Аконгресс Обама иахь ааԥхьара ҟанаҵоит Украинаҟа абџьар ишьҭырц азы

© AP Photo Jacquelyn MartinЗдание Конгресса США в Вашингтоне. Архивное фото.
Здание Конгресса США в Вашингтоне. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Еиду Америкатә Штатқәа рконгресс аҩаша арезолиуциа рыдыркылеит, уи атәыла ахада Барак Обама иахь ааԥхьара ҟанаҵоит аконгресс инаҭо алшара ихы иархәаны Украинаҟа ашьыга бџьар ишьҭырц азы.

АҞӘА, хәжәк 24 – Sputnik. Америкатәи аконгресс ахаҭарнакцәа аҩаша арезолиуциа рыдыркылеит, уи атәыла ахада Барак Обама иабжьнагоит Украинаҟа абџьар ашьҭра. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Арезолиуциа адгаларатә ҟазшьа амоуп, уи адкыларазы рыбжьы рҭиит 346-ҩык азакәанԥҵаҩцәа, иақәшаҳаҭымхеит – 48-ҩык.

Ари адокумент Америка апрезидент Барак Обама иахь ааԥхьара ҟанаҵоит аконгресс инаҭо алшара ихы иархәаны Украинаҟа абџьар ишьҭырц азы.

Азакәанԥҵаҩцәа ргәаанагарала, ирыдыркылаз арезолиуциа, абџьартә цхыраара алшара ҟанаҵоит Украина ажәлар рхьыԥшымра ахьчаразы рылшарақәа еиҳанатәуеит.

Адокумент аҟны инаҵшьны иазгәаҭоуп ихьыԥшым, зхы иақәиҭу Украна Америка аинтересқәа ирықәшәоит ҳәа.

Америка аконгресс алахәылацәа Украина иҟалаз аибашьреи, уи иахҟьаны иҭахаз ауааԥсыреи рзы ахара Кремль иаднаҵоит. Аха убри аамҭазгьы арезолиуциа аиқәыршәаҩцәа ирҳәом Украинатәи ахҵәацәа реиҳараҩык Урыстәыла ишаднакылаз.

"Украина аганахь ала ақәымчра ақәҿаҳамҭыр, рхы рыхьчартә аҭагылазаашьа рымҭакәа аганаҿы ҳгылар, Адунеизегьтәи аҩбатәи аибашьра алҵшәақәа ҳрыцәхьаҵит ауп иаанаго", — иҳәеит арезолиуциа авторцәа руаӡәк Ед Роис.

Адокумент авторцәа даҽаӡәы Елиот Енджел иҳәеит Украина ауаажәлар Америка арбџьарымчқәа ишрықәымгәыӷуа. "Урҭ ирҭаху абџьар ауп, ахыхьчараз", — иҳәеит уи.

Кремль изныкымкәа алаҳәарақәа ҟанаҵахьан Украина аҩнуҵаҟа иҟалаз аибашьра дара шалахәым ала, Украина аполитикатәии аекономикатәии кризис алҵра интересс ишамоу азы.

Ажәабжьқәа зегьы
0