Рауль Ҳаџьымба Ақәҵара ҿыцқәа инапы рыҵаиҩит

Рауль Ҳаџьымба Ақәҵара ҿыцқәа инапы рыҵаиҩит
Рауль Ҳаџьымба Ақәҵара ҿыцқәа инапы рыҵаиҩит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳәынҭқарра Ахада Аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи, араионқәа рхадацәеи рзы Ақәҵарақәа инапы рыҵаиҩит.

АҞӘА, 29 жьҭ – Спутник Аԥсны.  Иацҵоуп Аԥсны Аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи, араионқәа рхадацәеи рзы Ақәҵара ҿыцқәа рыдкылара.
Рауль Ҳаџьымба инапы зҵаиҩыз Ақәҵарақәа инарықәыршәаны, Аԥсны агәабзиара аминистрс дҟаҵоуп Гоов Андзор Назрун-иԥа. Ашәарҭадаратә хеилак хадас даҭоуп Кьылба Муҳамед Сиҭби-иԥа. Ашәарҭадаратә хеилак аамҭала хадара азызуаз Гарцкиа Автандил Зефик-иԥа, даҽа усурак ахь ииасра инамаданы ихы дақәиҭтәуп.
Ақалақь Пицунда Ахада Арӡынба Беслан Зосим-иԥа  ихы дақәиҭтәуп, Ахада иусқәа рынагӡара идҵоуп Бигәаа Чингис Џьота-иԥа.
Аҟәа араион Ахада Бигәаа Жьужьуна Чагә-иԥҳа иаанылкылоз аҭыԥ аҟынтәи лхы дақәиҭтәуп. Араион Ахада инапынҵақәа рынагӡара идҵоуп Аҩӡба Беслан Шамониа-иԥа.
Очамчира араион аамҭала хадара азызуаз Агрба Михаил Гьаргь-иԥа ихаҭыԥан анапынҵақәа рынагӡара идҵоуп Аҳәба Мирон Беслан-иԥа.

Аԥсны араионқәа рхадацәа рзы Аҳәынҭқарра Ахада инапы зҵаиҩыз Ақәҵарақәа амчра роуеит Апарламент ианышьақәнарӷәӷәалак ашьҭахь.

Ажәабжьқәа зегьы
0