымуаз ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи ҩаԥхьа рышәқәа аадыртыртә еиԥш алшара роуит жәабран 15 рзы.
2020 шықәса жьҭаарамза инаркны 4-5 мзы аус зымуаз ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи ҩаԥхьа рышәқәа аадыртыртә еиԥш алшара роуит жәабран 15 рзы. - Sputnik Аҧсны
28/34
2020 шықәса жьҭаарамза инаркны 4-5 мзы аус зымуаз ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи ҩаԥхьа рышәқәа аадыртыртә еиԥш алшара роуит жәабран 15 рзы.
© Sputnik / Леон Адлейба Урҭ реиҳарак русура амшԥҵәақәа шьақәыргыланы еиҿкаауп, ашкол дуқәа рҟны аиҵбыратәи аиҳабыратәи классқәа ҳәа рхатәы мшқәа рзалхуп, асанитартә ԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәоит.
Урҭ реиҳарак русура амшԥҵәақәа шьақәыргыланы еиҿкаауп, ашкол дуқәа рҟны аиҵбыратәи аиҳабыратәи классқәа ҳәа рхатәы мшқәа рзалхуп, асанитартә ԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәоит. - Sputnik Аҧсны
29/34
Урҭ реиҳарак русура амшԥҵәақәа шьақәыргыланы еиҿкаауп, ашкол дуқәа рҟны аиҵбыратәи аиҳабыратәи классқәа ҳәа рхатәы мшқәа рзалхуп, асанитартә ԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәоит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны акоронавирус азы аҭагылазаашьа еиҳа ианҭышәынтәалаха, ачымазцәа рхыԥхьаӡара ианагха, урыстәылатәи амобилтә госпиталь аусура хнаркәшеит.
Аԥсны акоронавирус азы аҭагылазаашьа еиҳа ианҭышәынтәалаха, ачымазцәа рхыԥхьаӡара ианагха, урыстәылатәи амобилтә госпиталь аусура хнаркәшеит. - Sputnik Аҧсны
30/34
Аԥсны акоронавирус азы аҭагылазаашьа еиҳа ианҭышәынтәалаха, ачымазцәа рхыԥхьаӡара ианагха, урыстәылатәи амобилтә госпиталь аусура хнаркәшеит.
© Sputnik / Томас ТхайцукДара руалԥшьа нагӡаны иахьынтәиааз Ставропольтәи атәылаҿацә ахь ихынҳәит.
Дара руалԥшьа нагӡаны иахьынтәиааз Ставропольтәи атәылаҿацә ахь ихынҳәит. - Sputnik Аҧсны
31/34
Дара руалԥшьа нагӡаны иахьынтәиааз Ставропольтәи атәылаҿацә ахь ихынҳәит.
© Sputnik / Леон Адлейба Акоронавирус еиҳарак ззы ишәарҭоу аиҳабыратә абиԥара иаҵанакуа ауаа рхы гәарҭарц, рҭынхацәа реиҷаҳаларц рабжьыргоит.
Акоронавирус еиҳарак ззы ишәарҭоу аиҳабыратә абиԥара иаҵанакуа ауаа рхы гәарҭарц, рҭынхацәа реиҷаҳаларц рабжьыргоит. - Sputnik Аҧсны
32/34
Акоронавирус еиҳарак ззы ишәарҭоу аиҳабыратә абиԥара иаҵанакуа ауаа рхы гәарҭарц, рҭынхацәа реиҷаҳаларц рабжьыргоит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны акоронавирустә ԥкрақәа реиҳарак дырԥсыҽит, акультуратә усбарҭақәа русуразы азин ҟаҵан.
Аԥсны акоронавирустә ԥкрақәа реиҳарак дырԥсыҽит, акультуратә усбарҭақәа русуразы азин ҟаҵан. - Sputnik Аҧсны
33/34
Аԥсны акоронавирустә ԥкрақәа реиҳарак дырԥсыҽит, акультуратә усбарҭақәа русуразы азин ҟаҵан.
© Sputnik / Леон Адлейба Урҭ рахьтә раԥхьа зышәқәа аазыртыз РУСДРАМ ауп.
Урҭ рахьтә раԥхьа зышәқәа аазыртыз РУСДРАМ ауп. - Sputnik Аҧсны
34/34
Урҭ рахьтә раԥхьа зышәқәа аазыртыз РУСДРАМ ауп.
Ажәабжьқәа зегьы
0