Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҟны Аҳәамҭа ҟарҵеит

© Foto / предоставлено МИД РАМИД РА
МИД РА - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҳәынҭқарреи Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспубликеи рделегациақәа Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҟны иеицаздырхиеит Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рызҵаарақәа рзы Аҳәамҭа.

АҞӘА, ԥхн 2 – Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарреи Аахыҵ Уаԥстәыла Ареспубликеи рделегациақәа Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи азҵаарақәа рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыҟны иеицаздырхиеит Аҳәамҭа ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра.

Женеватәи аиҿцәажәарақәа XXXII араунд аатуеит рашәарамза 30 рзы - Sputnik Аҧсны
Женеватәи аиҿцәажәарақәа XXXII араунд аатуеит рашәарамза 30 рзы

Аԥсни  Аахыҵ Уаԥстәылеи рделегациақәа аҳәамҭа ҟарҵеит, абар ушьҭа акыр шықәса ҵуеит ООН Ассамблеиа хада Қырҭтәыла иаланагало, Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рҟынтәи ахҵәацәеи иалҵны ицаз ахаҿқәеи рганахьала арезолиуциа апроект аднакылоижьҭеи ҳәа. Есышықәса адокумент атекст неиҭаҳәо, Қырҭтәыла адунеитә уаажәларра ирыднагалоит аполитикатә ҟазшьа змоу, иеицаку, апроблема ганкахьалатәи азнеишьа.

"Қырҭтәыла, ООН Ассамблеиа хада еиԥш иҟоу адунеижәларбжьаратә орган аҟны ахҵәацәеи иалҵны ицаз ахаҿқәеи рҭагылазаашьа иадҳәалоу азҵаарақәа рыӡбра еиҳа иеиӷьанашьозар, Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеигьы азин рымоуп ООН аҩныҵҟа абри апроблема алацәажәара. Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи адымгалакәа ахҵәацәа рыкәша-мыкәша аполитикатә хәмаррақәа мҩаԥысуанаҵы, Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны ари апроблема алацәажәара ҵакык аманы иҟам", — ҳәа аҳәоит еицыҟаҵоу Аҳәамҭаҟны.

Аҳәамҭаҟны иарбоуп  2015 шықәса рашәарамзазы, ООН АХ ахь Қырҭтәыла иаланагалаз изаамҭанытәиз арезолиуциа апроект аҟны ишҳәо "Ахҵәацәеи иахыҵны ицаз ахаҿқәеи урҭ ирхылҵызи азин рымоуп Қырҭтәыла аҵакырадгьыл зегь аҟни, Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеигьы абрахь иналаҵаны, ахынҳәра" ҳәа.

"Жәларбжьаратәи аилазаара иадыргалоу арезолиуциа атекст аҟны иалацәажәам арҭ ахҵәацәеи иахыҵны ицаз ахаҿқәеи асеиԥштәи аҭагылазаашьахь иназгаз Қырҭтәыла зхы акыз аибашьрақәа шракәу. Иара убасгьы иҳәам аетникатә рыцқьара иахҟьаны Қырҭтәыла аҵакырадгьыл аҟынтәи ихҵәаны ицаз шәнызқьҩык инареиҳаны ауаԥсаа рҟынтәи зыҩнқәа рахь ахынҳәра зылшаз зынӡа ишмаҷӡоу", — аҳәоит аҳәамҭаҟны.

Арезолиуциа атекст  аҟны иара убасгьы аӡбахә ҳәам Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рнапхгара хатәгәаԥхарала жәанызқьҩыла ақырҭуа хҵәацәа рыҩныҟақәа рахь ахынҳәра азин шрырҭаз ҳәа аҳәоит еицазырхиоу адокумент аҟны.

"Қырҭтәыла иаланагалаз арезолиуциа атекст иҟоу аполитикатә ҭагылазаашьа, хаҭала Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи  ихьыԥшым ҳәынҭқаррақәаны ишыҟоу адымкылара адагьы, иҟоу агуманитартә проблемақәа рыӡбразы аҽазышәарақәа зынӡаск ишыҟанамҵо унарбоит. Абас, шеишықәсала Қырҭтәыла аҳаднагало арезолиуциа  ахҵәацәа рҭагылазаашьа аиӷьтәра залнаршом, уи адагьы Женеватәи аиҿцәажәарақәагьы анырра бааԥс рырҭоит", — ҳәа аҳәоит адокумент аҟны.

Аҳәамҭаҟны ахҵәацәа рыпроблема аӡбра алзыршоны ҳәа иԥхьаӡоу "апропогандатә еффект иазырхоу аҽышәарақәа ракәымкәа амчра ахархәара мап ацәкразы аиқәшаҳаҭроуп. Аҵыхәтәаны – Қырҭтәылеи Ареспубликақәа Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рыбжьара аҭынчратә еиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра".

Қырҭтәыла иаланагалаз Аԥснынтәии Аахыҵ Уаԥстәылантәии ахҵәацәеи иахыҵны ицаз ахаҿқәеи рганахьала арезолиуциа апроект инадҳәаланы ООН АХ арезолиуциа алацәажәараан ҿагыларак аҳасабала Аԥснытәии Аахыҵ Уаԥстәылатәии алахәылацәа аусуратә гәыԥ аанрыжьит.

Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы анаҩстәи изаамҭанытәиу Женеватәи аиҿцәажәарақәа мҩаԥысраны иҟоуп жьҭаара 6-7 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0