Хәышықәса раԥхьа: лаҵара 28 2016 шықәсазы Аԥсны иалагеит ConIFA ала адунеи ачемпионат

Анапаҵаҩра
Ашьапылампыл азы адунеи ачемпионат ConIFA-2016 аан афиналтә хәмарраҿы еиқәшәеит Аԥсни Пенџьаби, хәышықәса раԥхьа - рашәара 5 рзы. Аԥсны аспорттә ԥсҭазаараҿы аҭыԥ ду аанызкылаз ари амш аламҭалаз Sputnik ишәзеизнагеит зегь реиҳа убла хызкуа афотоқәа.

Аԥсны еизгоу акоманда аиааира агеит ConIFA аверсиала ашьапылампыл азы 2016 шықәсазтәи адунеи ачемпионат аан, уи афинал аҟны Пенџьаб акоманда иаиааит 6:5 ҳәа. Убри аан аматч аамҭа хада хыркәшан 1:1 ҳәа, аиааира згаз далкаахеит 11-метратәи апенальтиқәа расраан.

55-тәи аминуҭ аан аԥсуа команда Пенџьаб акоманда ахьчаҩцәа зегьы ирылганы ампыл амбахь ишзахәоз ирышьҭит, аха аҭаршәра рылымшеит, убри ашьҭахьҵәҟьа пенџьабаа аҭак ҟарҵеит - ампыл рыманы аԥсуаа рымба иажәлан, Амар Перваль ҳамба иҭаиршәит. Абасала, атурнир аҿы уаанӡа мпылкгьы зцәымцацыз Аԥсны акоманда актәи ампыл рымба иҭашәеит.

Ахәмарра нҵәаанӡа х-минуҭк шагыз, ҳазегьы ҳаззыԥшыз ахҭыс ҟалеит - Руслан Шьониа Пенџьаб амба ампыл ҭаиршәит.

Иаанхаз аамҭа иалагӡаны акомандақәа уаҳа ампыл ҭадмыршәит, убри азы жәеизаметратәи апенальтиқәа рысрахь ииасит. Ашьапылампыласыҩцәа хәынтә-хәынтә иасит, урҭ рахьтә ԥшьба-ԥшьба ҭадыршәит, анаҩс даҽа акака ҭадыршәыртә алшара рырҭеит, убасҟан ауп аԥсуаа аԥыжәара анырга. Атурнир зегь аан еиԥш, аԥсуа команда амбахьчаҩ Алексеи Бондаренко оумашәа ибзиан дыхәмарит - ҩ-пенальтик ааникылеит.

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны еизгоу акоманда злахәыз афиналтә хәмарра ашьапылампыл абзиабаҩцәа ҽаамҭанык еиԥшымкәа рҽазыҟарҵеит.
На решающую игру турнира болельщики сборной Абхазии подготовились основательно.    - Sputnik Аҧсны
1/17
Аԥсны еизгоу акоманда злахәыз афиналтә хәмарра ашьапылампыл абзиабаҩцәа ҽаамҭанык еиԥшымкәа рҽазыҟарҵеит.
© Sputnik / Томас ТхайцукШьоукы-шьоук рхы-рҿқәа, иара убас рхагәҭқәа аԥсуа бираҟ асахьа рықәҭырхит.
Некоторые разукрашивали свои лица и даже головы в национальный флаг. - Sputnik Аҧсны
2/17
Шьоукы-шьоук рхы-рҿқәа, иара убас рхагәҭқәа аԥсуа бираҟ асахьа рықәҭырхит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАчемпионат афиналтә хәмарраҿы еиқәшәеит Аԥсни Пенџьаби ркомандақәа.
В финальной игре сборная Абхазии встречалась с командой Пенджаба. - Sputnik Аҧсны
3/17
Ачемпионат афиналтә хәмарраҿы еиқәшәеит Аԥсни Пенџьаби ркомандақәа.
© Sputnik / Томас ТхайцукЗынӡа ConIFA ахраҿазы еиндаҭлон адунеи аҵкарқәа зегь рҟынтәи 12 тәыла ркомандақәа.
За кубок ЧМ ConIFA боролись 12 сборных из разных концов света. - Sputnik Аҧсны
4/17
Зынӡа ConIFA ахраҿазы еиндаҭлон адунеи аҵкарқәа зегь рҟынтәи 12 тәыла ркомандақәа.
© Sputnik / Томас ТхайцукАхәмарыҩцәа ыԥаны икәлаауа иаауа ампыл аԥхьа иаанызкыло ҳәа рҽаҿыршьаауеит.
Игроки в прыжке пытаются первыми принять летящий мяч. - Sputnik Аҧсны
5/17
Ахәмарыҩцәа ыԥаны икәлаауа иаауа ампыл аԥхьа иаанызкыло ҳәа рҽаҿыршьаауеит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны еизгоу акоманда азыҟаҵаҩ хада Џьума Кәарацхьелиа ихәмарыҩцәа адҵақәа риҭоит.
Главный тренер сборной Абхазии Джума Кварацхелия дает указания своим игрокам. - Sputnik Аҧсны
6/17
Аԥсны еизгоу акоманда азыҟаҵаҩ хада Џьума Кәарацхьелиа ихәмарыҩцәа адҵақәа риҭоит.
© Sputnik / Илона ХварцкияАхәмарра анҵәамҭазы аԥсуаа иҭадыршәыз ампыл ахәаԥшцәа даара иазыԥшын.
Этого гола поклонники сборной Абхазии ждали практически весь матч.  - Sputnik Аҧсны
7/17
Ахәмарра анҵәамҭазы аԥсуаа иҭадыршәыз ампыл ахәаԥшцәа даара иазыԥшын.
© Sputnik / Томас ТхайцукАбас 87-тәи аминуҭ азы Руслан Шьониа еицлабуаз рымчқәа еиҟареитәит - 1:1.
На 87 минуте Руслан Шония сравнял счет в игре – 1:1.  - Sputnik Аҧсны
8/17
Абас 87-тәи аминуҭ азы Руслан Шьониа еицлабуаз рымчқәа еиҟареитәит - 1:1.
© Sputnik / Томас ТхайцукАԥснытәи еизгоу акоманда абзиабаҩцәа адгылара ӷәӷәа аадырԥшуан.
Болельщики сборной Абхазии неистово поддерживали игроков на поле. - Sputnik Аҧсны
9/17
Аԥснытәи еизгоу акоманда абзиабаҩцәа адгылара ӷәӷәа аадырԥшуан.
© Sputnik / Илона ХварцкияЗегьы иреиҵбыз ахәаԥшцәагьы ремоциақәа рзынкыломызт.
Эмоции не могли сдержать и самые маленькие болельщики.  - Sputnik Аҧсны
10/17
Зегьы иреиҵбыз ахәаԥшцәагьы ремоциақәа рзынкыломызт.
© Sputnik / Илона ХварцкияАбас акоманда ахәмарыҩцәа уи ахҭыс рыдыркылеит.
Так игроки сборной Абхазии отреагировали на победный гол в серии пенальти.  - Sputnik Аҧсны
11/17
Абас акоманда ахәмарыҩцәа уи ахҭыс рыдыркылеит.
© Sputnik / Илона ХварцкияПенџьабаа рыцхәмарра акыр ишыуадаҩызгьы, игәышьҭыхган.
Игра с Пенджабом выдалась тяжелой, но вместе с тем радостной.  - Sputnik Аҧсны
12/17
Пенџьабаа рыцхәмарра акыр ишыуадаҩызгьы, игәышьҭыхган.
© Sputnik / Томас ТхайцукУи ахәылԥаз атрибунақәа зегьы кәапеишәа иҭәын.
На трибунах в этот вечер яблоку негде было упасть. - Sputnik Аҧсны
13/17
Уи ахәылԥаз атрибунақәа зегьы кәапеишәа иҭәын.
© Sputnik / Томас ТхайцукАхәмарыҩцәа ргәырӷьара ҳәаак амамызт.
Радости игроков не было предела. - Sputnik Аҧсны
14/17
Ахәмарыҩцәа ргәырӷьара ҳәаак амамызт.
© Sputnik / Томас ТхайцукConIFA ачемпионат аҟны аиааира згаз рселфи ҭырхуеит.
Селфи победителей ЧМ по футболу ConIFA. - Sputnik Аҧсны
15/17
ConIFA ачемпионат аҟны аиааира згаз рселфи ҭырхуеит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсуа шьапылампыласыҩцәа аҳамҭақәа рыҭара ацеремониаан.
Футболисты на церемонии награждения.  - Sputnik Аҧсны
16/17
Аԥсуа шьапылампыласыҩцәа аҳамҭақәа рыҭара ацеремониаан.
© Sputnik / Илона ХварцкияАчемпионат атрофеи хада аԥсуа шьапылампыласыҩцәа рнапаҿы.
Главный трофей чемпионата в руках победителей. - Sputnik Аҧсны
17/17
Ачемпионат атрофеи хада аԥсуа шьапылампыласыҩцәа рнапаҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0