Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Лиудмила Гәымԥҳа: Оҭар Хәынҵариа аус ицура мариан, сыгәра игон

© Sputnik / Томас ТхайцукЛюдмила Гумба.
Людмила Гумба. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны жәлар рартист Оҭар Хәынҵариа 60-шықәса ихыҵра иазкны агәалашәаратә хәылԥазы мҩаԥыргеит артист иҩызцәа Аҳәынҭқарратә филармониаҟны. Аконцертә ахь имҩахыҵит Оҭар Хәынҵариа иҭаацәа, иҩызцәа, иҵаҩцәа, иара иҟазара пату ақәызҵоз зегьы.

Акомпозитор Оҭар Хәынҵариа ирҿиара дахцәажәо, уи иамаз, акы иаламҩашьоз аҟазшьа дазааҭгылеит Аԥсны жәлар рартистка Лиудмила Гәымԥҳа. Лара лажәақәа рыла Оҭар Хәынҵариа зегь раҵкьыс игәы иҵхоз аԥсуа музикатә рҳәагақәа рыхьчара, реиқәырхара акәын. Артистка лрепертуар аҟны ирацәоуп Оҭар Хәынҵариа иаԥҵамҭақәа.

Аԥсны жәлар рартистка Лиудмила Гәымԥҳа дахцәажәеит акомпозитор Оҭар Хәынҵариеи лареи русеицура

Акомпозитор игәалашәара иазкыз Аҳәынҭқарратә филармониаҿы имҩаԥгаз  агәалашәаратә концерт иалахәын Аԥсны еицырдыруа аестрадатә шәаҳәаҩцәа, урҭ инарыгӡеит акомпозитор иашәақәа, иқәгылеит иара иааԥсара рацәаны изду аколлективқәа. Еизаз зегьы идырбан Оҭар Хәынҵариа ирҿиаратә мҩа атәы зҳәоз анҵамҭа.


Ажәабжьқәа зегьы
0