Аҩадатәи Македониа НАТО иалахәылахеит

Анапаҵаҩра
Атәыла официалла Аҩада-атлантикатәи алианс аинститутқәа русура иалахәхоит, аха макьаназы иааԥхьоу лахәыла-тәылак аҳасаб ала.

АҞӘА, жәабран 6 - Sputnik. Ахаша НАТО аштаб-квартираҿ, Бриуссель атәыла-лахәылацәа рнапы аҵарҩит Аҩадатәи Македониа алианс ишалахәхаз азы аԥкаанҵа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Аҩадатәи  Македониа НАТО 30 алахәыла акәхоит. Уи азы 29 тәыла аԥкаанҵа  аратификациа азыруроуп.

"Аԥкаанҵа анапаҵаҩра иаанартуеит аратификациа апроцесс. Иара ашьҭахь НАТО 30 тәыла-лахәыла рыла ишьақәгылоит, макьаназ иара инаԥхьоу тәылак аҳасаб ала аилатәарақәа ирылахәхоит", - иҳәеит алианс амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг.

Македониа адәныҟатәи аусқәа рминистр Никола Димитров игәҭакуп НАТО атәыла-лахәылацәа рҭаара, аратификациа апроцесс арласразы.

Ажәабжьқәа зегьы
0