Путин дгәыӷуеит асанкциатә политика аԥшьгаҩцәа иара шԥеиԥшдоу рбоит ҳәа

© Sputnik / Alexey Nikolsky / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент РФ Владимир Путин. Архивное фото
Президент РФ Владимир Путин. Архивное фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
ЕАШ Урыстәыла аганахь ала асанкциақәа жәпакы аланагалеит. Путин дақәгәыӷуеит асанкциақәа ԥеиԥш шрымам еилыркаап ҳәа.

АҞӘА, нанҳәа 23 — Sputnik. Владимир Путин дгәыӷуеит ЕАШ аистеблишмент асанкциақәа рполитика ԥеиԥш шамам еилыркаап ҳәа, аганқәа рыҩбагь аиҿыхара ацынхәрас аилацәажәарахь ииасып ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Ара зегь зырҿио Еиду аштатқәа рхада иакәӡам. Зегь зырҿио аистеблишмент роуп. Дара роуп атәыла анапхгарагьы ахылаԥшра азҭо. Сгәыӷуеит дара еилыкка ирбоит ҳәа асанкциатә политика шԥеиԥшдоу. Сгәыӷуеит аганқәа рыҩбагь аиҿыхара ацынхәрас аилацәажәарахь ииасып ҳәа", — иҳәеит Путин финтәи иколлега Саули Ниинистиои иареи реиԥылара ашьҭахь ажурналистцәа данрыҿцәажәоз.

ЕАШ Урыстәыла аганахь ала асанкциақәа жәпакы аланагалеит.

Нанҳәа 8 рзы асанкциа ҿыцқәа алагалан Солсберитәи ахҭысқәа инарыдҳәаланы.

Ажәабжьқәа зегьы
0