Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Габниаԥҳа: Артур Аншба афольклорҭҵаараеи нарҭҭҵаареи иазынижьыз аҭҵаамҭақәа рацәоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукЦира Габния
Цира Габния - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Сынтәа, иԥсы ҭазҭгьы 80 шықәса ихыҵуазаарын аҵарауаҩ ду афольклорҭҵааҩ Артур Аншба. Убри инадҳәаланы имҩаԥысуеит Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа жьҭаарамза 25 рзы.

Аконференциа аиҿкааҩцәа ируаӡәку аҵарауаҩ афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Д. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт афольклор аҟәша аиҳабы Цира Габниаԥҳа далацәажәоит ари аконференциа ахықәкы.

"Хра злоу ахҭысқәа": АИ афольклор аҟәша аиҳабы Цира Габниаԥҳа далацәажәоит жьҭаара 25 рзы имҩаԥысраны иҟоу аконференциа.

"Артур Аншба иԥсҭазараара даналҵуаз 49 шықәса ракәын ихыҵуаз, аха иара аԥсуа фольклорҭҵаара, нарҭҭҵаара иазынижьыз аҭҵаамҭақәа рацәоуп", — лҳәеит Габниаԥҳа.

Цира Габниаԥҳа линтервиу шәаԥхьар ҟалоит абра

Аконференциа ахыркәшамҭазы арезолиуциа рыдыркылоит уаҟа ихадароу пунктқәаны иазгәаҭахоит аԥсуаҭҵааратә институт аҟны афольклор аҟәшеи алитературеи русумҭақәа реиҭаҭыжьра.


Ажәабжьқәа зегьы
0