Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Бигәаа: ажәытәан ажьырныҳәа аан ауаса акәын иршьуаз

© Sputnik / Томас ТхайцукАетнолог, аҭоурыхҭҵаарақәа рдоктор, апрофессор Валери Бигәаа
Аетнолог, аҭоурыхҭҵаарақәа рдоктор, апрофессор Валери Бигәаа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуаа рытрадициатә культураҿы ихадоу аныҳәақәа ируаку ажьырныҳәа ахыҵхырҭақәа дрылацәажәеит аетнолог, аҭоурыхҭҵаарақәа рдоктор, апрофессор Валери Бигәаа.

"Ҳара ҳера ҟалаанӡа I азқьышықәса алагамҭазы Аԥсны зехьынџьара аиха цәырҵит. Уи иалырхуа иалагеит еиуеиԥшымыз анхагатә маҭәахәқәа. Ари ҳәарас иаҭахузеи еиҳагьы иарӷәӷәеит акульт", — иҳәеит аҵарауаҩ.

"Хра злоу ахҭысқәа": аетнолог, аҭоурыхҭҵаарақәа рдоктор, апрофессор Валери Бигәаа ажьырныҳәа дахцәажәеит

Валери Бигәаа иажәақәа рыла, аԥсуаа ажьира иамҵаныҳәо есышықәса аџьма зшьуа ыҟоуп, даҽа шьоукы хы-шықәса рыла знык, досу ишрықәу еиԥш. 

Ажәабжьқәа зегьы
0