Кореатәи Жәлар-Демократиатә Республика аиадертә еибашьрагьы иазхиоуп

© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраКим Чен Ын. Архивтә фото.
Ким Чен Ын. Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура "Ренхап" адырра иамоу ала, изаамҭанытәу аибашьратә ҽазыҟаҵарақәа раан КНДР анапхгаҩы Ким Чен Ын иҳәеит КНДР аиҳабыра ишырҭахым "алааԥкқәа столк аҿы рыдтәалара".

АҞӘА, 1 жәб – Sputnik. Кореиатәи Жәлар-Демократиатә Республика ахада Ким Чен Ын иҳәеит иахьатәи Еиду Америкатә Штатқәа рнапхгара рацәажәара шиҭахым, иагьышьақәирӷәӷәеит атәыла зегь ишазыхиоу, иаҭаххозар аиадертә еибашьрагьы. Абри атәы аанаҵҳауеит РИА Новости Аладатәи Кореиатәи аинформациатә маҵзура "Рехнап" ажәақәа рыла.

"Рехнап" иамоу адыррақәа рыла, изаамҭанытәу аибашьратә ҽазыҟаҵарақәа раан КНДР анапхгаҩы Ким Чен Ын иҳәеит КНДР аиҳабыра ишырҭахым "алааԥкқәа столк аҿы рыдтәалара".

"Ҳара ҳазхиоуп иарбан еибашьразаалак аҭак аҟаҵара аиадертәгьы налаҵаны", — Ким Чен Ын иажәақәа аанагоит "Рехнап" Аҩада Кореиатәи аинформациатә хархәагақәа ажәақәа рыла.

Уи аԥхьаҟа Америка ахада Барак Обама иуаажәлар ақәиргәыӷхьан Аҩада Кореиа иҟоу арежим шхыбгало ала, уи аҳәамҭа Кореа адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнак "акгьы зқәымыз Обама игәжәажәара" ҳәа азиҳәеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0