Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Хьыбла Ҷыҭанааԥҳа: ҳлабороториаҿы ишьҭоуп ҳаамҭазы иуникалтәу аматериалқәа рацәаӡаны

© Sputnik / Томас ТхайцукSputnik Аԥсны арадиостудиа
Sputnik Аԥсны арадиостудиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Дырмит Гәлиа ихьӡ зху аԥсуа ҭҵааратә институт афольклортә лабороториа аиҳабы Хьыбла Ҷыҭанааԥҳа Нонна Ҭхәазԥҳаи лареи реиҿцәажәараан илҳәеит дара рлабороториаҿы ишышьҭоу хәы змаӡам жәлар рҿаԥыц иарҿиаз рдырра, рҟәыӷара, рԥышәа, рлаф, рџьа абзазара иарҿиаз аҳәамҭақәа ҳәа.

"Ҳлабораториаҿы ишьҭоуп ҳаамҭазы иуникалтәу аматериалқәа рацәаӡаны. Аԥсны еиуеиԥшым араионқәа рҿы еизыргаз хәы змаӡам аматериалқәа рзышьҭоуп аԥсуа ҭҵааратә институт афольклортә лабороториаҿы. Урҭ адискқәа ирну ыҟоуп, акассетақәа ирну ыҟоуп, ажәытә бабинақәа ирну иҟоуп", — ҳәа лҳәеит Ҷыҭанааԥҳа.

Медея Ченгелия о профилактике наркомании в образовательных учреждениях Абхазии

Абарҭ зегьы рыхҩылаара, ирну аилкаара рыҭҵаара зегьы алабороториа аусзуҩцәа рнапы иануп. Аха уи хымԥада атехника иадҳәалоуп. 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0