Аҭыԥантәи амчрахь: Аԥсны ахаланапхгараҭарахь алхрақәа шымҩаԥысыз

Анапаҵаҩра
Аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарахь алхрақәа мҩаԥысуан амҽыша мшаԥы 11 рзы. Зынӡа абжьыҭара азин рыман 125 нызқьҩык алхыҩцәа, абжьыҭара мҩаԥысуан 161 алхратә ҭыԥ хадақәа рҟны алхырҭатә ҭыԥқәа 198 рҿы.

Иахьатәи алхрақәа реиԥш зеиԥшу бжьынтәуп имҩаԥысуеижьҭеи Аԥсны аҭоурых ҿыц аҿы. Раԥхьаӡа акәны Аҭыԥантәи аизарақәа рахь алхрақәа мҩаԥысит хәажәкыра 14 1998 шықәсазы. Уи ашьҭахь алхрақәа мҩаԥган 2001, 2004, 2007 шықәсқәа рзы, анаҩс адепутатцәа рнапынҵақәа рыҿҳәара иацҵан, ԥшьышықәса ҳәа иҟаҵан, убри аԥҟара инақәыршәаны 2011, 2016 шықәсқәа рзы алхрақәа мҩаԥысит.

2016 шықәсазы Гал араион аламырхәӡакәа лхрақәа мҩаԥысит, избанзар 2014 шықәсазы Гал иқәныхоз реиҳараҩык аԥсуа тәылауаҩра рымхын. Иахьазы уа абжьыҭара азин рымоуп 900-ҩык иреиҵаны алхыҩцәа. Аха уеизгьы ара аҭыԥантәи алхрақәа мҩаԥгатәуп ҳәа рыӡбеит. Убри аан алхыҩцәа ахьмаҷу азы адепутатцәа рхыԥхьаӡарагьы 11-ҩык рҟынӡа иагдырхеит, Аконституциа ишаҳәо ала. Иаԥҵан аҭыԥ хадақәа фба ақыҭақәа рҿы, ақалақь аҿы - хәба.

Зынӡа абжьыҭара азин рыман 125 нызқьҩык алхыҩцәа, абжьыҭара мҩаԥысуан 161 алхратә ҭыԥ хадақәа рҟны алхырҭатә ҭыԥқәа 198 рҿы. Зегь реиҳа алхыҩцәа рацәоуп Аҟәа - 40 нызқьҩык рҟынӡа. 2020 шықәса нанҳәамзазы аҭыԥантәи адепутатцәа ирыӡбеит алхыҩцәа рхыԥхьаӡареи адепутатцәа рхыԥхьаӡара еиҿурԥшуазар, ишеишьашәалам, убри аҟнытә алхырҭатә ҭыԥ хадақәа рхыԥхьаӡара 26 рҟынтәи 19 рҟынӡа иагдырхеит. Иара убас адепутатцәа рхыԥхьаӡара ҩынтә ишозар ауп ҳәагьы ӡбан.

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны имҩаԥысит аҭыԥантәи амчрақәа рахь алхрақәа.
Выборы в органы местного самоуправления 2021 - Sputnik Аҧсны
1/12
Аԥсны имҩаԥысит аҭыԥантәи амчрақәа рахь алхрақәа.
© Sputnik / Томас ТхайцукЗынӡа атәылаҿы абжьыҭара азин рымоуп 125 нызқьҩык алхыҩцәа.
Выборы в органы местного самоуправления 2021 - Sputnik Аҧсны
2/12
Зынӡа атәылаҿы абжьыҭара азин рымоуп 125 нызқьҩык алхыҩцәа.
© Sputnik / Томас ТхайцукАлхыҩцәа шьоукы рхәыҷқәа рыманы абжьыҭара инеиуан.
Выборы в органы местного самоуправления 2021 - Sputnik Аҧсны
3/12
Алхыҩцәа шьоукы рхәыҷқәа рыманы абжьыҭара инеиуан.
© Sputnik / Томас ТхайцукАри ала акәзар, алхырҭахь изнеиз аҽарԥхарц азы акәзар ҟалап.
Выборы в органы местного самоуправления 2021 - Sputnik Аҧсны
4/12
Ари ала акәзар, алхырҭахь изнеиз аҽарԥхарц азы акәзар ҟалап.
© Sputnik / Томас ТхайцукАҳҭнықалақь аҿы алхырҭатә ҭыԥқәа рҿы авидеокамерақәа шьақәыргылан.
Выборы в органы местного самоуправления 2021 - Sputnik Аҧсны
5/12
Аҳҭнықалақь аҿы алхырҭатә ҭыԥқәа рҿы авидеокамерақәа шьақәыргылан.
© Sputnik / Томас ТхайцукАамҭала аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡо Владимир Делба ибжьы аиҭеит.
Выборы в органы местного самоуправления 2021 - Sputnik Аҧсны
6/12
Аамҭала аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡо Владимир Делба ибжьы аиҭеит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАуаа рыбжьы арҭар рылшон 198 алхырҭатә ҭыԥқәа рҿы.
Выборы в органы местного самоуправления 2021 - Sputnik Аҧсны
7/12
Ауаа рыбжьы арҭар рылшон 198 алхырҭатә ҭыԥқәа рҿы.
© Sputnik / Томас ТхайцукЗегь реиҳа алхыҩцәа рацәан аҳҭықалақь Аҟәа – 40 нызқьҩык рҟынӡа, иара убри аан аброуп ауаа зегь реиҳа имаҷны рыбжьы ахьарҭаз.
Выборы в органы местного самоуправления 2021 - Sputnik Аҧсны
8/12
Зегь реиҳа алхыҩцәа рацәан аҳҭықалақь Аҟәа – 40 нызқьҩык рҟынӡа, иара убри аан аброуп ауаа зегь реиҳа имаҷны рыбжьы ахьарҭаз.
© Sputnik / Томас ТхайцукАлхратә комиссиа алахәылацәа аҽыхьчаратә ԥҟарақәа ирықәныҟәоит.
Выборы в органы местного самоуправления 2021 - Sputnik Аҧсны
9/12
Алхратә комиссиа алахәылацәа аҽыхьчаратә ԥҟарақәа ирықәныҟәоит.
© Sputnik / Томас ТхайцукИарбанзаалак алхратә ҭыԥ хада аҟны аӡәгьы дырзалымхыр, ма уа алхрақәа шьақәымгылеит ҳәа ирыԥхьаӡар, аиҭалхрақәа рыларҳәоит.
Выборы в органы местного самоуправления 2021 - Sputnik Аҧсны
10/12
Иарбанзаалак алхратә ҭыԥ хада аҟны аӡәгьы дырзалымхыр, ма уа алхрақәа шьақәымгылеит ҳәа ирыԥхьаӡар, аиҭалхрақәа рыларҳәоит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАиҭалхрақәа ҩымз ирхымгакәа имҩаԥысроуп.
Выборы в органы местного самоуправления 2021 - Sputnik Аҧсны
11/12
Аиҭалхрақәа ҩымз ирхымгакәа имҩаԥысроуп.
© Sputnik / Томас ТхайцукАсааҭ 20:00 рзы алхратә ҭыԥқәа зегьы адыркит, абжьқәа рыԥхьаӡара иалагеит.
Выборы в органы местного самоуправления 2021 подсчет голосов  - Sputnik Аҧсны
12/12
Асааҭ 20:00 рзы алхратә ҭыԥқәа зегьы адыркит, абжьқәа рыԥхьаӡара иалагеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0