Тҟәарчал: агортензиақәа рџьанаҭ дгьыл

Анапаҵаҩра
Sputnik афотокорреспондент хықәкыла Ҭҟәарчал даҭааит, уажәааны уаҟа ишәҭуа иблахкыгоу агортензиақәа рҭыхра дахьӡарц.

Тҟәарчал араион изызҳауа агортензиақәа иахьа ауаарацәа зҭаауа аҭыԥԥшӡарақәа ируакуп. Аҟармаратәи аӡхыҽҽахь уҩазго амҩа инаваршәны изызҳауа арҭ иршанхагоу ашәҭқәа еиҳарак аиаҵәеи, ажәҩанԥшшәи, ацәаԥшьи аԥшшәқәа роуп. Уарла-шәарла иуԥылоит алила аԥшшәы змоу. Ацәаакыра бзиа избо агортензиашәҭқәа амра рҭахӡам. Убри азы акәхап, лассы-ласс ақәа ахьауа, ишәшьу Тҟәарчал изрызҳауа. Дара шәҭуеит ԥхынгәымза инаркны жьҭаарамзанӡа.

Есԥхынра Тҟәарчалҟа иаауеит хыԥхьаӡара рацәала аԥсшьаҩцәа реиԥш аҭыԥантәи ауааԥсырагь, арҭ ашәҭқәа ирыдгыланы рсахьақәа ҭырхырц.

Ашәҭқәа рҿыхра ҟалаӡом, иҿызхыз ахараԥса иршәахоит ҳәа иахьабалак адҩыларақәа кыдуп. Аԥсшьаҩцәа уи азгәаҭаны рызхара ашәҭқәа ирхылҵуа рыфҩы хаа нылбааданы, Тҟәарчалтәи аԥсабара ргәаҵаҿ иаанхарцаз рфотосахьақәа ҭыхны ицоит.

Абас ала, агортензиақәа рџьанаҭ дгьыл Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра Тҟәарчал ианнаҵаз ахәрақәа хьанарԥссоит.

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥхынра шааизашәа Тҟәарчал шәҭышла иҭалаҳауеит.
Аԥхынра шааизашәа Тҟәарчал шәҭышла иҭалаҳауеит. - Sputnik Аҧсны
1/11
Аԥхынра шааизашәа Тҟәарчал шәҭышла иҭалаҳауеит.
© Sputnik / Томас ТхайцукИахьабалак ԥшшәырацәала ишәҭуа агортензиақәа Тҟәарчал заҵәык ауп ас ирацәаны иахьразҳауа.
Иахьабалак ԥшшәырацәала ишәҭуа агортензиақәа Тҟәарчал заҵәык ауп ас ирацәаны иахьразҳауа. - Sputnik Аҧсны
2/11
Иахьабалак ԥшшәырацәала ишәҭуа агортензиақәа Тҟәарчал заҵәык ауп ас ирацәаны иахьразҳауа.
© Sputnik / Томас ТхайцукУла зыргәырӷьо ари аџьанаҭ ашьхыцқәагь ирыԥсықәроуп.
Ула зыргәырӷьо ари аџьанаҭ ашьхыцқәагь ирыԥсықәроуп. - Sputnik Аҧсны
3/11
Ула зыргәырӷьо ари аџьанаҭ ашьхыцқәагь ирыԥсықәроуп.
© Sputnik / Томас ТхайцукSputnik акорреспондент Асмаҭ Ҵәыџьԥҳагь ари аԥшӡара дзаҩымсит, аҭыԥҳацәа зегь реиԥш ашәҭқәа рыгәҭа лфото ҭылхит.
Sputnik акорреспондент Асмаҭ Ҵәыџьԥҳагь ари аԥшӡара дзаҩымсит, аҭыԥҳацәа зегь реиԥш ашәҭқәа рыгәҭа лфото ҭылхит. - Sputnik Аҧсны
4/11
Sputnik акорреспондент Асмаҭ Ҵәыџьԥҳагь ари аԥшӡара дзаҩымсит, аҭыԥҳацәа зегь реиԥш ашәҭқәа рыгәҭа лфото ҭылхит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАиаҵәара зҭалаҳау ашьха ӡыхьқәа рхықәан агортензиашәҭқәа рызҳара - асахьаҭыхыҩ игәазыҳәароуп.
Аиаҵәара зҭалаҳау ашьха ӡыхьқәа рхықәан агортензиашәҭқәа рызҳара - асахьаҭыхыҩ игәазыҳәароуп. - Sputnik Аҧсны
5/11
Аиаҵәара зҭалаҳау ашьха ӡыхьқәа рхықәан агортензиашәҭқәа рызҳара - асахьаҭыхыҩ игәазыҳәароуп.
© Sputnik / Томас ТхайцукИгәыгәҭажьу Аҟармаратәи абаҟақәагьы агортензиақәа рхыкәыршоуп.
Игәыгәҭажьу Аҟармаратәи абаҟақәагьы агортензиақәа рхыкәыршоуп. - Sputnik Аҧсны
6/11
Игәыгәҭажьу Аҟармаратәи абаҟақәагьы агортензиақәа рхыкәыршоуп.
© Sputnik / Томас ТхайцукЕсԥхынра агортензиашәҭқәа рбаразы Тҟәарчалҟа иаауеит хыԥхьаӡара рацәала аԥсшьаҩцәа.
Есԥхынра агортензиашәҭқәа рбаразы Тҟәарчалҟа иаауеит хыԥхьаӡара рацәала аԥсшьаҩцәа.  - Sputnik Аҧсны
7/11
Есԥхынра агортензиашәҭқәа рбаразы Тҟәарчалҟа иаауеит хыԥхьаӡара рацәала аԥсшьаҩцәа.
© Sputnik / Томас ТхайцукАҟармаратәи аӡхыҽҽахьы ихало амҩан иааҭгылоит ашәҭқәа ирыдгыланы рсахьақәа ҭырхырц.
Аҟармаратәи аӡхыҽҽахьы ихало амҩан иааҭгылоит ашәҭқәа ирыдгыланы рсахьақәа ҭырхырц. - Sputnik Аҧсны
8/11
Аҟармаратәи аӡхыҽҽахьы ихало амҩан иааҭгылоит ашәҭқәа ирыдгыланы рсахьақәа ҭырхырц.
© Sputnik / Томас ТхайцукАшәҭқәа рҿыхра ҟалаӡом, иззымчҳакәан иҿызхыз ахараԥса иршәахоит.
Ашәҭқәа рҿыхра ҟалаӡом, иззымчҳакәан иҿызхыз ахараԥса иршәахоит.  - Sputnik Аҧсны
9/11
Ашәҭқәа рҿыхра ҟалаӡом, иззымчҳакәан иҿызхыз ахараԥса иршәахоит.
© Sputnik / Томас ТхайцукИцәаԥшьу агортензиа ҿымхкәан уадгылан усахьа ҭухыр еиҳагьы игәахәароуп.
Ицәаԥшьу агортензиа ҿымхкәан уадгылан усахьа ҭухыр еиҳагьы игәахәароуп. - Sputnik Аҧсны
10/11
Ицәаԥшьу агортензиа ҿымхкәан уадгылан усахьа ҭухыр еиҳагьы игәахәароуп.
© Sputnik / Томас ТхайцукАгортензиақәа мызқәак роуп иахьышәҭуа, убри аҟынтә ҳфотолента иахәаԥшыз, абри аҩыза аԥшӡара шәҽахьыжәгӡарц шәмаашьакәа Тҟәарчалҟа амҩа шәықәла.
Агортензиақәа мызқәак роуп иахьышәҭуа, убри аҟынтә ҳфотолента иахәаԥшыз, абри аҩыза аԥшӡара шәҽахьыжәгӡарц шәмаашьакәа Тҟәарчалҟа амҩа шәықәла.  - Sputnik Аҧсны
11/11
Агортензиақәа мызқәак роуп иахьышәҭуа, убри аҟынтә ҳфотолента иахәаԥшыз, абри аҩыза аԥшӡара шәҽахьыжәгӡарц шәмаашьакәа Тҟәарчалҟа амҩа шәықәла.
Ажәабжьқәа зегьы
0