Зашҭа џьанаҭ иеиԥшу: Ельмира Ҭаркьылԥҳа аҵиаақәа нап шрыдылкыло

Анапаҵаҩра
Ҩажәижәаба шықәса инареиҳаны иҵуеит Гагра араион Бзыԥҭа ақыҭан Ельмира Ҭаркьылԥҳа аландшафттә дизаин лнапы алакуижьҭеи, лара илааӡоит хкы рацәала аҵлақәеи ашәҭқәеи.

Ҩыџьа аԥҳацәеи ԥаки ран, быжьҩык амаҭацәа ранду Ельмира Ҭаркьылԥҳа Бзыԥҭа ақыҭан лашҭа-лгәара ус баша-маша ицқьаны мацара акәым дшазнеиуа, ара иҭагылоу аҵиаақәа ҷыдала ихырффаны, еиуеиԥшым аформақәа рыҭаны аландшафттә дизаин ԥшӡа аԥылҵоит.

Ара иуԥылоит 50 хкы инареиҳаны аҵлақәеи ашәҭқәеи, урҭ рахьтә 30 инаркны 50 шықәсанӡа зхыҵуагьы ыҟоуп. Зегь реиҳа лгәы азыбылуеит кавказтәи ашыц, уи акыр шықәса раԥхьа лара Аӡиа иаҵәа азааигәара илыԥшааит. Усҟан иара ахаҳә ахьлеиз иахҟьаны иҟәаҟәан иахькажьыз лбан, ирыцҳашьаны, адацқәа аҩныҟа иааганы еиҭалҳаит, нап адкыланы илааӡеит. 

Убри ашьҭахь лара ашыцҵлақәа акымкәа-ҩбамкәа еиҭалҳаит, ус иагьыҟалеит, Аԥсны ашыц еиҳарак ықәызхыз аԥарԥалыкь мцаԥшь Ельмира лашҭаҿы игылаз ашыц ԥырхага азамҭеит лара иҟалҵоз ахәышәтәрақәа ирыбзоураны. Рқыҭаҿы лара лҿы мацароуп ашыц ахьеиқәхаз.

Ара иҭагылоу агәырбӷьыҵлақәа рформа уамашәа иубартә иҟоуп. Шьоукы аԥшькәакь аформа рымоуп, даҽа шьоукых гьежьуп, егьырҭ еихагьежьуа ихырффоуп, иара убас абалеринацәа рыҵкқәа ршәушәагьы ҽаџьара игылоуп. Ельмира есышьыжь асааҭ хәба рзы дгыланы урҭ еилылхуеит, имыцхәу амахәқәа рхырффара далагоит. Абарҭ рҩызцәа ашедеврқәа раԥҵаразы шықәсыкгьы азхом.

Абри аҩыза ашҭа, абаҳча рааӡараҿы Ельмира длыцхраауеит лыԥшәма Роман Шармаҭаа, иара убас лҭаца Кристина, хәышықәса зхыҵуа лмаҭа еиҳабы Амина. 

© Sputnik / Томас ТхайцукГагра араион Бзыԥҭа ақыҭан Шармаҭаа рашҭа-ргәара шәҭылеи хкы рацәала иаҵәаралеи иҩычоуп.
Гагра араион Бзыԥҭа ақыҭан Шармаҭаа рашҭа-ргәара шәҭылеи хкы рацәала иаҵәаралеи иҩычоуп.  - Sputnik Аҧсны
1/12
Гагра араион Бзыԥҭа ақыҭан Шармаҭаа рашҭа-ргәара шәҭылеи хкы рацәала иаҵәаралеи иҩычоуп.
© Sputnik / Томас ТхайцукУрҭ рыҩны дарбанзаалак илаԥш адымхалакәа дзавсуам, убас иԥшӡоуп, нап адкылоуп акәша-мыкәша иҟоу аԥсабара.
Урҭ рыҩны дарбанзаалак илаԥш адымхалакәа дзавсуам, убас иԥшӡоуп, нап адкылоуп акәша-мыкәша иҟоу аԥсабара. - Sputnik Аҧсны
2/12
Урҭ рыҩны дарбанзаалак илаԥш адымхалакәа дзавсуам, убас иԥшӡоуп, нап адкылоуп акәша-мыкәша иҟоу аԥсабара.
© Sputnik / Томас ТхайцукАра иҭагылоу агәырбӷьыҵлақәа рформа уамашәа иубартә иҟоуп. Шьоукы аԥшькәакь аформа рымоуп, даҽа шьоукых гьежьуп, егьырҭ еихагьежьуа ихырффоуп, иара убас абалеринацәа рыҵкқәа ршәушәагьы ҽаџьара игылоуп.
Ара иҭагылоу агәырбӷьыҵлақәа рформа уамашәа иубартә иҟоуп. Шьоукы аԥшькәакь аформа рымоуп, даҽа шьоукых гьежьуп, егьырҭ еихагьежьуа ихырффоуп, иара убас абалеринацәа рыҵкқәа ршәушәагьы ҽаџьара игылоуп. - Sputnik Аҧсны
3/12
Ара иҭагылоу агәырбӷьыҵлақәа рформа уамашәа иубартә иҟоуп. Шьоукы аԥшькәакь аформа рымоуп, даҽа шьоукых гьежьуп, егьырҭ еихагьежьуа ихырффоуп, иара убас абалеринацәа рыҵкқәа ршәушәагьы ҽаџьара игылоуп.
© Sputnik / Томас ТхайцукАбри аҩыза аԥшӡара аԥылҵоит анаплакҩы Ельмира Ҭаркьылԥҳа, лара аландшафттә дизаин бзиа илбоит.
Абри аҩыза аԥшӡара аԥылҵоит анаплакҩы Ельмира Ҭаркьылԥҳа, лара аландшафттә дизаин бзиа илбоит. - Sputnik Аҧсны
4/12
Абри аҩыза аԥшӡара аԥылҵоит анаплакҩы Ельмира Ҭаркьылԥҳа, лара аландшафттә дизаин бзиа илбоит.
© Sputnik / Томас ТхайцукЕльмира ашыц лааӡоит. Лара илылшеит шықәсқәак раԥхьа Шәачантәи Аԥсны иқәнагалаз, ашыц аиҳарак ықәызхыз аԥарԥалыкь мцаԥшь лашҭаҿы изызҳауа ари аҵиаа ацәыхьчара.
Ельмира ашыц лааӡоит. Лара илылшеит шықәсқәак раԥхьа Шәачантәи Аԥсны иқәнагалаз, ашыц аиҳарак ықәызхыз аԥарԥалыкь мцаԥшь лашҭаҿы изызҳауа ари аҵиаа ацәыхьчара. - Sputnik Аҧсны
5/12
Ельмира ашыц лааӡоит. Лара илылшеит шықәсқәак раԥхьа Шәачантәи Аԥсны иқәнагалаз, ашыц аиҳарак ықәызхыз аԥарԥалыкь мцаԥшь лашҭаҿы изызҳауа ари аҵиаа ацәыхьчара.
© Sputnik / Томас ТхайцукЕльмира Ҭаркьылԥҳаи Роман Шармаҭааи рмаҭацәа Аминеи Мариеи бзиа ирбоит ашыц чықьқәа ирыбжьагылоу атәарҭа ақәтәара.
Ельмира Ҭаркьылԥҳаи Роман Шармаҭааи рмаҭацәа Аминеи Мариеи бзиа ирбоит ашыц чықьқәа ирыбжьагылоу атәарҭа ақәтәара.  - Sputnik Аҧсны
6/12
Ельмира Ҭаркьылԥҳаи Роман Шармаҭааи рмаҭацәа Аминеи Мариеи бзиа ирбоит ашыц чықьқәа ирыбжьагылоу атәарҭа ақәтәара.
© Sputnik / Томас ТхайцукШармаҭаа рашҭеи рбаҳчаҿи ирызҳауеит 50 хкы инарзынаԥшуа ашәҭқәеи аҵлақәеи.
Шармаҭаа рашҭеи рбаҳчаҿи ирызҳауеит 50 хкы инарзынаԥшуа ашәҭқәеи аҵлақәеи. - Sputnik Аҧсны
7/12
Шармаҭаа рашҭеи рбаҳчаҿи ирызҳауеит 50 хкы инарзынаԥшуа ашәҭқәеи аҵлақәеи.
© Sputnik / Томас ТхайцукАри ашҭаҿы аҭыԥ хада ааннакылоит аслантә пальма ду, уи 50 шықәса раԥхьа ара еиҭалҳахьан Ельмира ланхәа.
Ари ашҭаҿы аҭыԥ хада ааннакылоит аслантә пальма ду, уи 50 шықәса раԥхьа ара еиҭалҳахьан Ельмира ланхәа. - Sputnik Аҧсны
8/12
Ари ашҭаҿы аҭыԥ хада ааннакылоит аслантә пальма ду, уи 50 шықәса раԥхьа ара еиҭалҳахьан Ельмира ланхәа.
© Sputnik / Томас ТхайцукАҭаацәа реиҳабы Роман Шармаҭаа аҵлақәа абылтәхәархьла ихирффоит.
Аҭаацәа реиҳабы Роман Шармаҭаа аҵлақәа абылтәхәархьла ихирффоит. - Sputnik Аҧсны
9/12
Аҭаацәа реиҳабы Роман Шармаҭаа аҵлақәа абылтәхәархьла ихирффоит.
© Sputnik / Томас ТхайцукШармаҭаа рыԥсы ахьыршьои рысасцәагьы атәара бзиа ахьырбои аҭыԥқәа руак.
Шармаҭаа рыԥсы ахьыршьои рысасцәагьы атәара бзиа ахьырбои аҭыԥқәа руак. - Sputnik Аҧсны
10/12
Шармаҭаа рыԥсы ахьыршьои рысасцәагьы атәара бзиа ахьырбои аҭыԥқәа руак.
© Sputnik / Томас ТхайцукАландшафттә дизаин ахь Ельмира Ҭаркьылԥҳа абзиабара лызцәырҵит 35 шықәса раԥхьа лҩызцәа ҳамҭас илырҭаз ашәҟәы "Британиа Ду абаҳчақәа" данаԥхьа ашьҭахь.
Аландшафттә дизаин ахь Ельмира Ҭаркьылԥҳа абзиабара лызцәырҵит 35 шықәса раԥхьа лҩызцәа ҳамҭас илырҭаз ашәҟәы Британиа Ду абаҳчақәа данаԥхьа ашьҭахь. - Sputnik Аҧсны
11/12
Аландшафттә дизаин ахь Ельмира Ҭаркьылԥҳа абзиабара лызцәырҵит 35 шықәса раԥхьа лҩызцәа ҳамҭас илырҭаз ашәҟәы "Британиа Ду абаҳчақәа" данаԥхьа ашьҭахь.
© Sputnik / Томас ТхайцукЕльмира илҭахуп лара иаԥылҵаз абаҳчақәа акыр шықәса ишәҭларц, икакаҷларц, лара лмаҭа-шьмаҭацәагьы урҭ ирхылаԥшларц.
Ельмира илҭахуп лара иаԥылҵаз абаҳчақәа акыр шықәса ишәҭларц, икакаҷларц, лара лмаҭа-шьмаҭацәагьы урҭ ирхылаԥшларц. - Sputnik Аҧсны
12/12
Ельмира илҭахуп лара иаԥылҵаз абаҳчақәа акыр шықәса ишәҭларц, икакаҷларц, лара лмаҭа-шьмаҭацәагьы урҭ ирхылаԥшларц.
Ажәабжьқәа зегьы
0