Небензиа ООН ашәарҭадаратә Хеилак аҿы иколлегацәа аҽыԥныҳәа риҭеит

© Sputnik / Нэнси Сисель / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПостоянный представитель Российской Федерации при Организации Объединённых Наций Василий Небензя выступает на открытом заседании совета безопасности ООН в Нью-Йорке.
Постоянный представитель Российской Федерации при Организации Объединённых Наций Василий Небензя выступает на открытом заседании совета безопасности ООН в Нью-Йорке. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Васили Небензиа ООН ашәарҭадаратә Хеилак аҿы иколлегацәа аҽыԥныҳәа риҭеит Киев анацистцәа рмарш ахьымҩаԥыргои украинатәи амчрақәа рхымҩаԥгашьеи рзы ҽмырба ахьыҟарҵо азы.

АҞӘА, жьҭаара 31 — Sputnik. Иааиԥмырҟьаӡакәа Урыстәыла ахаҭарнакс ООН иҟоу Васили Небензиа Пушкин ицәаҳәақәа ааигеит, Украина имҩаԥысуаз иколлегацәа рхымҩаԥгашьаз аҽыԥныҳәа рыҭауа, ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Аурыс поет дуӡӡа Александр Пушкин абасеиԥш иҟоу ацәаҳәақәа имоуп: "Сара сжьара мариоуп, Схы сжьаларц сҭахуп азы" ҳәа. Урҭ шәара ишәызкушәоуп ишыҟоу" ҳәа иҳәеит иара.

Арҭ ажәақәа рыла иара идеилиркааит дара иҟоу азы ҽмырба зыҟарҵо.

"Шәара аџьынн аԥаҭлыка дыҭшәыжьит, уажәшьҭа ишәҭахызаргьы шьҭахьҟа дышәзыргьыжьӡом", — иҳәеит адипломат.

Ажәабжьқәа зегьы
0