Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Кәыҵниа: ашәарҭадара иазку аурокқәа рымҩаҧгара азҧхьагәаҭаны иҳамоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукИҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа
Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҧсны иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра ахаҭарнакцәа аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи рзы абылра аҽацәыхьчареи ауаажәларратә шәарҭадара ахьчареи рзы иаарту аурок мҩаҧыргеит, абри атәы иҳәеит арадио Sputnik аҟны Аҧсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа.

"Аҧсны ашколқәа зегьы рҿы мчыбжьык ахь знык ауаажәларратә шәарҭадара ахьчаразы аурокқәа рымҩаҧгара азҧхьагәаҭаны иҳамоуп”, – ҳәа иҳәеит Аҧсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа.

Лев Кәыҵниа дырзааҭгылеит абылра аҽацәыхьчареи ауаажәларратә шәарҭадара ахьчареи рзы аурокқәа

Иара убас, ҳара абылра ацәыхьчаразы иахәҭоу амаҭәахә ала ашколқәа реиқәыршәара ҳазхиоуп, ҳәа ацыиҵеит иара.

Ажәабжьқәа зегьы
0