Лавров: Вашингтон адунеи ашәарҭадаратә система ҵнашәаауеит

© Sputnik Табылды Кадырбеков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВизит главы МИД РФ С. Лаврова в Киргизию
Визит главы МИД РФ С. Лаврова в Киргизию - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Еиду Америкатә Штатқәа ганкахьы иадцәыло мацара иааҟәымҵҟакәа адунеижәларбжьаратә шәарҭадара ашьаҭақәа рыҵшәаара иаҿуп ҳәа игәы иаанагоит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр.

АҞӘА, жәабран 5 – Sputnik. Адунеи аҿы иҟоу аибарххарақәа реиҳарак зыхҟьо Еиду Америкатә Штатқәа зхадараҿы игылоу мраҭашәаратәи аҳәынҭқаррақәа жәпакы рхымҩаԥгашьоуп ҳәа иҳәеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров.

Адипломат иажәақәа рыла, Америкеи иара адгылаҩцәеи рҽазыршәоит излалшо ала аԥыжәара амазаара. Убри инадҳәаланы Вашингтон жәларбжьаратәи ашәарҭадареи астратегиатә шьақәгылазаашьеи ҵнашәаауеит.

"Ҳара иаҳбарҭоуп Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра ашьҭахь инаркны иааҟәымҵӡакәа астратегиатә шьақәгылазаашьа аусхк адгылара азҭо аиқәшаҳаҭрақәа шеиларыжьуа", - ҳәа Лавров иажәақәа аанагоит РИА Новости.

Абри азы иҿырԥштәуп ЕАШ ганкахьала абжьаратәи ахарареи ахарара маҷи змоу аракетақәа раԥыхразы аиқәшаҳаҭра алҵра ҳәа иҳәоит аминистр.

ЕАШ ахада Дональд Трамп жәабран 1 азы аҳәамҭа ҟаиҵеит Вашингтон абжьаратәи ахарареи ахарара маҷи змоу аракетақәа раԥыхразы аиқәшаҳаҭра (ДРСМД) иалҵуеит ҳәа. Москва акәзаргьы уи аҭакс аиқәшаҳаҭра аусура аамҭала ишааннакыло атәы аҳәеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0