Путини Трампи анеиԥыло арыцхә шьақәыргылахеит

© Sputnik / Сергей Гунеев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВстреча президента РФ Владимира Путина и президента США Дональда Трампа в Хельсинки
Встреча президента РФ Владимира Путина и президента США Дональда Трампа в Хельсинки - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Владимир Путини Дональд Трамп амилаҭтә шәарҭадараз ицхырааҩ Џьон Болтони реиԥылараан ишьақәдыргылеит аҩ-тәылак рхадацәа реиԥылара арыцхә.

АҞӘА, жьҭаара 24 — Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путини Америка ахада Дональд Трампи Парижҟа рныҟәараан, абҵара 11 рзы еиԥылараны иҟоуп ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Ҳаиԥылара ҩ-ганктәи инарҭбаау еиԥыларахоит", — ҳәа азгәеиҭеит Урыстәыла ахада ицхырааҩ Иури Ушаков.

Иара иажәақәа рыла, аиҿцәажәара иалахәхоит атәылақәа рыҩба рделегациақәа.

Ушаков иазгәеиҭеит, Болтон иԥылараан ишрылацәажәаз ԥхьаҟатәи аиныррақәа рымҩаԥысра азҵаарақәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0